Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ломиаԥҳа амедицинатә коллеџь аушьҭымҭацәа ирызкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ломиаԥҳа амедицинатә коллеџь аушьҭымҭацәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи амедицинатә коллеџь сынтәатәи аушьҭымҭацәеи абитуриенцәеи рацәаҩума, аҵара хзыркәшо анаҩстәи рԥеиԥш зеиԥшрахои, абитуриентцәа рдыррақәа рыҩаӡареи шԥаҟоу, насгьы иалырхуа ахырхарҭа арбан, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, Аҟәатәи амедицинатә коллеџь аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Светлана Ломиаԥҳа.
Иахьа инаркны аколлеџь аҿы иалагеит аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа раҭара. Рҵара хыркәшаны, апрактика иахысны ихацдыркит, ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ломиаԥҳа. Сынтәа иалго рхыԥхьаӡара 117-ҩык ыҟоуп, урҭ еиуеиԥшым ахырхарҭақа рыла иалгоит.
"Амедицинатә еиҳәшьцәа рус, афельдшертә ҟәша, нас зегь реиҳа азҿлымҳара змоу – аԥҭекатә ус, еиҭа иҳамоу ахаԥыцтә чаԥара, иара убасгьы амедицинатә еиҳәшьцәа рус ахәара ацны. Амассаж усҟак хырҩа арҭомызт, аха уажәы иазхьаԥшуа иалагеит", - ҳәа лҳәеит Ломиаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла аколлеџь иалго амидица аганахьала аусура ацара рызрыдҵаӡом, аха апрактика ианахысуа аамҭазы зхы аарԥшра зылшаз, аусурахь ааԥхьара рырҭоит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0