Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ахарҵәы сыӡбал, ахарҵәыршла, ачаҩыр": ахарҵәи ахарҵәлыхқәеи ирыхҳәааны

© Sputnik Анжелика БенияИзготовление сыра
Изготовление сыра - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсуа кҿаҩра зырбеиаз ахарҵәи уи иалҵуа ахарҵәлыхқәеи ирызкны аматериал ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аԥсуа цыфақәа реилазаараҿ аҭыԥ лыԥшаах ааныркылоит ахш лыхқәа. Ахш иалҵуеит афатә замана – ахарҵәы ("ахырҵәы" ҳәагьы азырҳәоит). Ажәлар разгәаҭарақәа руак ишаҳәо ала ааԥын, ахарҵәы зныкгьы иумфаӡакәа ушыҟоу, ашьыжь уҩны ахыбра ажәҵыс ныҵԥраар, ахырҵәы угхоит, ахш-хырҵәы уцәмаҷхоит ҳәа иԥхьаӡан.
Ахарҵәы ауаҩы ица аусура акырӡа иазеиӷьуп. Ахарҵәы ахкқәа иреиуоуп: аџьмахарҵәы, ажәхарҵәы, акамбашьхарҵәы. Урҭ ахкқәа инарылукаауеит акамбашьхарҵәы. Акамбашь хшы иалху ахарҵәы даараӡа ижәпахоит, ауаҩы игәы арҭәуеит. Ажәпара хырҽразы акамбашь хши ажә хши еилаҭәаны ахарҵәы аныҟарҵогьы ыҟоуп.
Стадо коров. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2020
Хьарала умаџьанамхарц, абарақьаҭра мцарц: арахәааӡара иадҳәалоу ажәлар разгәаҭарақәак
Рҭаацәа ахарҵәы рыгымхарц, ианынҵәо аламҭалазы аҿыц ҟарҵаратәы аҳәса еснагь ахааҵа (урыс бызшәала "закваска") ҭарҵәахуеит. Ахарҵәы аҟаҵара иадҳәалоу ажәақәоуп: ахарҵәы аҵәрынҵара, ахарҵәы арҵәра.
Ахарҵәы арҵәраан ахш бзианы еиларштәуп. Нас ҳамҭакы инықәыргыланы, анацәкьыс иачҳаратәы ианыҟалалак, ахааҵа аҭаны, аԥхарра ацәымцаратәы иҭаҳәҳәаны иқәдыргылоит. Ахааҵа иакаанӡа ус иаанрыжьуеит. Ахарҵәы анҵәлак, ахьшәашәарахь иԥхьаркуеит.

Ахарҵәлыхқәеи урҭ рыхкқәеи

Дук аџьабаа мбакәа, иааинырсланы иҟауҵо фатәуп ахарҵәы сыӡбал. Ахырҵәы аџьыкхыши аџьыкҵәаҵәеи наҭаны, аххыла алаԥсаны, абри зегьы ааилырхны ахырҵәы сыӡбал алырхуеит.
Аԥхынтәи ашоурақәа раан аԥсуаа ахырҵәы иалхны аӡба хызҽуа арыжәтә ҟарҵон. Ахарҵәы аӡы хьшәашәа алаҭәаны ахарҵәыӡҩа алырхуан.
Ари аҩыза арыжәтә уархьшәашәоит, аӡбашра хнаҽуеит. Ахарҵәыӡҩа даҽакала "ахарҵәыршла", "аӡышла", "аӡыршла" ҳәа азырҳәоит.
Аԥхынра ианҭалалак, ашоурақәа аныӷәӷәахалак ԥсы зхоу зегьы амра ацәылара рцәыцәгьоуп. Амра ашыразы арахәгьы ишахәҭоу изыҳәӡом, ашәшьырақәа рахь рҽыԥхьаркуеит, убри аҟнытә рхьара иагрыжьуеит. Ԥыхьа, ахьара анмаҷыз аамҭазы ахарҵәи, ахаҷеи, ашәаӡа рпыҵи, аџьыкхыш рыҭаны, аҳаҭа илҭаҵаны, ахы ҿаҳәаны амца инахакнаҳаны ачаҩыр ҟарҵон. Ԥыҭрак ашьҭахь иҩҭыганы, рхәы иалаҵаны ирфон. Уажәы ачаҩыр ҟазҵо шамахамзар имаҷуп.
Зеленная алыча  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2022
Аԥсны
"Ҳәаса какал" - аҳәаса иалоу абзиарақәеи аҳәаса сыӡбали
Ахарҵәы еиуеиԥшым ачысхкқәа: ачашә, аилаџь, ачаҳаржә, ахәажәақәа ирыдкыланы ирфоит.

Ахарҵәи жәлар рмедицинеи

Ауаҩы амра данабыллак, ицәа бызбызуа, ихьуа далагоит. Убысҟан иблыз аҭыԥқәа ахьаа ахҽра, архьшәашәара азыҳәа ахарҵәы лхьыршьуеит.
Ажәытәан аҳәса рцәа дыршкәакәаразы иҟарҵоз иреиуан: ахарҵәы (еиҳарак аџьма харҵәы) маҷк ашьаб алаԥсаны иааиларҩынтны ирҿыршьуан. Ԥыҭк ианалабалак ашьҭахь хшла рхы-рҿы рыӡәӡәон, анаҩс идырбон.
Жәлар рмедицинаҟны ахарҵәы ашьапчразы ихәшәуп ҳәа иԥхьаӡан. Ршьапқәа ахьыбызбызуаз ахарҵәы жәпаны иахьыршәуан, ианадҩалалак, ирыӡәӡәон.
Ауаҩы ашьхыц ма ашхырцәаӷь аницҳалак, иахьицҳаз аҭыԥ ашҳам алхны ахарҵәы хьшәашәа ахьыршьуан. Ианалабалак, дырҩеигь иахьыршьуан. Ахарҵәы ашҳам ахьалалаз аҭыԥ ачра ааннакылон, ахьаа хнаҽуан.

Ахарҵәи алафи

Аԥсны даараӡа имаҷуп еицырдыруаз алафҳәаҩ, ажәабжьҳәаҩ Чагә Чаҵә иӡбахә змаҳац. Аччаԥшь згым илаф хҭысқәа руак абра ишәзаазгарц сҭахәуп:
"Чаҵә Чагә мҩакы дықәын, данааԥса, иԥсы неиҭеикразы џьара днымҩахыҵит. Аԥшәмаԥҳәыс лысас ихәы ак агымкәа ицәырылгеит. Аха астол мҳаҵәк ыҵаршәзаарын, иаашьҭылхын, ампахьшьы нахьшьны, имыӡәӡәаӡакәа, ахарҵәы зынны асас изықәлыргылаз асаан инхылҵеит.
Абхазский стол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
Итрадициатәу аԥсуа чысхкқәа: акәацлых, ахәша, ахыжәла, абааӡатәы
Чагә амҳаҵә зхыршәлаз ахырҵәы даламкьысӡеит. Ашәи абысҭеи ааизирхан, иҭабуп ҳәа ахҳәаауа дҩагылеит. Нас амҳаҵә аанихын, ичабра нахьшьшәа иааирыцқьан, астол аҵаҟа иахьыҵаршәыз инаган инышьҭеиҵеит.
Иџьашьо, лыгәгьы иаалсны, аха акгьы мҳәакәа лысас днеизыԥшит аԥшәмаԥҳәыс.
– Ҩнаҭацыԥхьаӡа уахьнеилак улаԥш иҵашәо зегьы ҭыԥк-ҭыԥк рыҭоуп. Абраҟагьы убас акәхап. Амҳаҵә абра ишьҭан, аҭыԥ аҟны ишьҭасҵеит, - иҳәеит Чагә".
Ажәабжьқәа зегьы
0