Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҷанба ААУ аоператә шәаҳәара аҟәша аартразы: амзызқәа рацәаны иамоуп

Ҷанба ААУ аоператә шәаҳәара аҟәша аартразы: аҵаӡӷәқәа рацәаны иамоуп
Анапаҵаҩра
Аоператә шәаҳәара аҟәша аадыртуеит сынтәа раԥхьаӡа акәны ААУ аҿы. Ари хҭыс бзиоуп аҟазауаа ҿарацәа рзы. Иамоума ари ажәалагала аԥеиԥш, аҭыԥантәи аҵара ирнаҭо аԥышәа зеиԥшрахои, аҵара дзырҵало аҟазацәа зусҭцәахода, ааигәа иалагалаз адирижиортә ҟәша иамоума азҿлымҳара, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор, апрофессор Нодар Ҷанба
Аԥсны иҟоуп амузыкатә ҵараиурҭа, аха уи азхаӡом, ауаҩы иреиҳау аҵара имазароуп, ҳәа азгәеиҭеит аинтервиу аҿы Ҷанба.
"Урыстәыла ицаны аҵара аҭалара даара ицәгьоуп иахьатәи ҳаамҭаз, убри азы алшара раҳҭоит Аԥсны иқәынхо аҿар. Сынтәа аԥышәаракәа зегьы бзианы иаҭаны Москва академиа дҭалеит, акапеллаҿы ашәа зҳәоз, амузыкатә ҵараиурҭа иалгаз, Леон Барас. Аха, иҟоуп ус еиԥш аҭагылазаашьа змам. Иахьа ара иахьааҳартыз, быжьҩык рҟынӡа иҭалар рҭахуп. Ари аус даара иҭҵааны иҳамоуп, аартра аҭахны изыҟаз аҵаҵӷәқәа рацәоуп", - иҳәеит Ҷанба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
ААУ аоператә шәаҳәара аҟәша иҭалар зҭаху зегьы ԥхынгәы 28-нӡа ашәҟәқәа аларҵар рылшоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0