Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ашәба Аԥсны аҽааӡаразы: аҽырҩырҭа аҟамзаара ҳԥырхагоуп

Ашәба Аԥсны аҽааӡаразы: аипподром аҟамзаара ҳԥырхагоуп
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҽааӡаҩцәа рҽыҩқәа аиааирақәа ргеит Нальчиктәи аҽырҩырҭаҿы. Аԥсуа ҽааӡаҩцәа рҽыҩқәа иаадырԥшуа алҵшәақәеи, ари ахырхарҭа ҳтәылаҿы иамоу аҿиареи, уи иацу ауадаҩрақәеи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҽааӡаҩ, аспорт азы атәыла ахада иабжьгаҩ Ахра Ашәба.
Нальчиктәи аҽырҩырҭаҿы Ахра Ашәба иҽы Марискаль аиааира агеит ҩышықәса зхыҵуа араԥ шьацқьа злоу аҽыҩқәа рыбжьара Аԥхьахә ду азы 1400 метра иҟоу аиԥхныҩлараҿы.
Саид Сақаниа иҽыҩ Аԥсны Мечта раԥхьа иааит ҩышықәса зхыҵуа англыз шьацқьа злоу аҽқәа рыбжьара Нальчиктәи аҽырҩырҭа 85 шықәса ахыҵра иазкыз 1400 метра иҟаз аиԥхныҩлараҿы.
Нодар Ҵышәба иҽыҩ Радеда ахԥатәи аҭыԥ агеит хышықәсеи инеиҳани изхыҵуа англыз шьацқьа злоу аҽыҩқәа рыбжьара Нальчик 300 шықәса ахыҵра иазкыз Аԥхьахә азы.
Аҽааӡаҩ Ахра Ашәба арадиоефир аҿы инарҭбааны еиҭеиҳәеит аицлабра атәы, иара убас Аԥсны аҽааӡара ҿиарас иамоу.
"Аԥсны иҟазароуп аҽааӡаразы иаҭаху аҭыԥқәа, раԥхьа инаргыланы аҽырыҩрҭа, насгьы аҽы азыҟазҵо ауаа. Ҳтәылаҿы аҽы ааӡаразы аԥсабара анаалоит, аха аҽырҩырҭа аҟамзаара иахҟьаны аҽқәа аҭыԥан иҳазбом. Уи аус бзиа избо рацәаҩуп, аԥсуаа иаҳҵасуп, иаҳқьабзуп, акажьра ииашахаӡом" – ҳәа иҳәеит Ашәба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0