Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агәаҟраԥсра здызкылаз Иаса Қьырса иҵаҩы: ацқьа Симон Канатәи игәаларшәара амш

© Sputnik / Томас Тхайцук Дорожка и ущелье к гроту Симона Кананита
Дорожка и ущелье к гроту Симона Кананита  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2024
Анапаҵаҩра
Иаса Қьырса ицҳаражәҳәаҩцәа ируаӡәкыз, агәаҟраԥсра здызкылаз Ацқьа Симон Канатәи игәалашәара амш ҳреспубликаҿы есышықәса иазгәарҭоит лаҵара 23 рзы. 2013 шықәсазы атәылаҿ ирылаҳәан ари арыцхә иныҳәатә ԥсшьарамшны.
АҞӘА, лаҵара 23 - Sputnik. Лаҵара 23 рзы Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама иазгәанаҭоит Амшаԥныҳәа анаҩс ихадоу ҳәа ирԥхьаӡо Симон Канатәи игәаларшәара амш.
Аныҳәа аҳаҭыр азы, ҳтәыла ауахәамақәа рыҟны имҩаԥысуеит Анцәа имҵаныҳәара.
Абиблиаҿы иаҳԥыло аҳәамҭақәа изларҳәо ала, заԥхьаҟа ицҳаражәҳәаҩхараны иҟаз Симон Галилеиатәи Канаҿы имҩаԥысуаз ичараан Иаса Қьырса инаигӡеит раԥхьатәи анашана - аӡы ҩны иааҟаиҵеит. Абри ахҭыс Симон наҟ-наҟтәи иԥсҭазаара шьаҭанкыла иаԥсахит, иара Иаса Қьырса иџьашьахәра хаҵаны иҵаҩцәа 12 дыруаӡәкхеит. Иаса Қьырса ажәҩан ахь данхалаз ашьҭахь Аҩынҩажәижәабамш аҽны Сионтәи аҩнаҟны амца иабзқәаны аԥсҿыхҩы иҵаҩцәа ирзылбааз Иԥшьоу аԥсыцқьа иҟынтә Симон иоуит аҳамҭа. Егьырҭ ацҳаражәҳәаҩцәеи иареи Қьырса и-Евангелие абжьагажәахь еиццәырҵит.
Цкәиаԥҳа апостол Симон Кананит иҳаԥы азы: иубарҭоуп ауаа гәыкала ишазыҟоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2023
Арадио
Цкәуаԥҳа ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи иҳаԥы азы: иубарҭоуп ауаа гәыкала ишазыҟоу
Иҟоу адыррақәа рыла, I ашәышықәса азбжазы ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Канатәи Аԥсныҟа иааит Иаса Қьырса дшыбзахаз ажәабжь рыманы.
Симон Канатәи Афон ҿыц аӡиас Ԥсырӡха ааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас иалихит. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ иакәзар - Анцәа иажәа аларҵәаразы имҩа иациҵеит Амшын еиқәа аҿықә аҩадаҟа даваланы.
Абри аамҭоуп Аԥсны ақьырсианра алаҵәара ианалагаз ҳәа иԥхьаӡоу.
Ақьырсиан динхаҵаҩцәа анықәырцоз аамҭазы, Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи Ԥсырӡха аӡиа ахықәан цәгьаԥсышьа иҭан дыршьуеит. Симон дахьынхоз аҳаԥы ааигәара аӡыхь нашана ыҵыҵуа иалагеит. IV ашәышықәсазы Симон Канатәи анышә дахьамадоу ааигәара ихьӡала ауахәама ргылан.
Иԥшьоу Симон Канатәи игәалашәара амш - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2023
Аԥсны
Ацҳаражәҳәаҩ, агәаҟраԥсра здызкылаз: Симон Канатәи игәалашәара иазкны
2023 шықәса рашәарамзазы Симон Канатәи иԥсыбаҩ аҟәырҷаха Аҟәатәи Акафедралтә ныхабаа ҳамҭас иарҭеит палестинатәи Аимператор аиашахаҵаратә еилазаара аԥшьгарала.
Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама ахада Виссарион Аԥлиа усҟан иҳәеит, аҟәырҷаха аныхабаа аҭара - ҳтәылаҿ аиашахаҵара ныҟәызго зегь рзы ишгәырӷьара дуу.
"Ҳара ҳзымҵаныҳәо, ҳзымҵахырхәо Ацқьацәа рҟәырҷахак анҳауа, аиашахаҵара дин ныҟәызго зегь рзы ӷәырӷьара дууп. Ари аҭоурыхтә хҭысуп. Симон Канатәи иԥсыбаҩ Афонҽыц аҵәахырҭаҿ иҳамоуп, аха уи иҟәырҷаха ара Персиатәи аҳра аныҟаз Домаскҟа иган, уантәи Европаҟа", - ҳәа иҳәеит иара.
Иара убас, усҟан Акафедралтә ныхабаа ҳамҭас иаҭан Третиаков ихьӡ зху Ихьыԥшым аҭҵаарадырра-аҭҵааратә експертиза аиҳабы Александр Чвала иҟны иҵәахыз "Ацқьа ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи" амедальон.
Италиа иҟаҵоу ахьӡы зхьыршоу араӡны медальон инықәырԥшны XVII ашәышықәса аҵыхәтәантәи аԥшьбараки - XVIII ашәышықәса алагамҭеи ирыҵанакуеит.
Мощи святого Симона Канонита одного из двенадцати апостолов в Сухумском соборе - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.06.2023
Аԥсны
Симон Канатәи иҟәырҷаха Аҟәатәи Акафедралтә ныхабаа ҳамҭас иарҭеит
Ажәабжьқәа зегьы
0