Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Зхәышҭаарамца еиқәу": ансамбль "Афырҭын" иазкны

© Sputnik / Томас Тхайцук Праздничный концерт ансамбля Афыртын
Праздничный концерт ансамбля Афыртын - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2024
Анапаҵаҩра
1985 шықәса инаркны Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра иалагаанӡа, Гагра араион Асовет Еидгылеи Аҳәаанырцәи иӡырызгоз ансмабль "Афырҭын" иахьагьы ашьаҭа ӷәӷәаны, хьӡи-ԥшеи аманы ԥхьаҟа иргоит ҩыџьа аиҩызцәа Мураҭ Қриеи Алиас Барцыци. "Афырҭын" раԥхьатәи асахьаркыратә напхгаҩы Лев Қьецба идунеи аниԥсах нахыс, дара ҭакԥхықәрала иԥшьаз иус иацырҵеит.
Мураҭ Қриеи Алиас Барцыци ақәра ду рымамзаргьы рнысымҩа ҭбаауп. Дара Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра анеилга, Гагра, Иури Ҭориеи Наур Гәымбеи еиҿкааны ирымаз ахәыҷтәы ансамбль "Агәаԥшь" ахкынагӡаҩцәа иреиуан. Аԥсуа культура иазҿлымҳаз Мураҭи Алиаси рҭаацәа ирҭаххеит, рԥацәа наҟ-наҟ икәашаҩцәаны иҟаларц. Убас, анацәеи абацәеи рыбзоурала аҷкәынцәа асценахь инеит, иахьа шьаҿа ӷәӷәала аҟазаратә мҩа иануп, акәашацәа ҿарацәа еиҵарааӡоит.
Иури Ҭориеи Нури Гәымбеи ансамбль "Агәаԥшь" аамҭа хьанҭақәа иргәылганы аус адаруит, аха шықәсқәак рышьҭахь аколлектив аҿиара маиуӡеит. "Афырҭынгьы" ашьақәгылара иаҟәыҵхьан. 2002 шықәсазы, Лев Қьецба Урыстәылантәи Аԥсныҟа даныхынҳә, ҩаԥхьа "Афырҭын" аидкылара иҽазишәеит, аха уажәазы "Агәаԥшь" ашьаҭала. Ажәакала ихәыҷтәы-хореографиатә ансамбльны ишьақәгылаз "Афырҭын" ахь ииасит "Агәаԥшь" иааӡаз ахәыҷқәа.
© Foto / из архива ансамбля "Афыртын"

Ансамбль "Афырҭын"

Ансамбль "Афырҭын" - Sputnik Аҧсны
1/3

Ансамбль "Афырҭын"

© Foto / из архива ансамбля "Афыртын"

Ансамбль "Афырҭын"

Ансамбль "Афырҭын" - Sputnik Аҧсны
2/3

Ансамбль "Афырҭын"

© Foto / из архива ансамбля "Афыртын"

Ансамбль "Афырҭын"

Ансамбль "Афырҭын" - Sputnik Аҧсны
3/3

Ансамбль "Афырҭын"

1/3

Ансамбль "Афырҭын"

2/3

Ансамбль "Афырҭын"

3/3

Ансамбль "Афырҭын"

Мураҭи Алиаси Гагратәи абжьаратә школ №1 (ԥаса №5 ҳәа иҟаз) аҟны аҵара рҵон. Аҷкәынцәа икәашаҩцәан аҟнытә ашколтә ԥсҭазаара активла иалахәын. Ныҳәак дара рыда имҩасуамызт. Абжьаратә ҵараиурҭа ашьҭахь, аиҩызцәа акультура иадҳәаламыз азанааҭқәа ирызхьаԥшны ауниверситетқәа ирҭалеит. Аха рыстуденттә шықәсқәа ирылагӡаны дара ансамбль "Кавказ" аҟны икәашон.
"Сҵара саналга ашьҭахь, сзанааҭ хадала аус сымуӡеит. Избанзар, Лев Қьецба даасыԥхьан, ансамбль "Афырҭын" аҟны сивагыланы ахәыҷқәа азыҟасҵаларц дсыҳәеит. Саргьы гәахәарала сақәшаҳаҭхеит. Шықәсык ашьҭахь, ҳгәыԥ ахь дааҳаԥхьеит Алиас Барцыцгьы. Абас ҳаиҳабы Лев Максим-иԥа даҳхылаԥшуа арҵаҩратә ус ҳҽазаҳкит", - иҳәоит ансмабль "Афырҭын" иахьа анапхгаҩцәа иреиуоу Мураҭ Қриа.
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаМартин Тхамоков х-кәашара ҿыц ықәиргылеит ансамбль "Афырҭын" азы.
Мартин Тхамоков х-кәашара ҿыц ықәиргылеит ансамбль Афырҭын азы. - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2024
Мартин Тхамоков х-кәашара ҿыц ықәиргылеит ансамбль "Афырҭын" азы.
2017 шықәсазы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Гагратәи ахәыҷтәы-хореографиатә ансамбль "Афырҭын" асахьаркыратә напхгаҩы Лев Максим-иԥа Қьецба иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, хьыӡла-ԥшала иус иацырҵеит Мураҭи Алиаси. Сынтәа иҵит бжьышықәса аиҩызцәа рымч еибыҭаны реиҳабы иԥышәа иқәныҟәаны ансамбль ԥхьаҟа ирҿиауа иргоижьҭеи. Аҷкәынцәа ирывагылоуп аклассикатә кәашара арҵаҩцәа Алиаси Ольгеи Чам-иԥацәа.
Лев Қьецба иаамышьҭахь Мураҭи Алиаси шәҩык инареиҳаны аҿар аурыжьхьеит. Иахьазы дара еиҿкааны ирымоуп агәыԥқәа хԥа. Аиҳабыратә гәыԥ 50-ҩык акәашацәа рыла ишьақәгылоуп.
"Аиҳабыратә гәыԥ иҭышәынтәалоу, агәыԥқәа зегьы ирхаҿу ансамбльны иҳамоуп. Иароуп иахьа ҳтәылеи ҳраиони еиуеиԥшым афестивальқәеи аконкурскәеи рҟны иӡырызго. Аколлектив адгылара арҭоит Гагра араион ахадареи аҭаацәеи. Аха ҳара убас иазыӡбаны иҳамоуп, аԥхынтәи аамҭазы аконцертқәа мҩаԥганы иҳарҳауа аԥарала акостиумқәа рыӡахрахь ашьҭра. Избанзар аиҳабыратәи агәыԥ жәа-қәгыларак амоуп. Акәашарақәа зегьы амаҭәа рышьашәало иҟазароуп, аҭаацәа рхарџьла мацара иуадаҩуп акостиумқәа рыӡахра. Егьырҭ агәыԥқәагьы асценахь инаҳгахьеит. Ахәыҷқәа зҳацыԥхьаӡа, рықәра иаҵанакуа агәыԥқәа рахь ииаҳгоит. Абжьаратәи аиҵбыратәи агәыԥқәагьы 50-50-ҩык ҳәа рхыԥхьаӡара еихшаны иҳамоуп. Азыҟаҵарақәа мҩаԥаагоит Гагратәи аҟазаратә школ ахыбраҟны. Аиҳабыратәи агәыԥ мчыбжьык ԥшьынтә хԥа-хԥа сааҭ аус рыдааулоит, абжьаратә гәыԥ - мчыбжьык хынтә ҩба-ҩба сааҭ, аиҵбыратәи агәыԥ - мчыбжьык хынтә 1,5-1,5 сааҭ. Иҳамоуп акәашаратә студиагьы ахәыҷӡақәа рзы. Агәыԥқәа администраторцәа рхылаԥшуеит. Аиҳабыратәи агәыԥ рзыҟаҵарақәеи, рконцертқәеи, ркостиумқәеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа лнапы иануп Кристина Камлиаԥҳа, егьырҭ агәыԥқәа дырхылаԥшуеит Анжела Арсалиаԥҳа. Аколлектив аҟны аӡәы имацара аус изуӡом. Иахьа иҳамоу аихьӡарақәа ҳзеиԥш уси ҳаидгылареи роуп изыбзоуроу", - рҳәоит аиҩызцәа Мураҭи Алиаси.
Праздничный концерт ансамбля Афыртын - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2022
Аԥсны
"Афырҭын" 20 шықәса: аныҳәатә концерт шымҩаԥысыз
Мураҭ Қриеи Алиас Барцыци ансамабль "Афырҭын" иахагылоуижьҭеи ҩыџьа раушьҭымҭацәа Афина Параскевопулеи Ариана Скрыли Урыстәыла акультура аинститут иҭалахьеит, сынтәа Русҭам Папбеи Руслан Пеклеваниани ргәы иҭоуп, ҳаԥхьаҟа хҩык ршьҭырц рҭахуп: Лолита Арӡынԥҳаи, Иснаҭ Чхабелиеи, Наур Гьерзмааи.
Ансамбль "Афырҭын" аиҳабыратә гәыԥ хыхь ишысҳәаз еиԥш, жәа-қәгыларак амоуп, аԥсуеи Кавказ амилаҭқәа рыкәашарақәеи. Мураҭи Алиаси иргәиҭоуп адыгааи, абазақәеи, ауааԥсааи рыкәашарақәа рылагьы ррепертуар ахарҭәаара.
"Аԥсуа кәашара ануҵа, егьырҭ Кавказ акәашарақәа релементқәа имарианы иузааиуеит. Ҳзеиԥш қәгыларақәа раангьы, Кавказтәи аколлективқәа разыҟаҵаҩцәа изныкымкәа иазгәарҭахьеит иҵабыргны ус шақәцәҟьоу. Даргьы ррепертуар аԥсуа кәашара алоуп, уи ишахәҭоу еиԥш асценаҟны инарыгӡарц азы ибзиаӡаны рҽазыҟарҵароуп. Ҳара ҳакәашара ахатә ҟазшьа, аелементқәа, атемп амоуп, уи зшьа-зда иалам иааинырсланы иузҵаӡом", - ҳәа азгәарҭоит Мураҭи Алиаси.
© Foto / из архива ансамбля "Афыртын"

Ансамбль "Афырҭын"

Ансамбль "Афырҭын" - Sputnik Аҧсны
1/7

Ансамбль "Афырҭын"

© Foto / Мурат Крия

Ансамбль "Афырҭын"

Ансамбль "Афырҭын" - Sputnik Аҧсны
2/7

Ансамбль "Афырҭын"

© Foto / Мурат Крия

Ансамбль "Афырҭын"

Ансамбль "Афырҭын" - Sputnik Аҧсны
3/7

Ансамбль "Афырҭын"

© Foto / Мурат Крия

Ансамбль "Афырҭын"

Ансамбль "Афырҭын" - Sputnik Аҧсны
4/7

Ансамбль "Афырҭын"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ансамбль "Афырҭын"

Ансамбль "Афырҭын" - Sputnik Аҧсны
5/7

Ансамбль "Афырҭын"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ансамбль "Афырҭын"

Ансамбль "Афырҭын" - Sputnik Аҧсны
6/7

Ансамбль "Афырҭын"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ансамбль "Афырҭын"

Ансамбль "Афырҭын" - Sputnik Аҧсны
7/7

Ансамбль "Афырҭын"

1/7

Ансамбль "Афырҭын"

2/7

Ансамбль "Афырҭын"

3/7

Ансамбль "Афырҭын"

4/7

Ансамбль "Афырҭын"

5/7

Ансамбль "Афырҭын"

6/7

Ансамбль "Афырҭын"

7/7

Ансамбль "Афырҭын"

Ансамбль "Афырҭын" аԥхынразы Гагра араион аконцертқәа рацәаны имҩаԥнагоит. Уи аиҳарак аколлектив ахныҟәгара ауп иззынархоу. Артистцәа ҿарацәа рықәгыларақәа атуристцәа убриаҟара агәахәара рнаҭоит, знык рконцерт иаҭаауа, афишақәа ирыцклаԥшны аҩбатәи ахьгьы инеиуеит.
"Афырҭынаа" ҳаҭыр змоу ансамбльны ирԥхьаӡоит Урыстәыла. Шықәсык ахь ҩынтә-хынтә Шәачеи Дагомыси мацара традициала иаармыԥхьакәа иҟамлацт. Ҵыԥхтәи ашықәс иалагӡаны иреиҳаӡоу аҳамҭа Гран-При "Афырҭынаа" иранашьан Казани, Краснодари, Москвеи имҩаԥысуаз афестивальқәа рҟны.
Сынтәа, ааԥынразы, "Афырҭын" абжьаратәи аиҵбыратәи агәыԥқәа, Аҟәа имҩаԥысуаз афестиваль "Аӡыхь" аҟны актәи аҭыԥқәа ирыԥсахеит.
"Афырҭынаа" ирԥеиԥшуп убас имаҷымкәа ақәгыларақәа Аԥсны анҭыҵгьы. Ҭагалан, иргәиҭоуп аконцерттә программа рыманы Ҭырқәтәылаҟа ацара.
Гагра араион акультура аҿиара иазааԥсо аиҩызцәа Мураҭ Қриеи Алиас Барцыци, хәажәкыра 25, 2024 шықәсазы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа идҵала, "Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵан.
ветеран ОВНА Иури Ториа - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2017
Иури Ҭориа: "Афырҭынаа" ҳҽеибаркны аибашьра ҳцеит
Лев Қьецба иус еихаҳауа ԥхьаҟа изго аҿар, уажәшьҭа дара рхатә ҟазшьа, аныԥшуа иалагеит ансамбль. "Афырҭын" хьӡи-ԥшеи аман иацы, иамоуп иахьа, иамазаауеит уаҵәы.
Мураҭи Алиаси агәыӷра рымоуп, мышкызны акультура аинститут иалго роушьҭымҭацәеи дареи, Лев Қьецба ихьӡ ахҵаны акәашаратә школ "Афырҭын" еицышьақәыргыланы аус еицыруп ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0