Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Хәытаба арҩашьыгақәа здызкыло рыхәшәтәра, рыцхраара иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Хәытаба арҩашьыгақәа здызкыло рыхәшәтәра, рыцхраара иазкны
Анапаҵаҩра
2023 шықәсазы Аԥсны анаркологиатә диспансер аҟны ашәҟәы иҭагалан 3419 - ҩык арыжәтә џьбареи арҩашьыгеи хҭакны измоу ҳтәыла ауааԥсыра. Анарколог хада ишылҳәаз ала, 2022-тәи ашықәс иаҿырԥшны иугозар, 500- ҩык рыла еиҳахеит ашьцылара бааԥс змоу. Урҭ рахьынтә 1400- ҩык анаркотикқәа рыда ԥсыхәа змам роуп. Амедицинала рыцхраара анаҩс арҩашьыга здызкыло рыхәышәтәразы, ареабилитациа рзуразы еиуеиԥшым азнеишьақәа рхы иадырхәоит. Уи аганхьала аус мҩаԥызго агәыԥ напхгара азҭо аспорт азҟаза Баграт Хәытаба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит азҵаара иазнеишьа, шаҟаҩы иахьазы арҩашьыга здызкыло ашьцылара бааԥс иалыргаз, гәҭакыс имоу атәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0