Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Урыстәылеи Рконституциатә ӡбарҭақәа аусеицуразы Амеморандум рнапы аҵарҩит

© Foto / Пресс-служба Конституционного суда АбхазииКонституционные суды Абхазии и России подписали меморандум о сотрудничестве
Конституционные суды Абхазии и России подписали меморандум о сотрудничестве - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 27 Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи Рконституциатә ӡбарҭақәа аусеицуразы Амеморандум рнапы аҵарҩит.
Адокумент рнапы аҵарҩит аӡбарҭақәа рхантәаҩцәа Диана Ԥлиаԥҳаи Валери Зоркини.
"Амеморандум иаԥнаҵоит акраамҭатәи аусеицура алыршара Аԥсни Урыстәылеи Рконституциатә ӡбарҭақәа рыбжьара. Ҳазыԥшуп ҳнапы зҵааҩыз Амеморандум ҳтәылақәа рконституциатә усбарҭақәа рыбжьара аинырра аҿиараз имҩақәҵагахоит ҳәа" — лҳәеит Ԥлиаԥҳа.
Амеморандум хықәкыс иамоуп азин аусхк аҟны аинырреи аусеицуреи рзы ашьаҭақәа раԥҵара, аконституциа-ӡбарҭатә усураҿы аԥышәа аимдара, аҳәынҭқаррақәа рыҩбагь рҟны аус зуа аконституциатә зин аҭҵаареи иара ахархәараз апрактикеи рыҭҵаара.
Ажәабжьқәа зегьы
0