Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бедиа аныхабаа аҟны ихыркәшоуп Хьыбла Гьерзмааԥҳаи "Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи" рконцерт

© Sputnik / Томас ТхайцукXXII Музыкальный фестиваль "Хибла Герзмава приглашает…" в Бедии
XXII Музыкальный фестиваль Хибла Герзмава приглашает… в Бедии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 18 — Sputnik. Бедиатәи аныхабаа аҟны раԥхьатәи аконцерт хыркәшахеит Хьыбла Гьерзмааԥҳа иналыгӡаз, еицырдыруа асоветтә композициа амотив иалхны "Бедиатәи ахәылԥазқәа" ала.
Аконцерт иаҭааит шәҩыла ахәаԥшцәа. Аныхабаахь инагоу амҩа амашьынақәа ргыларҭа амамкәан иҭәит, Ирацәаҩуп ҩ-километрак змашьынақәа ргыланы шьапыла аконцерт ахәаԥшра ицаз.
Апрограмма аҟны иҟан аԥсуеи аурыси жәлар рашәақәа, асовет композиторцәа раԥҵамҭақәа.
Академиатә хор ду "Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи" адирижиор Лев Конторович инапхгарала инанагӡеит аԥсуа жәлар рашәа "Ахәра ашәа".
Аконцерт Дырмит Гәлиа диижьҭеи сынтәа 150 шықәса аҵра иазкын. Аныхабаа аҿаԥхьа иаартын ацәыргақәҵа: уаҟа иҟан Дырмит Гәиеи иҭаацәеи еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыхыз рфотосахьақәа рыхкьыԥхьаа.
Аконцерт Дырмит Гәлиа диижьҭеи сынтәа 150 шықәса аҵра иазкын. Аныхабаа аҿаԥхьа иаартын ацәыргақәҵа: уаҟа иҟан Дырмит Гәиеи иҭаацәеи еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыхыз рфотосахьақәа рыхкьыԥхьаа.
2001 шықәсазы Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" аԥылҵеит адунеи аҟны еицырдыруа аԥсуа оператә шәаҳәаҩы, Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартист Хьыбла Гьерзмааԥҳа.
Ажәабжьқәа зегьы
0