Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ахба атуристтә усхк арҿиара иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ахба атуристтә усхк арҿиара иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атуризм аҿиара алзыршо афакторқәа ирылацәажәеит Асоциал -економикатә ҭҵаарақәа рцентр аҿы. Атуризм аусхк иахьатәи аҭагылазаашьа, алшарақәа ахьынӡарҿиоу, ахшыҩзышьҭра зҭатәны иалыркааз, аус зыдулатәу, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Ауаажәларратә палата алахәыла, `ԥаса атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩс иҟаз Асҭамыр Ахба.
" Аамҭа ԥхьаҟа ицоит, уи аинновациақәа ацны иаауеит, ауаагьы рдыррақәа иацырҵалароуп. Аамҭала ауаа ааганы рԥышәа ухы иаурхәап. Амиграциатә политика ҭуҵаар иунарбоит иахьатәи аамҭазы иаауа иааныркыло аҭыԥқәа. Уигьы уахыламԥшыр уаҵәы иахьакәым ҳагар ауеит. Аҳәынҭқарра аресурсқәа иқәынхо ауаажәлар рхы иархәаны, иахәҭоу ашәахтәқәа алагаланы иаҳзеиԥшу аҭагылазаашьақәа раԥҵароуп хықәкыс иҟоу. Асоциалтә економика арҿиара алыршахоит иҭҵааны, уазхәыцны шьаҿала уазнеир… Иахьа иҳамоу аԥшӡара ҳаиҷаҳаны ҳазнеироуп. Азакәан иахьа иҟамзар, уаҵәы иҟалоит, аха ҿыц зегьы аиҭашьақәыргылара цәгьахоит, уи Шәача ала иубоит. Иахьа уа шьҭа азакәан аусура иалагеит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп, аха ҳара уи аҩыза амҩа ҳзанысраны ҳаҟеи", - иҳәеит Ахба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0