Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Зашәақәа ҳацу апоет: Иури Лакербаи диижьҭеи 90 шықәса ҵит

© Foto / Анатоли ЛагәлааИури Лакербаи
Иури Лакербаи - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсуа, аурыс поет, акиносценарист, аиҭагаҩ, апублицист, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Иури Лакербаи диит рашәара 24 1934 шықәсазы Иваново ақалақь аҟны. Апоет ирҿиара атәы дазааҭгылоит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Ҳаԥсуа литератураҿы ирлас-ырласны зыхьӡ рымҳәо, аха уи аӡыргареи, аларҵәареи рҿы аџьабаа маҷымкәа избахьаз, ԥсышәала имыҩуаз, аха зырҿиара зегьы аԥсуа ԥсҭазаареи Аԥсни ирызкыз, урысшәала иҩуаз шәҟәыҩҩы бзиан Иури Лакербаи. Уи аԥсуа-аурыс поетны дыԥхьаӡан, Аԥсны ицоз ахҭысқәа зегьы дрылахәын, дрылагылан. Иара акырынтә иҳәо саҳахьан сара сыжәла сахырҟьаны схәыҷра бжьырхит ҳәа. Избанзар, уи аҵара Иваново далгеит, изыхҟьазгьы иҭаацәа арепресиақәа ирыхҟьаны уахь нхара иахьиасыз ауп. 1956 шықәсазы иҭаацәа Аԥсныҟа ихынҳәит, аха зегьы акоуп, иара урҭ еиҭарҳәоз иаҳауаз зегьы иныруан, игәникылон, уимоу, ҵхагәанынӡа дҵәыуа ианиршозгьы ыҟан. Достоевски дуӡӡа џьара иҩхьан: " Ибзиан уҩырц азы, угәырҩозар ауп" ҳәа.
Иури ихәыҷреи иқәыԥшреи ирыцын агәырҩа ӷәӷәа, аха уи иара даиааит, игәырҩа игәы иҭамшькәа ақьаадахь ииаигеит, ирылҵит уаҳа назҭахым ажәеинраалақәеи ажәабжьқәеи. Уи аурыс ԥхьаҩи аԥсуа ԥхьаҩи бзиа деицырбахьан, дрыдыркылахьан дара ирзаааигәаӡоу шәҟәыҩҩык иаҳасабала.
© Foto / Анатоли ЛагәлааИури Лакербаи
Иури Лакербаиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2024
Иури Лакербаи
Насгьы, Иури Лакербаи иажәеинраалақәеи иажәабжьқәеи зегьы аԥсуа-цәа рхоуп, аԥсуара иалиааит, аԥсуара ныҟәыргоит, ԥсышәала еиҭоумгаргьы, ус урысшәала мацара урыԥхьаргьы, иаразнак иубоит аԥсуа инапы ишаҩыз, игәы ишҭыҵыз.
Аҟаза бзиа, еиҳаракгьы апоезиа аҿы, цәаҳәақәак рыла иаразнак иуирдыруеит, аҩымҭа аԥсы ахьҭоу, иаирҳәарц ииҭаху, иныҟәнаго аидеиа хада. Иури Лакербаи инапаҿы иааигахьан апоезиа амаӡақәа, уи ицәаҳәақәа зегьы еидарак-еидарак ирыҵан, хьаак-хьаак рыман, ргәырҩеи ргәырӷьареи иахьаҭахыз, иахьаҭыԥыз аҵәахышьагьы ацәыргашьагьы иақәшәон. Насгьы иҟалалоит апоезиаҿы, ажәеинраала мышкы-ҩымш аԥсы ҭаны, нас ирласны ианырхашҭуа, иугәалазыршәаша, уеиҭашьҭрақәлан уазырԥхьаша аԥшӡареи аҵаулареи аназымхо. Урҭ мышктәи аԥарԥалыкьқәа реиԥш, мышктәи жәеинраалақәоуп, рлахьынҵа кьаҿуп.
Аха, Лакербаи ипоезиеиԥш иҟоу апоезиа бзиа, уи ҩнуҵҟала иамоуп убри аҩыза амч, аԥхьаҩ дызмышьҭуа, дзырхынҳәуа, есымша дрыԥхьацԥхьаӡа ҿыцк-ҿыцк иазҳәо.
Иҟалап, убри аҩыза апоезиа акәзар ирлас- ырласны изызхьаԥшлатәугьы. Шаҟа игәыҭшьаагоузеи аԥсуа жәлар иҳашьцәаз, амҳаџьырра иахәлабгаз амилаҭ аублаа рлахьынҵа атәы ахьиҩуа апоет. Уи аԥсшәахь ҟазарыла еиҭеигеит Таиф Аџьба. Абри нахыс иаазго ажәеинраалақәагьы аԥсшәахь еиҭазгаз иара иоуп.

Аублаа иуаз

Сҽеилаҳәашьақәа зхаҿы иаанхада?!
Сабџьаргьы рхашҭит, ирхашҭит сбызшәа.
Акгьы сызнымхеит сыхьӡ заҵә ада,
Ахьӡ амацара иазызуазеи шьҭа?!
Ахьшьыцбақәа ҧхьарҭас иахьрымаз,
Ашьха ԥагьақәа, ичашәу адәқәа,
Сыжәлар ирыжәлатәу уаҩ дахума –
Наҟ еихәлацәахьеит рхәышҭаарақәа.
Иршьыз, ирҭииз, зҭыӡҭыԥқәа дырҩашьаз,
Амшын еиқәа иахәлабгаз, иҟамкәа рҟәых…
Шьҭа дабаҟаху урҭқәа еилзыргаша,
Еиламырцҳакәа издыруа сҭоурых.
Иҽырба-ҽырбоит ахра цыҩцыҩқәа,
Аха идагәақәоуп, рыгәқәа хаҳәуп.
Аӡәгьы хыхь-хыхьла, урҭ хьаас имкыкәа,
Жәеинраала еижьагак рзикырц даҿуп.
Ааԥын арҩашқәа илеиуа ихышхыҵәа,
Лымҳаҵхыган иааҟәымҵӡакәа иҳәҳәоит:
– Урзыԥшы, уара, уҿыха, мцахәыцәа,
Ҳажәлар ықәӡааны ицоит, уара, ицоит!..
Инаскьоит, инаскьоит ихыхәхәала…
Рышьҭа зыхбалаз амшын еиқәтәахьеит.
Уарбажә лахьынҵацәгьақәак кьыууеит ихалан.
Ажәлар аныӡааит. Адгьыл аанхеит.
Виталий Амаршан - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2023
Аԥсны
Алахьынҵа бзиа зцымныҟәаз апоет: Витали Амаршьан игәалашәара иазкны
Уажәы ҳнанԥшылап маҷк апоет инысымҩа:
Лакербаи Иури Асҭамыр-иԥа диит рашәара 24 1934 шықәсазы Урыстәыла, Иваново ақалақь аҟны. Аԥсуа, аурыс поет, акиносценарист, аиҭагаҩ, апублицист. СССР-и Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа, ашьҭахь – Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа рлахәыла. Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан (2004, ишәҟәы "Иалкаау. Ажәеинраалақәа" рзы. М., 2000). Дыҩуан урысшәала.
Ихәыҷреи иқәыԥшреи ихигеит Аԥсны. 1945–1948 шш. раан Гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол дҭан. Абжьаратә ҵара хиркәшеит Иваново. Иҭаацәа уахь ииасит ауаа андырӡуаз аамҭа цәгьақәа ирыхҟьаны. 1956 шықәсазы. иҭаацәа Аҧсныҟа ихынҳәит. Минсктәи Абаҩрҵәыра аинститут далгеит (1962), иара убас Москва, СССР Аҳәынҭкино иатәыз асценаристцәеи арежиссиорцәеи Иреиҳау ркурсқәа дрылгеит (1967). Иреиҳау аҵараиурҭа данҭаз аҳәеилышьра азы аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ иоуит (1959), насгьы Белоруссиатәи ССР ажәларқәа Рспартакиада дачемпионхеит, дрылахәын егьырҭ аицлабрақәагьы.
1990–1992 шықәсқәа раан ажурнал "Литературная Абхазия" (Аҟәа) аредактор хадас дыҟан. Аус иуан агазеҭ "Советская Россия" (Москва) аредакциа акорреспондентс, уаҟа икьыԥхьуан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазкыз аматериалқәа. Апоет днеиуан ажәыларқәа ахьымҩаԥысуаз аҭыԥқәа рҟны.
Сарион Таркил - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2023
Ашьац иаӷрамгылоз апоет: Сарион Ҭаркьыл игәалашәаразы
Апоет илахьынҵа егьа даҟьазаргьы, дкыднаҟьазаргьы, иажәеинраалақәа есымша ицын, урҭ игәҭыха рҳәон, иаадрыԥшуан игәы ԥызжәоз, дзыргәырӷьоз, дзырхәыцуаз. Аԥхьаҩ игәы ԥымҵәаӡакәа, идоуҳатә ԥсҭазаара дазааигәахон, далалон, иажәеинраалақәа "рыԥсҭазаара" дара рахь ииаигон.
Исгәаԥхоит урҭ, ахӡыргара иашьҭам,
Урҭ – бла ихгылам, ашьшьыҳәа иаауа,
Ахьӡ-аԥша аныршо ашацәа ирбарҭам,
Зычҳара дуу, иҟәышу ауаа.
Реиԥш зеиԥшу роуп рыҩныҟа имҩахыҵуа,
Руалқәа роуп ирызнеиуа еиҭах.
Усгьы ирыцҳаха избада инкахәыцуа –
Шьанҵалыхуп ҳәарадагьы ргәаӷь.
Изқәу адгьыл иаларсуп дацла,
Иҟалаӡаргьы зны рымш мыждаха –
Урҭ ҵахарак ала рыӷәӷәара иацлоит,
Урҭ ҵахарак ала ибеиоуп иаҳа.
Апоет ирҿиара еиҳараӡак Аԥсни Урыстәылеи ракәын иахьҿиоз, уи иқәынхо ауааи, иара аԥсабареи ракәын изызкызгьы. Сарион Ҭаркьыл алитература дахьалацәажәо истатиақәа руак аҿы ииашаҵәҟьан иазгәеиҭоит:
"Иури Лакербаи данхәыҷыз аахыс ауадаҩрақәа дышрылагылаз изҳаит, акырџьара дцәыҵаххит, иоуит ашьапҿаршәқәа маҷымкәа, аха илахьынҵа даиааит, игәы иҭаз ацәиҳәеит. Ус анакәха, апоет игәахәтәы дахьӡеит, иаԥхьаҩцәа рыгәқәа рҟынӡа днеит."
Абар уи шаҟа иқәҿиоз алирикатә жәеинраалақәа:

Аиҭныԥсахлара

Асааҭ ахҭнысҵеит
Ааԥынтәи акәыкәу,
Ҿнаҭлап
Анхара-анҵыра сгәы азҭаҵо.
Смацәаз ахҭнысҵоит
Ачча лаша зҿықәу,
Акәараҷҷа – аккара рҿыхо ицо.
Асааҭ, акәыкәу,
Амацәаз, акәара
Иахҭнысҵоит арҭ зегь
Чарак сзыҿҳәароу –
Аԥхьахә згаз аҽыҩ
Иазыруа чарак…
Исыман ҽыҩк зны
Убасеиԥш ифцырҟьоу.
Асааҭ, акәыкәу, амацәаз,
Акәара, ачара –
Илыхҭнысҵоит ԥҳәызбак
Арҭ зегьы срыгәҭас.

Уи лыда

Нхашьа сымам аԥсабараҿ,
Уи лоуп аргама
Иахьа абас сзытҟәаз.
Иахҭнысҵоит арҭ зегь
Лыччаԥшь гәазырҳага,
Уи лылаӷырӡ гәзызҭам,
Сызго сбылны,
Уи лыбла
Зны сзыргәырӷьо, зны сзырхаго
Иҟама ццышәха
Исылало ҽазны.
И. Лакербаи иажәеинраалақәа рнылон ажурналқәа: "Юность", "Алашара", "Черкесский мир", "Аҟәа-Сухум", агазеҭқәа "Литературная газета", "Советская Россия", "Советская Абхазия", "Абхазия" уҳәа егьырҭгьы. Ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, аиҭагақәеи, иара убас астатиақәеи, аочеркқәеи, арепортажқәеи реизгақәа жәпакы дравторуп.
Заур Налоев - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2023
Аԥсны
Адунеи иақәлаз ашәҟәыҩҩы: Заурби Налоев диижьҭеи 95 шықәса ҵит
И. Лакербаи исценариақәа рыла иҭыхуп афильмқәа хәба: "Сотвори бой" (1967 "Белорусьфильм"), "Могила льва" (1970, Белорусьфильм", "Рыцарь из Княж-городка", (1976, "Ленфильм"; "Путь к медали" (ҩ-сериалк, 1980, "Мосфильми" иапониатәи акиностудиа "Тоеи" еицҭырхыз, "Свидетель" (1992, "Аԥсуафильми" А.П.Довженко ихьӡ зху Киевтәи акиностудиеи еицҭырхыз).
Аҵак ҷыда амоуп "Свидетель" (арежиссиор М. Мархолиа), избанзар ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны ҳазҭагылоу аамҭазынӡа зымҽхазкуа аҟны иаарԥшуп аԥсуа жәлар рфилософиеи, рҭоурыхи, ркультуреи.
И.Лакербаи илагала дууп аԥсуа литература аӡыргараҿы. Аурысшәахь еиҭеигеит Т.Аџьба, Р.Смыр, В.Анқәаб, Н.Ҭарба, Б.Гәыргәлиа, Кә.Герхьелиа, П.Бебиа, Г.Аламиа ражәеинралақәа, А.Возба, Н.Кәыҵниа уҳәа рпрозатә ҩымҭақәа.
Иури Лакербаи Апсны иԥсы аҽҳәаран, ҳара арҿиара знапы алакыз аҿар ирлас-ырласны аус ахьаауаз аредакциақәа рҿы днеиуан, дҳацәажәон, даара иҿҵаа бзиан, насгьы алитературатә гьама бзиаӡа иман, адунеитә литератураҿы дзыԥхьахьаз рацәан, ҳаргьы урҭ зегьы ҳацәтәымымзарц иҭахын. Иагьараан абри ашәҟәы шәамыԥхьакәа шәымун ҳәа ҳнапы иаиркхьан, нас лафынгьы инациҵон, ишәгәаԥхаҵәҟьар, ишәмырхынҳәыргьы ҟалоит ҳәа. Сара дсықәымшәацызт убас згәы аартыз, убас зҟазшьагьы џьбараз, аха ашәымҭаказ згәы хьаԥссоз, уанигәаԥха, ишәыбжьоу ақәрагьы дахәамԥшыкәа, аҩызара дуӡӡа узызуаз поетын. Абри астатиа хәыҷы злахсыркәшо иажәеинраалақәа руак ацыԥҵәаха иара илахьынҵа даара иазааигәоуп:
Ажәҩақәа еикәамԥсо зынӡа,
Жәҩанаҿ иԥсыр аҭахызшәа
Игьежьуан, игьежьуан ахьшьыцба –
Избон зыгәра сзымгаӡо ԥхыӡшәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0