Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лыхны ақыҭан афымцатә цәаҳәақәа реиҭарҿыцра иалагеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Бзыпская подстанция
Бзыпская подстанция - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 10Sputnik. Лыхны ақыҭан афымцатә цәаҳәақәа реиҭарҿыцра иалагеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Бганба иажәақәа рыла, Аџьамҽыӷра аҳаблан инхо 40 ҭаацәара афымцалашаразы ауадаҩрақәа рыман.
"Амшынеиқәафымцамч" аҟазауаа 21 шьаҟа дыргылеит, зымчхара 160 кВА иҟоу атрансформатор ықәдыргылеит. Анаҩстәи аусурақәа рыхәҭа — ацәаҳәақәа рнагароуп.
Аусурақәа рзы аԥара азоужьуп ареспубликатә биуџьет аҟынтәи, урҭ амчыбжь нҵәаанӡа ихыркәшахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0