https://sputnik-abkhazia.info/20240516/mraashara-adunei-akhyrkhararatsat-printsipa-eilanagoit-a-ieit-urystyla-amufti-khada-1051094663.html
Мраҭашәара адунеи ахырхарҭарацәатә принципқәа еиланагоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла амуфти хада
Мраҭашәара адунеи ахырхарҭарацәатә принципқәа еиланагоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла амуфти хада
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik. Ҳазшаз ихаҭа иаԥиҵеит хырхарҭа рацәала еилоу адунеи, убри азы Мраҭашәара егьырҭ ажәларқәа пату ахьрықәнамҵо иаҳхылаԥшу иҳәамҭақәа... 16.05.2024, Sputnik Аҧсны
2024-05-16T14:35+0300
2024-05-16T14:35+0300
2024-05-19T11:32+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
"урыстәыла – аԥсылман дунеи: kazanforum"
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/05/10/1051094772_0:252:2747:1797_1920x0_80_0_0_beea4fec1d284a0bf348be0c9f54decc.jpg
АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik. Ҳазшаз ихаҭа иаԥиҵеит хырхарҭа рацәала еилоу адунеи, убри азы Мраҭашәара егьырҭ ажәларқәа пату ахьрықәнамҵо иаҳхылаԥшу иҳәамҭақәа еиланагоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Аԥсылманцәа рдоуҳатә усбарҭа ацентр ахада, Урыстәыла амуфти хада Талгат Таџьуддин. Амуфти иажәқәа рыла, иахьа адунеи аҿы, Мраҭашәара активла рҽалархәрала аимак ҿыцқәа цәырҵуеит. "Ҳара Мрагылара Ааигәа имҩаԥысуа ахҭысқәа гәыхьла ҳрышьклаԥшуеит. Иаабоит палестинаа заҟа ҳақдарыла ирызнеиуа. Урыстәыла изныкымкәа аимак ҭынчымҩала аилыргара иалацәажәахьеит, аха Мраҭашәара амчрақәа уи усс ирымам", - ҳәа иҳәеит амуфти. Иара убасгьы иазгәеиҭеит, Урыстәыла шазыхиоу мраҭашәаратәи атәылақәа рацәажәара."Аха иазыхиоума Мраҭашәара аконструктивтә еицәажәара, аекстремизми атерроризми рҿагылара? Ҳара ҳахиоуп", - иҳәеит иара. Амуфти дақәгәыӷуеит Ҭаҭарсҭан имҩаԥысуа афорум "Урыстәыла – аԥсылман дунеи: KazanForum" Урыстәылеи аԥсылман дунеии русеицура иацхраап ҳәа."Иахьатәи аамҭазы уи актуалра аҵоуп", - иҳәеит Таџьуддин.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/05/10/1051094772_9:0:2738:2047_1920x0_80_0_0_ce5b89b458795122e1255ea7fec950b1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, "урыстәыла – аԥсылман дунеи: kazanforum"
ажәабжьқәа, "урыстәыла – аԥсылман дунеи: kazanforum"
Мраҭашәара адунеи ахырхарҭарацәатә принципқәа еиланагоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла амуфти хада
14:35 16.05.2024 (ирҿыцуп: 11:32 19.05.2024) АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik. Ҳазшаз ихаҭа иаԥиҵеит хырхарҭа рацәала еилоу адунеи, убри азы Мраҭашәара егьырҭ ажәларқәа пату ахьрықәнамҵо иаҳхылаԥшу иҳәамҭақәа еиланагоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Аԥсылманцәа рдоуҳатә усбарҭа ацентр ахада, Урыстәыла амуфти хада Талгат Таџьуддин.
"Ҳазшаз ихаҭа иаԥиҵеит хырхарҭа рацәала еилоу адунеи. Иарбан милаҭзаалак, иарбан жәларызаалак ари адунеи иахырхарҭоуп. Ажәларқәа зегьы адин анормақәа инарықәыршәаны еимабзиарала инхозароуп. Аха аколлективтә Мраҭашәара егьырҭ ажәларқәа ҽырԥагьарыла ирыхәаԥшуеит, ҳаҭыр рықәырҵом, анормақәеи аԥҟаррақәеи хьаас ирымам. Мраҭашәара егьырҭ ажәларқәа пату ахьрықәнамҵо иаҳхылаԥшу иҳәамҭақәа еиланагоит. Ари ҟалашьа змам ауп", - ҳәа иҳәоит Таџьуддин, Казан имҩаԥысуа афорум аҟны.
Амуфти иажәқәа рыла, иахьа адунеи аҿы, Мраҭашәара активла рҽалархәрала аимак ҿыцқәа цәырҵуеит.
"Ҳара Мрагылара Ааигәа имҩаԥысуа ахҭысқәа гәыхьла ҳрышьклаԥшуеит. Иаабоит палестинаа заҟа ҳақдарыла ирызнеиуа. Урыстәыла изныкымкәа аимак ҭынчымҩала аилыргара иалацәажәахьеит, аха Мраҭашәара амчрақәа уи усс ирымам", - ҳәа иҳәеит амуфти.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит, Урыстәыла шазыхиоу мраҭашәаратәи атәылақәа рацәажәара.
"Аха иазыхиоума Мраҭашәара аконструктивтә еицәажәара, аекстремизми атерроризми рҿагылара? Ҳара ҳахиоуп", - иҳәеит иара.
Амуфти дақәгәыӷуеит Ҭаҭарсҭан имҩаԥысуа афорум "Урыстәыла – аԥсылман дунеи: KazanForum" Урыстәылеи аԥсылман дунеии русеицура иацхраап ҳәа.
"Иахьатәи аамҭазы уи актуалра аҵоуп", - иҳәеит Таџьуддин.