Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәартаа Гал араион аҵарашықәс ишазыҟаҵоу атәы

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәартаа Гал араион аҵарашықәс ишазыҟаҵоу атәы
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашколқәа рҿы аҵарашықәс ҿыц алагеит. Гал араион ашколқәа ирҭагылазаашьоу, арҵаҩцәа рыла иахьынӡеиқәшәоу, ирызхома арҵага ашәҟәқәа, актәи аклассахь шаҟаҩы рызнеиз, ахәыҷбаҳчақәа шаҟа рымоу, иҟоума шьаҭанкыла зеиҭашьақәыргылара аҭаху арҵаратә хыбрақәа, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ, аҵареи акультуреи хылаԥшра рызҭо Џьамбул Кәартаа.
Иара иазгәеиҭеит Гал араион аҟны ақыҭа школқәа зегьы аиҭашьақәыргылара зҭаху ракәны ишыҟоу. Ақалақь аҟны ашколқәа ҩба ыҟоуп, ақыҭақәа рҿы 17. Араион аҟны аус руеит ахәыҷбаҳчақәа 7. Ашколхәыҷқәа рхыԥхьаӡара 2 650 ҩык ыҟоуп, урҭ рахьынтә актәи акласс ахь ицеит 210-ҩык.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0