Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аурыс поезиа агени аԥсышәала дышдырцәажәаз: Пушкин иирамш азы

© Sputnik / Юрий КаплунРепродукция картины "Портрет А.С. Пушкина"
Репродукция картины Портрет А.С. Пушкина - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2024
Анапаҵаҩра
Апоет, ашәҟәыҩҩы, ҳаамҭазтәи аурыс бызшәа ашьаҭаркҩы Александр Пушкин диижьҭеи 225 шықәса аҵра инамаданы, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа аԥсуа поетцәа Пушкин ипоезиа аԥсышәала изырцәажәаз дырзааҭгылоит.
"Саб иашьа зламыс хьӡырҳәагаз,
Ачымазара данакы,
Ахылаԥшра иҭаххеит инагаз,
Изымхәыцт уаҳа даҽакы!.."
Ароман "Евгени Онегин" аҟнытә
Ҳаԥсуа литератураҿы даара ирацәаҩуп ҳпоетцәа Пушкин аԥсшәахь еиҭагара згәаӷьхьоу, уимоу, ҟазарылагьы ипоезиа аԥсышәала изырцәажәахьоу. Зегь раԥхьаӡа иргыланы агәаӷьра зыцәгьоугьы убри азоуп, Пушкин аурыс литература мацара акәым, адунеи аҿы уи иреиҳаӡоу апоетцәа дреиуоуп, дызлеиҭарго иарбан бызшәазаалакгьы, иажәа аҳракыреи, аԥшӡареи, аҵаулареи еиқәырхалатәуп.
Насгьы, Пушкин милаҭтә поет дуӡӡоуп, иоурыс ҟазшьа, иоурыс хаҿсахьа анузеиқәмырха, аиҭага егьа ҟазарыла еиҭагазаргьы, амилаҭтә цәа анахам, аҿахәы азҳәаӡом, "идыԥшыланы" иаанхоит.
Абар, апоет-академик Владимир Занҭариа Пушкин ипоезиа даара изықәҿиан ҟазара дуӡӡала аԥсшәахь еиҭазгаз Баграт Шьынқәба дышихцәажәо:
"Баграт Шьынқәба хьаҳәа-ԥаҳәа узамҭо, ахшыҩзцареи ацәанырреи рсинтез ҩашьара ақәымкәа ирныԥшыртә аԥсшәахь еиҭеигаз аԥҵамҭақәа ирылукаартә иҟоуп: "Ашәҭ" , "Сҭаххарақәа схызгеит, иӡит...", "Кавказ", "Сныҟәоз гәарабжьарак сыбжьалан", "Бзиа бызбон: уажәыгь уи сцәалашәара..." "Амза хыхь ишкыдыз алахь еиқәыршьшьы..." ( Пушкин), " Абаандаҩы" , "Абахә" ( Лермонтов)... ", "Ишаӡом, шәы-ҵхык еихалан" (Некрасов). Пушкин хыхь зыӡбахә ҳамоу иажәеинраалақәа рлирикатә фырхаҵа иҩнуҵҟатә гәжәажәарақәа рыдраматизм убасала иҵаӷаны, иҵауланы раарԥшышьа дақәшәеит апоет, урҭ аԥсуа доуҳатә дунеихәаԥшышьа иахәҭакыушәа убла иаахгылоит, ушьа-уда инҭысуеит аоригинал уамыԥхьацзаргьы, уаанӡа џьара иуаҳахьазшәа, акырӡа иузааигәоу урҭ ацәаҳәақәа.
Книга А.С. Пушкина Евгений Онегин  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2023
Асырҳәы ыргьежьуа, еиҵас: аурыс литература аклассик Александр Пушкин имширазы
Абар иаҳҳәозар, аԥсышәала рыбжьы шго ажәеинраала "Я пережил свои желания" раԥхьатәи астрофақәа:
Сҭаххарақәа схызгеит, иӡит,
Сацәыхьшәашәеит сгәы зызхьуаз.
Агәаҟрақәа сзымҩахыҵит,
Сгәы ҭацәит – уи ауп инхаз...
Слахьынҵакәзар, ԥшатлакә цәгьала
Ишәҭуаз арканӡеит сҿара.
Саӡәуп, сыҟоуп лахьеиқәрала,
Сыԥшуп: иааирушь сыҿҳәара?..
Араҟа ишаабо еиҧш, улаԥш иҵамшәарц залшом, аиҭага иахьынӡазалшо, аоригинал иашьашәалоуп- ҵакыла, формала, гәҭыхаҳәашьала. Шамахамзар, еиқәырхоуп атекст асинтаксистә еидҳәалашьақәа, пушкинтә цәаҳәа астилистикатә ҟазшьа-ҷыдарақәа. Алирикатә фырхаҵа илахьынҵа-уадаҩ азхәыцрақәа ирыҵоу аелегиатә интонациақәагьы аԥсуа бызшәа иацәтәымымхартә, кыр иаарбны, иара иатәышьҭраны ахархәара рызуп.
Баграт Шьынқәба жәибжь шықәса анихыҵуаз ауп агәаӷьра ду аарԥшны иҽаназишәа Пушкин илирикатә жәеинраала ссир "Ашәҭ" аиҭагара. Ажәак узалмыршәо, аԥсы зхаҵаны еиҭагоу, иаԥсыуа ҩымҭоушәа аԥсҭазаара ҿыц зызирхынҳәыз ари ажәеинраалаҿы ихадараны иҟоу принципуп аиҭагаҩ исахьаркыратә интуициеи игәазыҳәареи ириҭо ахақәиҭра, ҩ-бызшәак еизааигәазтәуа алексикатә еинраалашьақәа рыԥшаара. Алирикатә фырхаҵа машәыршәа ишәҟәы иагәыларшәны иибаз ашәҭ-канӡа аҭоурыхқәа дразҵаауа, дазкылсуеит зҵаарак даҽа зҵаарак ацызҵо, шьарда игәҭархәыцгоу ахыркәшашьа:
Мамзар баша гәаларшәагас
Уиҵәахрызма ӡәыр абра?
Иҟамлари, ус гәыжьжьагас,
Аӡәы улымҭазар уара?
Уа узхылҵыз ожәгьы ишәҭуама?
Ҿыц иаҿума азҳара?
Насгьы дарбан, иԥсы ҭоума
Уагәылазҵаз ашәҟә абра?"
Ииҳәо иашоуп Владимир Занҭариа, араҟа еиқәшәеит ҩ-баҩхатәра дуӡӡак, ҩыџьа агеницәа, ҩ-бызшәак рыла алитературатә рҿиамҭа дуӡӡақәа зыжәлар рзы иаԥызҵаз, ахааназ рқьышә ишықәку, ахьхьа-хьхьаҳәа ицәажәартә иаанхартә.
Пушкин иажәеинраалақәа ирыҵоу ахаара, ауаҩра, аламыс, аурыс игәыҭбаара злоу аҟазшьа, алирика, апафос ҳаракы, аԥсшәахь аиагара, арцәажәара, аԥсуа бызшәа иацәтәымымкәа, иаднакылартә аиқәырхаразы, абаҩхатәра ду анаҩсгы, иаҭахуп дара аҩ-бызшәак еиԥшны рнырра, рдырра, рзааигәахара.
Пушкин ихаан, уи аҩра ицалагаз апоетцәа рацәаҩын, аха - акы, иара иаҳаракыра аҟынӡа уаҩ дызхамлаӡеит, ҩбагьы - иара еиԥш абаҩхатәра ду аԥсабара аҟынтәи аӡәгьы илаӡамызт, аӡәгьы уи аҳракыра аҟынӡа дышьҭнамхӡеит, дамырԥеиԥеиӡеит. Усҟан дара Пушкин ихаантәи апоетцәа рабиԥара нцәахәыс изхәаԥшуаз еиҳараӡакгьы Державин иакәын. Убри азоуп уи изку Пушкин ицәаҳәақәа иахьа уажәраанӡагьы абиԥарақәа гәадурыла инеимда- ааимдо изаарго: " Старик Державин нас заметил!"
Ҳаԥсуа литератураҿы зегь раԥхьаӡа, уаҳа даҽакалагьы ҟалашьа амаӡамызт, Пушкин аԥсшәахь иажәеинраалақәа еиҭазгаз Дырмит Гәлиа иоуп. Уи иалихыз ажәеинраалақәа усҟан аԥсуаа рыла ахтразы, акультура ду ахь рхьарԥшразы акраанагон. Избанзар, ҳлитература традициа дук зламамыз ала, аурыс культура иалиааз аҩымҭа дуқәа рыла ихьарԥштәын адунезегьтәи алитература ашҟа, ихҵатәын ацҳа культурала аиҭанеиааиразы.
Зегь раԥхьаӡа, хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, аԥсуа бызшәахь Пушкин ипоезиа зырцәажәаз, амҵәыжәҩа азҭаз дреиуоуп Дырмит Гәлиа. Уи раԥхьа еиҭеигеит ҩ-жәеинраалак: "Абаҟа", "Хәылԥазтәи зефир иалыжжуеит ефир". Арҭ аиҭагақәа 1961шықәсазы иҭыҵыз ажурнал "Алашара" 1-тәи аномер ианын.
Уи нахыс иаатит ҳлитератураҿы ахьараҳәа Пушкин "игәашәқәа!" Пушкин аԥсшәахь ддырцәажәеит ҳаԥсуа поетцәа: Баграт Шьынқәба, Мушьни Лашәриа, Ҷиҷико Џьонуа, Платон Бебиа, Владимир Аҵнариа, Никәала Кәыҵниа, Гәында Кәыҵниаԥҳа, Валери Касланӡиа уҳәа убас ирацәаҩны. Уи зегь раҵкыс ирҿиара рацәаны еиҭазгаз ҳпоетцәа дуқәа дреиуоуп апоет-академик Мушьни Лашәриа. Насгьы, ҳлитературазы лагала дууп "Евгени Онегин" аԥсшәахь иахьеиҭеигаз. Абар, уи атәы шазгәеиҭо Владимир Занҭариа:
Асахьаркыратә еиҭагара арҿиара ихәҭа ду алеигалеит апоезиатә ажәа азҟаза, Аԥсны Жәлар Рпоет Мушьни Лашәриа. Ишдыру еиԥш, уи такәаамҭа инапы алакын аурыс ԥсҭазаара аенциклопедиа ҳәа изышьҭоу Пушкин иажәеинраалоу ироман "Евгени Онегин" аиҭагара. Иааидкыланы уахәаԥшуазар, аиҭага аԥсуа доуҳатә-сахьаркыратә дунеи иахәҭакны иҟалеит. Цәырҵра ҿыцхеит. Хазы шәҟәны "Евгени Онегин" ԥсышәла иҭыҵит 1969 шықәсазы, Аҟәа. 1979 шықәсазы ари аиҭагамҭа еиҭаҭыжьын, рҽеирақәак алагаланы. Б.А. Гәыргәлиа иазгәеиҭоит "ари ароман аԥсышәала аҭыҵрақәа гәахәарыла ишрыдыркылаз аԥсуа критикцәа, ҳлитература аҭҵааҩцәа, аԥхьаҩцәа..."
Асахьаҭыхҩы Пиотр Кончаловски исахьа А. С. Пушкин арепродукциа (1932 ш.). - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2019
Мушьни Лашәриа: Пушкин ду иажәа аҿҵаара, аихаҳара амҩа ҳануп
2017 шықәсазы "Евгени Онегин" урысшәалеи аԥсышәалеи шәҟәыкны иҭижьхьеит ашәҟәҭыжьырҭа "Звонница" аҿы. М.Лашәриа илшеит ароман ахаҿсахьатә система, асахьаркыратә- стилистикатә ҷыдарақәа иахьынӡазалшоз реиқәырхара. Иара убас онегинтә строфа ҳәа изышьҭоу аформа – 14 цәаҳәа иҟоу асонет иахьынӡазалшо аиҭагамҭа аԥсабара иашьашәалахартә аиҿкаара." "Евгени Онегин" аԥсшәахь аиҭагара иацыз ауадаҩрақәа, иара убас уи иарҵысуаз арҿиаратә ԥсихологиа дазааҭгылауа, М.Т. Лашәриа, иҩуеит: "Иахьынӡасылшоз ала сашьҭан аҩымҭа ахаҿсахьа аиқәырхара, Пушкин ибызшәа аԥшӡара, иритм, исахьаркыратә мыругақәа, илирикатә хьаҵрақәа, илаф, исатира, иирониа- иахьынӡауаз ала реиҭагара, аԥсышәала рырцәажәара..."
© Sputnik / Томас ТхайцукПрезентация книги А.С. Пушкина "Евгений Онегин" в переводе на абхазский
Презентация книги А.С. Пушкина Евгений Онегин в переводе на абхазский - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2024
Презентация книги А.С. Пушкина "Евгений Онегин" в переводе на абхазский
Абраҟа сызааҭгылар сҭахуп Пушкин иажәеинраала лԥшаахқәа иреиуоу "Зимний вечер", "Аӡын хәылбыҽха" аԥсшәахь еиҭагоу авариантқәа сара ԥхьаҩык иаҳасабала еиҳа ирылыскааз. Уи ажәеинраала даара ҟазарыла еиҭаргеит Дырмит Гәлиа, Ҷиҷико Џьонуа, Владимир Аҵнариа, Таиф Аџьба, Валери Касланӡиа. Аха сара санхәыҷыз аахыс "исыциз!" ( уи аԥсуа литература 9-тәи акласс ахрестоматиа иануп), ажәеинраалақәа иреиуоуп абри ажәеинраала аԥсышәалагьы урысшәалагьы. Аԥсышәалагьы урысшәалагьы еиԥшны бзиа избоит, еиԥшны сеицырытҟәеит! Убри азы, егьырҭ аиҭагаҩцәа, ҳпоетцәа зегьы пату шрықәысҵогьы даараӡа, абраҟа аԥыжәара асҭоит Ҷиҷико Џьонуа еиҭагамҭа!.. Иаагап ажәеинраала ацыԥҵәаха, уи убас иарыԥсышәоуп, ажәеинраала аоргинал узымдыруазар, ԥсуа жәеинраалаоуп уҳәап!
Асыҭәҳәа еимаҩны жәҩан аҷыҩуеит,
Анаатә ҩынтуеит цәқәырԥаҵас,
Зны гыгшәыҵас иҟыуҵәыуеит,
Зны икьаасуеит уи хәыҷҵас!
Зны аҩныжә ахыб иахыҩуеит,
Ачаз хәархәаруеит, - хыла инас,
Зны абан, ахышә иазыҩуеит,
Амҩа иқәхаз ҽыуаҩҵас!
Уажәы абраҟа иаазгар сҭахуп аԥсуа поезиатә ажәа азҟаза ду Таиф Аџьба Пушкин иажәеинраала " Брожу ли я вдоль улиц шумных…" ҟазарыла ишеиҭеигаз ацыԥҵәахак.
Жәлары зегь зну мҩадукаҿ акәзааит ,
Ма ныҳәарҭак сыҩназ џьара,
Аџьџьаҳәа ахьырԥаргь срылатәазааит,
Сыртәыртәуеит хәыцрақәак сара...
Исҳәоит: аӡиас ҳамҵанарсуеит,
Иагьа ҳанхаргьы ирацәаны,
Мышкызны ҳазынтәык ҳамҩасуеит,
Иаҳзоужьуп ҳамшқәа ԥхьаӡаны.
Ма аџь жәижәых заҵә сазыԥшуазааит,
Са схәыцуеит: аҵлақәа зегь раҳ
Саргьы, сызлоугьы- ҳаҩнахуазаап,
Ҳазхылҵыз шаҩнахыз- еиҭах...
Сара сгәаанагара ала, Пушкин абиԥара ҿыцқәа зегьы ҿыцла даадыртуеит, иԥхьоит, дыгәныркылоит, ииуа зегьы дрыциуеит, избанзар, уи ипоезиа иныҟәнагоит ауаҩы зыда дхәарҭам аҳауеиԥш, абзиабара, ауаҩра, аламыс, аԥшӡара, ахәыцра ҵаулақәа. Ҳаԥсуа литератураҿгьы, уаҵәы игыло абиԥарақәа Пушкин дара ртәала деиҭаргар рылшоит, уи дара рбаҩхатәра ишрыҵанаҳәо, рыхдырра дышрызнанаго еиԥш, иҟалоит иахьатәи аиҭагақәа раҵкыс ддырмариаргьы, иҟалоит даҽа мҩақәак изырԥшааргьы… Аус злоу, апоет дуӡӡа иахь ирымоу агәбылра иацымлозар иагхаӡом, убри азоуп, есышықәса, Пушкин иирамш азы, алитературақәа зегьы рҿы изцәырҵуа апоет иҩымҭақәа ҿыц еиҭаганы, урҭ иахьагьы ҳашдыршанхац ҳдыршанхоит, ҳашдыргачамкыц ҳдыргачамкуеит!
Ажәабжьқәа зегьы
0