Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Анқәаб Хәаԥ амҩа аиҭашьақәыргылара иазкны: ақыҭауаа агәахәа рнаҭеит

Анқәаб Хәаԥ амҩа аиҭашьақәыргылара иазкны: ақыҭауаа агәахәа рнаҭеит
Анапаҵаҩра
Хәаԥ иалсуа амҩа акаҭран ықәырҵеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Анри Анқәаб.
Дәрыԥшь, Џьырхәа, Хәаԥ еидызҳәало амҩа аҭагылазаашьа цәгьан, уажәы акаҭран ықәҵаны еиҭашьақәдыргылоит иҳәеит Анқәаб.
"Ҳахьахәаԥшуа аусурақәа бзианы ицоит, аҳәынҭқарра амчала еиҭашьақәдыргылеит, агәахәара рымоуп ақыҭауаа. Хәаԥ аусурақәа хыркәшоуп, 1400 метра акаҭран ықәҵоуп, зынӡа иқәҵоуп 3 нызқьи 500 метра рҟынӡа, иахьа аусқәа цоит Џьырхәа. Даҽа х-нызқьи хәышә метра аанхеит, нас Дәрыԥшьҟа ииасуеит", - иҳәеит Анқәаб.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0