Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аԥсны еицырдыруа ахьӡқәа: Аламиа ирҿиареи иԥсҭазааратә мҩеи иазкны

Аԥсны еицырдыруа ахьӡқәа: Аламиа ирҿиареи иԥсҭазааратә мҩеи иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарратә гимн ажәақәа равтор, Нхыҵи-аахыҵи аешьаратә жәларқәа ахьтәы цҳа рыбжьазҵахьоу, амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара иаветерану, апоет, ауаажәларратә усзуҩы, Таиф Аџьба иҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Геннади Аламиа иахьа ихыҵит 75 шықәса. Аиубилиар ирҿиареи иԥсҭазаареи ртәы арадио Sputnik астудиаҿы далацәажәеит.
Аус ыҟамзар, зыӡбахә уҳәо ҳәа акгьы узынмыжьзар, иухысыз ашықәсқәа акгьы аанагаӡом, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Аламиа. Иара иирамш азгәаҭара бзиа ибаӡом.
"Иахьатәи аамҭаз аиубилеи ныҳәак аҳасабала амҩаԥгара са сзы ииашам. Аҷкәынцәа иҭахаз бжьаратәла 25 шықәса рхыҵуан. Урҭ рылымкаа азгәаҭара, схы ахызбаауеит. Зегьы саԥхьа игылоуп. Амузеиқәа рҿы рсахьақәа анызбо сгәы иаанагоит, абриаҟара аԥшӡареи, ахшыҩи змаз аныҟам, ҳаԥсгьы злаҭои", – ҳәа иҳәеит Аламиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0