Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Адлеиԥҳа еиҭалҳәеит ахимиеи абиологиеи рырҵаҩцәа рԥышәа аизырҳара шымҩаԥысуа

Адлеиԥҳа еиҭалҳәеит ахимиеи абиологиеи рырҵаҩцәа рԥышәа аизырҳара шымҩаԥысуа
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иаԥҵоу Аквалификациа аизырҳареи акадрқәа разыҟаҵареи рреспубликатә центр ихацнаркит азанааҭ аизырҳаразы акурсқәа рашәара 10 рзы. Урҭ ирылахәуп ԥшь-раионк: Очамчыра, Гал, Тҟәарчал, Гәылрыԥшь рҟынтәи арҵаҩцәа. Мчыбжьык аҩнуҵҟа дара ирзаԥхьоит алекциақәа, ирзеиҿыркаауеит аҟазаратә классқәа. Уажәы акурсқәа ирхысуеит ахимиеи абиологиеи рырҵаҩцәа. Уарчатәи абжьаратәи ашкол арҵаҩы Кама Адлеиԥҳа арадио Sputnik аефиро аҟны еиҭалҳәеит ас еиԥш алшара ахьынӡацхыраагӡоу атәы.
"Даара ибзианы имҩаԥысуеит акурсқәа, атеориа адагьы апрактика ыҟоуп, зегь ҳдырбоит алабораториа аҟны. Ахимиеи абиологиеи ус имариам, арҵаҩы аҵаҩы иҟны рызнагашьа идыруазароуп, насгьы дҿырԥшыгазароуп аҵаҩы изы. Аԥышәа аизырҳара арҵаҩы ихәоит аԥхьа инаргыланы, насгьы ахимиеи абиологиеи рзы арҵаҩцәа маҷуп, аха араионқәа рҟынтә ҳҽеимаҳдар, акурсқәа иаҳзаԥхьогьы ҳанҽрымаҳдо, иманшәалахоит аҵаҩцәа амаҭәар рызнагара", - лҳәеит Адлеиԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0