Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аҳәаса уаҵымҵыр, аҟәымыӷ улалоит": аҳәасеи аҟәымыӷи ирызкны дыррақәак

© Sputnik / Мадина Хагба Зеленная алыча
Зеленная алыча  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсабара иашаз аҳәасеи аҟәымыӷи ирыхҳәаау аматериал ҳзеидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аԥсабара аинҭәылара, ааԥынреи аԥхаррақәеи рааира иахҳәааны рҿиамҭак знапы иҵызхырц зҭаху ашәҟәыҩҩы игәалаҟара инақәыршәаны икалам иҵыҵуа ажәақәа ируакхоит "Раԥхьаӡа ишәҭит аҳәаса".
Гәыбӷанс иуҭозеи ажәа азҟаза, аҳәаса анышәҭуа иссирашоуп. Ашәҭ быбыцқәа рыԥшӡара згәы иҭашәаз, ажәақәак ахысҳәаандаз ҳәа агәаҳәара иоуеит.
Аҳәаса
Аԥсабаратә хаҿра аганахьала аҳәаса (абҳәаса) мыцхәы идуумхо ҵлажәлоуп (урысшәала "алыча" ҳәа азырҳәоит). Аҵарауаҩ Валери Кәарҷиа ишәҟәы "Аусумҭақәа реизга. I атом. Алексикологиа" ахәҭаҿы иҩуеит: "Абҳәаса шәҭуеит ишкәакәаны. Иаҿало аҳәаса цқьа иҟалаанӡа шьацԥштәылоуп, ма иҟаԥшьуп, ибзианы ианыҟалалак, иҩежьхоит ма гәилԥштәылахоит. Агьама аиҳараӡак иҵәыҵәуп, мамзаргьы ихаа-хыҵәаҵәаауп. Ишәҭуеит мшаԥы – лаҵара рзы, аҳәаса аҿалоит рашәара – нанҳәа рзы. Иҿиоит амшын иаваршәны 500 метра аҳаракыра ҭыԥқәа рҿынӡа. Адгьыл еилнахӡом".
Абҳәаса ҭҭәааны ианыҟалалак, аԥсуа ҳәсақәа алшықәсанык ирызхаша асыӡбал ачуан дуқәа рыла иршны, хкы-хкыла ихҩаны, иԥхьаркуеит.
Аԥсуа кҿаҩраҟны абҳәаса сыӡбал афатәқәа ргьама хазырҭәаауа ҵәыҵәыроуп: акәтыжь, акәац, аԥсыӡ ирыцырфоит. Шәхаҿы иаажәг, акәаци акәтыжьи асыӡбал ҿа нарыдыргылан, аиаҵәара надкылан, абысҭа таруа ианҵаны, ихәшамацароу ашә нагәылаҵаны – ҳаи, рацәа игәыҟаҵагоу фатәқәоуп.
Зеленная алыча  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2022
Аԥсны
"Ҳәаса какал" - аҳәаса иалоу абзиарақәеи аҳәаса сыӡбали
Хадаратәла, аҳәаса ҟаԥшь аҵәыҵәыра еиԥш иалҵуеит ашәырӡы, аиларш бзиа. Згьама хаау аҳәаса аӡы иӡаашьны, мрала ирҩаны, гәырхаагак аҳасабала изҵәахуазгьы ыҟан. Уи абҳәасаркыҷы (сушеная алыча) ҳәа азырҳәон. Иахьазы аҳәаса ус ишыкәымпылу ихызҩогьы рацәаҩуп.
Аҳәаса аӡын хәыс аҭаҵәахра даҽа формакгьы ыҟан. Аҳәаса иржәпаны иршны, агәаӷьқәа алыршәшәаны, аӷәы иқәҵаны идырҩон. Ирҩаны ирҵәахуаз аҳәасамтҟьал (пастила алычовая) ианаарҭаххалак, аӡыршы налаҭәаны иақәнагоу аџьыкеи аххылақәеи наҭаны асыӡбал алырхуан.
Жәлар рмедицина ишаҳәо ала, аҳәаса андыршуа ихыло ашәах амра аҽацәыхьчаразы ахәарҭара алоуп. Ажәытәан аҳәса амра рымкырц, рцәа дыршкәакәарц азы асыӡбал андыршуаз ихылоз ашәах ахыхны рҿы аларыӡәӡәон.
Аԥҳәаса, аҵыбра, ахәысхәа: аԥсуа сыӡбал аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2017
Абҳәаса, аҵыбра, ахәысхәа: аԥсуа сыӡбал аҟаҵашьа
Аҟәымыӷ
Ажәаԥҟақәа реилазаараҿы иуԥылоит абри аҩыза ажәаԥҟа: "Аҳәаса уаҵымҵыр, аҟәымыӷ улалоит". Ари ажәаԥҟа уаназхәыцлак, иуанаҳәоит, уск уааҟәымҵӡакәа ихҭаукцәар, иахурҟьацәар, уахьхәуеит, уаҳа акгьы узалхшам. Амала, ицәырҵыр алшоит азҵаара, изакәызеи аҟәымыӷ?
Аҟәымыӷ - даҽакала амӷышшәҭы ма абнагәил, қәыцшәҭыжәлоуп (урысшәала "шиповник" ахьӡуп). Иара зҽацәызмыхьчаз дарбанзаалак агәыр еиԥш ақәыцқәа илалоит. "Аҟәымыӷ иҿыҳәҳәоит" ҳәа аԥсуаа иззырҳәо зҿабызшәа хаам, зцәаҩа бааԥсу ауаҩ "кьакьа" иоуп.
Ааԥынра анҵәамҭазы аҟәымыӷ хырҟьоит агәил еиԥшу ашәҭқәа. Аҟәымыӷ ашәҭқәа амра "иацныҟәоит", есымша амрахь иԥшуеит.
Аҟәымыӷ хәшәы дууп, авитамин С ала ибеиоуп. Уи еиҵарԥхьаны аца хьаақәа рыхәышәтәразы рхы иадырхәоит, зымч каԥсаз дарӷәӷәоит.
Амаахыр - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2023
Аԥсны
"Амаҭәа иашьҭоу": ажәақәак амаӷ иахҳәааны
Ажәабжьқәа зегьы
0