Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: адепутатцәа рыӡбрақәеи Аминистрцәа реилазаара аилатәареи

© Sputnik / Томас Тхайцук Здание Парламента Абхазии
Здание Парламента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит лаҵара 27 инаркны рашәара 2 рҟынӡа Аԥсны аҭыԥ змаз ахҭыс хадақәа рыхҳәаа.
Ииасыз амчыбжь азы имҩаԥысит Апарламент аилатәара, ирылацәажәан азакәанқәа рпроектқәа, ишьақәырӷәӷәан абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа, иара убасгьы имҩаԥысит Аминистрцәа реилазаара аиалтәара. Арҭи егьырҭи ажәабыжьқәеи Sputnik аҟны.

Аминистрцәа реилазаара аилатәара

Лаҵара 30 рзы имҩаԥысит изаамҭанытәиу Аминистрцәа реилазаара аилатәара. Аԥсахрақәа рылагалан аибашьра аинвалидцәа асоциалтә цхыраара рыҭаразы Аԥҟара, асоциалтә еиқәыршәара аминистрра аусқәа рынагӡара аиҿкаара.
1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рхаԥыцчаԥаразы 150-150 нызқьмааҭ рырҭалоит. Асоциалтә еиқәыршәара аминистр Руслан Аџьба иажәақәа рыла, уаанӡа ирырҭоз 100-100 нызқьмааҭ ракәын, ацҵара алыршахеит 2024 шықәсазы аинвалидцәа рфонд абиуџьет аҟны иҟаҵаз азгәаҭарала.
Есышықәса ахаԥыцчаԥараз аусбарҭа иадҵаалоит 300-ҩык рҟынӡа аибашьра аинвалидцәа. Ирыҭахо ацхыраагӡа азыҳәа ҟазҵаз хышықәса рыҩнуҵҟа хәҭа-хәҭалагьы еихишар ҟалоит.
Аҳәаанырцәтәи атәанчахәқәа змоуа Аԥсны ауааԥсыра ртәанчахәқәа иацҵахоит. Аминистрцәа реилазаара есымзатәи ашәарацҵақәа рзы ақәҵара аднакылеит:
қәралатәи атәанчаҩцәа — 3500 мааҭ;
акыршықәсатәи аусуразы атәанчахәы зауа — 3500 мааҭ;
аҳаҭыртә хьыӡқәа "Жәлар…", "Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ…" змоу атәанчаҩцәа — 3000 мааҭ; адгьыл аҵа аус зуаз (ашахтаҿ) атәанчаҩцәа — 3000 мааҭ;
дныҟәызго дахьрыԥхаз азы атәанчахәы зауа (аусуразы алшара змам аҭаацәара рыцԥхьаӡа) — 3000 мааҭ;
ҭынха дызмам — 3000 мааҭ;
аџьа аинвалидцәа (І, ІІ, III агәыԥқәа) — 3500 мааҭ;
иизар иинвалиду (16 шықәсанӡа, I, II агәыԥқәа) — 2000 мааҭ;
асоциалтә тәанчахәы зауа(қәралеи хымхәаралеи), — 2950 мааҭ.
Асоциалтә еиқәыршәара аминистр Руслан Аџьба ахықәкытә программа "Анхарҭа 2023-2025" анагӡаразы аҳасабырба ҟаиҵеит. Иара иажәақәа рыла, 2023 шықәсазы арзаҳал ҿыцқәа 95 рзынашьҭын, 103 ирыхәаԥшит, иаадкыланы 60 млн рыхә 67 рзаҳаал иақәшаҳаҭхеит. Апрограмма аус ауеижьҭеи аусбарҭа иадҵаалахьеит 400-ҩык. Зынӡа ахархәаразы иазгәаҭоуп 180 миллион мааҭ — 60-60 миллион мааҭ хышықәса рыҩнуҵҟа. Аԥсны афинансқәа рминистр Владимир Делба ажәадгала ҟаиҵеит араионтә биуџьетқәа апрограмма "Анхарҭа" иалархәхарцаз. Иара иажәақәа рыла, ари апрограмма аусура еиҳа хра аманы иҟанаҵоит.
Аминистрцәа реилазаара Акультура аминистрра ахыбра анаҭоит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху амузеи азы. Ахатәтәразы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Беслан Кәыбраа иажәақәа рыла, уи азы Акультура аминистрра иҟанаҵаз аҳәарала Аҟәа ахадара ахыбра аанахәеит.

Аинвестпрограмма

2023-2025 шықәсазтәи Аинвестпрограмма амҽхак 3,4 миллиард мааҭ ыҟоуп ҳәа лҳәеит атәыла ахада имҩаԥигаз аилацәажәараҿы аекономика аминистр Кристина Озган.

"Аханатә апрограмма иазԥхьагәанаҭон 4,5 миллиард мааҭ, аха иркьаҿын. Сынтәазы миллиардк азԥхьагәаҭан. Уи аҟнытә ахархәара аҭоуп 258 миллион мааҭ ма 25% ", – ҳәа аминистр лажәақәа аанагоит "Аԥсныпресс" амаҵзура.

Аԥарақәа раионла еихшоуп ҳәа лҳәеит Озган.
Аҟәа:
Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аргылара иалагоит;
Коӷониа имҩа акаҭран ықәҵахоит;
аусурақәа хыркәшахоит Абазақәа, Џьонуа, Гәлиа рымҩақәа рҿы.
Гәдоуҭа араион аҿы:
Лыхни Хәаԥи амҩаду ҩ-хәҭақәак рыҟны арҽеиратә усурақәа рымҩаԥгара азгәаҭоуп, иақәхарџьхоит 29,3 миллиона мааҭ, апроект-сметатә шәҟәқәа аекспертизахь ирыҭоуп.
Очамчыра араион аҿы:
50 миллион мааҭ шьҭаҵоуп ақалақь аҩнуҵҟатәи амҩадуқәа реиҭашьақәыргылараз. Апроект-сметатә документациа аекспертизахь ирыҭоуп.
Тҟәарчал араион аҿы:
Тҟәарчал – Аҟармара, Тҟәарчал – Агәыбедиеи ақалақь Ахақәиҭра амҩадуи рыҟны аиҭашьақәыргыларақәа хыркәшахоит.
Гагра араион аҿы:
398,35 миллион мааҭ аужьҭуп астанциа маҷ 110 кВ "Алаҳаӡы", гагратәи аканализациа арыцқьагатә ргыларақәа (I ахәҭа), Пицунда аканализациатә система реиҭашьақәыргыларазы.
ареспубликатә мҩаду Ԥсоу – Аҟәа иазоужьуп 52,82 миллион мааҭ.

Апарламент аилатәара

Лаҵара 31 рзы имҩаԥысит Жәлар Реизара Апарламент аилатәара. Ирылацәажәан азакәанқәа рыпроектқәа ариашарақәа рылагалара, ишьақәырӷәӷәан 2023 шықәсазтәи абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рыбиуџьетқәа.
Аԥсны абанкқәа рҿы 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 азы ахатәхаҿқәа рдепозитқәа ареспубликазы арекордтә ҟазшьа рыман - 3,3 миллиард мааҭ ҳәа иҳәеит Апарламент аизараҟны Аԥсны Абанк ахада Беслан Бараҭелиа. Жәлар Реизара Аԥсны Амилаҭтә банк 2023 шықәсазтәи аҳасабырба шьақәнарӷәӷәеит.
2023 шықәсазы 13404 кредит рыҭоуп, 5,8 миллиард мааҭ иҟоу: ахатәхаҿқәа— 12743 кредит, 2,4 миллиард мааҭ, аиурист хаҿқәа — 321 кредит, 2,5 миллиард мааҭ, ахаланаплакыҩцәа — 340 кредит, 0,9 миллиард мааҭ.
13 миллиард инареиҳаны 2023 шықәсазы аԥснынтәи аԥара ииагоуп аԥараиагара асистема ахархәарала. 2022 шықәсазы – 1,8 миллиард мааҭ.
Ҵыԥх Урыстәылаҟа ииаган 9,4 миллиард мааҭ, Абжьаратәи Азиа ахь— 2,2 миллиард мааҭ, Ҭырқәтәылаҟа — 1,5 миллиард.
Абанктә картала 2023 шықәсазы атауарқәеи амаҵзурақәеи 12,6 миллиард мааҭ рхыршәааит. Ари 32,8% рыла еиҳауп 2022 шықәсазы аасҭа.
Жәларбжаьаратәи аԥарашәаратә системақәа ркартақәа рыла 11,7 миллиард мааҭ рыхә аоперациақәа мҩаԥган, урҭ рҟынтәи "Мир" ала – 6,1 миллиард, АԤРА ала – 789,2 миллион мааҭ.
2023 шықәсазы асистема АԤРА азеиԥш транзакциа иартәеит 34,8 миллиард мааҭ, 2022 шықәса аасҭа 4,6 миллард рыла еиҳаны.
Аԥсны атәанчахәыәт фонд аиҳабы Денис Гәылариа аиалтәараҿы иҳәеит 2023 шықәсазы Урыстәылатәи атәанчахәытә фонд ахь ишымҩаԥгоу 24 миллион мааҭ аиагара, ареспублика атәылауаа зыԥсҭазаара иалҵыз рҭаҳцәа рзы ироуз атәанчахәқәа ршәаразы.
Ареспубликаҿтәии аҭыԥантәии амҩақәа рырҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа Амҩатә фонд абиуџьет аҟны ихадоу аҭыԥ ныркылоит ҳәа иҳәеит Апарламент аилатәараҿы афонд ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Ҵәыџьба. Ареспубликатә мҩақәа рныҟәгареи рырҽеиреи иазырхоуп 59 миллион мааҭ, аха инагӡоу 68 миллион мааҭ рыхә ауп ҳәа иҳәеит иара.
Уи иахҟьаны аҭыԥантәи амҩақәа рзы аԥаразоужьра еиҵатәхеит.
Аԥсны аҳаиртә Закәанеидкыла аҵыхәтәантәи аԥхьарала ариашарақәа алагалоуп. Адокумент абарҭ аԥсахрақәагьы азԥхьагәанаҭоит:
авиациа аусзуҩцәа заанаҵтәии аамҭа-аамҭалатәи ихымԥадатәиу амедицинатә гәаҭара рахысра ашьақәырӷәӷәара;
авиациа шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа азинмчра рыҭахоит ашәарҭадара аҭахрақәа еилазгаз ауаа азинхьчаратә усбарҭақәа рыҭаразы раанкылара;
агәаҭара амҩаԥгаразы аԥҟара ҳәаақәызҵо анормақәа реиӷьтәра;
аҳаир мҩангараз аиагаҩ ахатә ԥҟарақәа рышьақәыргылара азин аҭара;
имҩанырго адокументқәа електронтә формала реиҿкааразы алшара амазаара алагалара.
Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала ариашарақәа рыларгалеит Ашьауӷатә кодекси КоАП-и.
Аԥсахрақәа рыла ишьақәыргылоуп амонополтә закәанԥҵара аилагара иаҿагыло административтәи ашьауӷатәи ҭакԥхықәра, ари аусбарҭа аинформациа амҭара ма имцу аинформациа аҭарагьы абрахь иналаҵаны.

Аҳаирбаӷәаза азҵаарақәа

Лаҵара 29 рзы Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза адгьылҵакыраҟны имҩаԥысит атәыла ахада Аслан Бжьаниа хантәаҩра ззиуаз аусуратә еилацәажәара.
Ҳазҭагылоу аамҭазы аусурақәа мҩаԥысуеит ашьҭԥраара-артәаратә цәаҳәаҟны адҷарсҭақәеи аҳаирпланказармеи реиҭашьақәыргаларазы, аиԥшьырҭақәа агерметизациа рзуразы. Аперрон аҟны ихацыркуп ахҟьа хыхьтәи аҿыгҳара ақәхра иазку аусура.
Ихыркәшоуп аинерттә материалқәа рышьҭаҵарҭақәа реиҿкааразы абаза азырхиаразы аусура.
Иара убас имҩаԥысуеит аиҭашьақәыргылара апроцесс аан хархәара зауа ацемент-бетонтә зауадқәа реибыҭара.
Аслан Бжьаниа иаҵшьны иҳәеит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара иазку апроект қәҿиарала анагӡара Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономикатә ҿиаразы, хархәара зауа атранспорти апассаџьырцәа рзы амаҵзурақәа рыҩаӡара ашьҭыхреи рзы лагаламҭа дуны ишыҟало.

Акурорттә сезон аҽазыҟаҵарақәа

Гагреи Гәдоуҭеи рмедицинатә усбарҭақәа акурорттә сезон иазыхиоуп ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра. Аусбарҭа ахада Едуард Быҭәба Пицундатәи, Гагратәи, Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭақәа дырҭаан игәеиҭеит, аҳақьым хадацәеи иареи аԥхын ауаарацәа рыҟалара иалацәажәеит. Ипроблема хаданы иазгәарҭеит аҟазауаа рмаҷра. Ари азҵаара аминистрра урыстәылатәи аҟазауаа рааԥхьарала аӡбара иақәгәыӷуеит. Уи аганахь ала заанаҵтәи аицәажәарақәа мҩаԥысуеит.
Риҵатәи амилаҭтә парк асезон аҽазыҟаҵара иалагахьеит. Риҵанӡа ҩажәа ҭыԥ ауаҩы даангыланы дахьтәаша ыҟоуп. Егьи абжьара, амҩақәа рҿы аҭыԥқәа ахьҭбаау астолқәа ргыланы иҟоуп, агәамҭаԥсарҭақәагьы маҷым. Акрыфарҭақәа ирзалху аҭыԥ ҷыдақәа рҿы акәац ахьырӡша гылоуп, амҿы шьҭаҵаны ыҟоуп ҳәа Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк абнахылаԥшҩы Ҭенгиз Џьергьениа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Иара иажәақәа рыла, уажәы Ауадҳараҟа узго амҩа рыцқьоуп, асыԥсақәа ықәганы икаҳаз аҵлақәа рҭыԥ ақәҵаразы абнахьчаҩцәа аусура иаҿуп. Амашьынақәа рыла аԥсшьаҩцәа рхагалара иалагахьеит. Асқәа бзианы ианӡҭлак, амҩа абӷанҷ ҭаԥсара иалагоит.
Риҵатәи амилаҭтә парк ахь уназго амҩа аҟаҵаразы ф-миллионк инареиҳаны иазоужьуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апарк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
"Иазгәаҭоуп амҩа аҭыжаарақәеи аӡиа Риҵа аԥшырҭатә ҭыԥ аҟынтәи хыхь амашьынақәа рыргыларҭа аҟынӡа 700 метра инарзынаԥшуа амҩа аиҭашьақәыргылара. Уаҟа абгарсҭақәа ахьыҟаз аҵыргәатә ҭыӡқәа ҟаҵан. Хара имгакәан амҩа ишақәнагоу иҟаҵахоит", — ҳәа иҳәеит иара.
Иазгәеиҭеит ареспубликатә мҩаду хада инаркны аӡиа Риҵанӡа амҩатә дырга шанҵахо.
Рицинский реликтовый национальный парк - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2024
Аԥсны
Риҵатәи амилаҭтә парк ахь уназго амҩа аҟаҵаразы ф-миллионк инареиҳаны иазоужьуп
Лаҵара 31 рзы Афон ҿыц иаадыртит акурорттә сезон. Лада Денс, "Кабриолет", "Блестящие", аԥснытәи арок-гәыԥ Jam аныҳәатә концерт "Afon summer 2024” аҿы иқәгылеит. Иара еиҿыркааит ақалақь ахадареи анаплакҩцәеи.
Очамчыра аԥшаҳәаҿы авидеорбагақәа жәаба ықәдыргылеит
Аҽа жәа- камерак аархәараны иҟоуп ҳәа иҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Оҭар Акаба. Ас ала ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи еиҳа рхы иацәымшәо иҟалоит. Асезон аҽазыҟаҵара иаҿуп. Амшцәгьақәа раан аԥшаҳәа ихықәнажьлаз агәамсам, аҵлақәа ықәыргеит, ирыгәҭакуп асубботник амҩаԥгара.

Ахада игәалашәара

Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь дыргәаладыршәеит Џьгьарда ақыҭан лаҵара 29 рзы.
Аусмҩаԥгатә иалахәын атәыла ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Атәыла ахада иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аминистрцәа реилазаара ахаҭарнакцәа, адепутатцәа.
Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас далхын 2004 шықәсазы, деиҭалхын 2009 шықәсазы. Иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵара 29 рзы, 63 шықәса дшырҭагылаз.

Ахада иҭаара

Ахәыҷқәа жәларбжьаратәи рымш аламҭалаз Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәатәи алицеи-интернати даҭааит. Атәыла ахада ашколхәыҷқәа аныҳәа рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит рҵараҿы ақәҿиарақәа. Ҳамҭас ириҭеит амультимедиатә система.
Адныҳәаларатә жәахәқәа ҟарҵеит аҵара аминистр Инал Габлиа, ахәыҷы изинқәа рхылаԥшыҩ Мактина Џьынџьалԥҳа.
Рашәара 1 азы Аслан Бжьаниа ареспублика ахәыҷқәа рныҳәа рыдиныҳәалеит.
"Дарбанзаалак ахәыҷы ихӡыӡаара, изинқәа рыхьчара ҳҳәынҭқарратә политика ахырхарҭа хадақәа ируакуп", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Ахәыҷқәа роуп ҳара уаҵәтәи ҳԥеиԥш здаҳҳәало, ҳара адуқәа ҳауп аҭакԥхықәра зду урҭ раԥхьаҟа уаҩык иаҳасабала рышьақәгылараҿы, ԥсҭазаарас ирзаԥаҳҵо азы ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2024
Аԥсны
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны ауааԥсыра Ахәыҷқәа рыхьчара амш рыдиныҳәалеит

Анапхгаҩ ҿыци аус азыхынҳәреи

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа рынагӡара идҵоуп аминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа.
Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа аҩаша, лаҵара 28 рзы. Ари аусԥҟа инақәыршәаны Иракли Ҭыжәба ихы дақәиҭтәуп аусбарҭа аиҳабы инапынҵақәа рынагӡара аҟынтәи.
Инар Гыцба идепутаттә ҿҳәара нҵәаанӡа Апарламент адепутатс даанхоит. И-Telegram-канал аҿы адырра ҟаиҵеит асеиԥш аӡбра дшазкылсыз иалхыҩцәеи иколлегацәеи рҭахрала.
Убри аан, иара Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ иҭыԥ нижьит Жәлар Реизараҿы иусура еиҳа активла амҩаԥгаразы.
Инар Гыцба адепутат изинмчрақәа шьҭасҵоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит хәажәкыра 25 рзы. Иара Жәлар Реизара адепутатс далхын 2022 шықәсазы алхырҭатә ҭыԥ №1 (Аҟәа, Аҳабла ҿыц) аҟны.

Афедерациа ҿыц

Аԥсуа милаҭтә спорттә хәмаррақәа рзы Афедерациа аԥҵаразы аԥшьгаратә гәыԥ ареспублика аспорт азы Аҳәынҭеилакы ахь ажәалагала ҟарҵеит.
Аԥсны аспорти аҿари рҳәынҭқарратә еилакы аҿы аҿар рыҟәша аиҳабы Идрис Кара-Османоӷлы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Афедерациа анапхгаҩыс дшалху Адгәыр Гәынба, иҳәеит амилаҭтә хәмаррақәа раларҵәара ргәы ишҭоу.
Кара-Осман-оглы амилаҭтә спорттә хәмаррақәа рзы: қыҭацыԥхьаӡа инаҳгарц ҳҭахуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2024
Арадио
Кара-Османоӷлы амилаҭтә спорттә хәмаррақәа рзы: қыҭацыԥхьаӡа инаҳгарц ҳҭахуп

Адгьылаҵаҿтәи аартрақәа

Аҳаԥ ҿыцқәа хәба аарԥшуп Гагра араион аҿы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҟрым иҟоу Урыстәыла агеографиатә еилазаара аҟәша ахантәаҩы Геннади Самохин.
Иара иажәақәа рыла, 24 метра иҵаулоу аҳаԥқәа руак аӡаҵатә зал амоуп. Аҳаԥы аҭаларҭа ҭшәоуп азы атуристцәа рзы иаартхом.
Егьырҭ аҳаԥқәа 5-10 метра роуп рыҵа ахьынӡаҟоу, макьаназ уанӡоуп иахьҭырҵаахьоу.
Ҿыц иаарԥшу аҳаԥқәа зегьы аӡиас Ҳаԥырҩаш (Репруа) иадҳәалоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0