Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Жорданиа еиҭеиҳәеит Аурыс театр ақәыргыламҭа ҿыц аҿы хықәкы хадас ирымаз атәы

Жорданиа еиҭеиҳәеит Аурыс театр ақәыргыламҭа ҿыц аҿы актиорцәа хықәкы хадас ирымаз атәы
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр лаҵара 24-25 рзы ахәаԥшцәа ақәыргыламҭа ҿыц днарбоит Фазиль Искандер иҩымҭа "Ахьча Махаз" иалху. Ақәыргыламҭа шалԥшааз, шаҟа аамҭа аус адырулоз, арежиссиор аус ицура шцоз, абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аспектакль аҿы арольқәа руак назыгӡо Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Џьамбул Жорданиа.
Ҵыԥх Искандер ихьӡ зху Аурыс театр аҟны имҩаԥысуаз алабораториа аан ахәаԥшцәа рыбжьы арҭеит ирбаз ақәыргыламҭа "Ахьча Махаз" аескиз. Ҩымз инарзынаԥшуа ақәыргыламҭа ҿыц аус адырулон, иҳәеит Жорданиа.
"Иаҳхәмаруа егьырҭ иреиԥшӡам. Фазиль ибызшәа иахьынӡалшо иааныжьуп. Иара ибызшәа, иҩышьа адунеи зегьы иалаҵәахьеит. Иара аҩымҭа иаҵиҵо афилософиа ҳзыбжьымхындаз ҳәа ауп, еиҳарак уи ауп хықәкыс иҳамоу", - иҳәеит Жорданиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0