Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахәыҷбаҳчақәа рҿы абызшәа арҵара апрограмма ҿыц иалацәажәеит Ахада имҩаԥигаз аилатәараҿы

© FotoНовую программу изучения абхазского языка в детсадах разработали Минпрос Абхазии и Институт педагогики
Новую программу изучения абхазского языка в детсадах разработали Минпрос Абхазии и Институт педагогики - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik. Ахәыҷбаҳчақәа рҿы аҧсуа бызшәа арҵара апрограмма ҿыц иалацәажәеит Аҧсны ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз аилатәараҿы.
Уи еиқәдыршәеит Аҧсны Аҵара аминистрреи Апедагогика аинститути. Абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Аиҧылара иалахәын Аҵара аминистрра анапхгара, абызшатә политиказы аусбарҭа аусзуҩцәа, Апедагогика аинститут аусзуҩцәа, ақалақьқәеи араионқәеи рҵара аҟәшақәа рнапхгаҩцәа.
Аметодика ҿыц абзоурала ахәыҷы дырхәмарны, аинтерактивтә знеишьала абызшәа идырҵоит лҳәеит аҵара аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Ада Кәарҷелиаҧҳа.
Атәыла ахада инаҵшьны иҳәеит ари атема аҵак ду шамоу, аспециалистцәа ирҭаху ацхыраара арыҭара дшазыхиоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0