https://sputnik-abkhazia.info/20240912/aati-aashei-tabaguei-smyri-asnyi-urystylei-reizyazaashaa-rty-1052255447.html
Аҳәатәи аҳәашьеи: Табагәуеи Смыри Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ртәы
Аҳәатәи аҳәашьеи: Табагәуеи Смыри Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ртәы
Sputnik Аҧсны
Аԥсни Урыстәылеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуижьҭеи 16 шықәса ҵит. Аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа рԥеиԥши ицәырҵуа ауадаҩрақәеи рзы, арадио Sputnik... 12.09.2024, Sputnik Аҧсны
2024-09-12T17:06+0300
2024-09-12T17:06+0300
2024-09-13T13:00+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/09/0c/1052256558_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_5adf9eb1cefbae6f85f701fdbb8a03fd.jpg
Аҳәатәи аҳәашьеи: Табагәуеи Смыри Аԥсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ртәы
Sputnik Аҧсны
Аҳәатәи аҳәашьеи: Табагәуеи Смыри Аԥсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ртәы
Аԥсни Урыстәылеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуижьҭеи 16 шықәса ҵит. Аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа рԥеиԥши ицәырҵуа ауадаҩрақәеи рзы, арадио Sputnik адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" аҿы ргәаанагарақәа рҳәеит ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩ Баҭал Табагәуеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс иҟаз Зураб Смыри.Табагәуа иазгәеиҭеит иацы ҳшыҟаз, иҳамаз, иахьатәи ҳҭагылазаашьа, ҳахьцо азы анализ ҟаҳҵаӡом, ҳаҩнуҵҟатәи аполитика аганахьала "ҳлаҵатәқәа" ҽеим ҳәа."Шәахәаԥш 2008 шықәсазы иҳамаз аизыҟазаашьа, уаацәҟьа иаҳаҩыз, нас шәахәаԥш 2014-тәи ашықәс, нас 2019 шықәсазы иаарышьҭыз ақьаадқәа, 2020 шықәсазы Аслан Гьаргь-иԥа инапы зҵеиҩз… Шәахәаԥш аҿыц аиқәшаҳаҭраҟны ҳара ҳганахь иаҳгаз. Убри аӡәыр иҟаиҵахьоума анализ? Аҳәынҭқарра ду асистемала аус ауеит. Уи уаналашәалак, ахы ухагылазароуп уазхәыцырц. Уаҵәы иааиуа апроблемақәа зегьы ныҟәигароуп сара иахьа исыӡбо. Сара снапы зҵасыҩз уаҵәы иааиуа нагӡатәыс иоуеит", - иҳәеит Табагәуа.Зураб Смыр иазгәеиҭеит, Аԥсны азхаҵара аиуаанӡа аԥсуа дипломатцәа рхыԥхьаӡара маҷны ирылшаз шырацәоу, ҳаамҭазы астратегиатә партниор дҳамоуп ҳәа џьарак аангылара шыҟамло, аԥсуа дипломатиа иахьагьы аус ауазар шакәу.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/09/0c/1052256558_96:0:1233:853_1920x0_80_0_0_ece9652ff8b0c52180960fd21e8251f1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Аԥсни Урыстәылеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуижьҭеи 16 шықәса ҵит. Аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа рԥеиԥши ицәырҵуа ауадаҩрақәеи рзы, арадио Sputnik адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" аҿы ргәаанагарақәа рҳәеит ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩ Баҭал Табагәуеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс иҟаз Зураб Смыри.
Табагәуа иазгәеиҭеит иацы ҳшыҟаз, иҳамаз, иахьатәи ҳҭагылазаашьа, ҳахьцо азы анализ ҟаҳҵаӡом, ҳаҩнуҵҟатәи аполитика аганахьала "ҳлаҵатәқәа" ҽеим ҳәа.
"Шәахәаԥш 2008 шықәсазы иҳамаз аизыҟазаашьа, уаацәҟьа иаҳаҩыз, нас шәахәаԥш 2014-тәи ашықәс, нас 2019 шықәсазы иаарышьҭыз ақьаадқәа, 2020 шықәсазы Аслан Гьаргь-иԥа инапы зҵеиҩз… Шәахәаԥш аҿыц аиқәшаҳаҭраҟны ҳара ҳганахь иаҳгаз. Убри аӡәыр иҟаиҵахьоума анализ? Аҳәынҭқарра ду асистемала аус ауеит. Уи уаналашәалак, ахы ухагылазароуп уазхәыцырц. Уаҵәы иааиуа апроблемақәа зегьы ныҟәигароуп сара иахьа исыӡбо. Сара снапы зҵасыҩз уаҵәы иааиуа нагӡатәыс иоуеит", - иҳәеит Табагәуа.
Зураб Смыр иазгәеиҭеит, Аԥсны азхаҵара аиуаанӡа аԥсуа дипломатцәа рхыԥхьаӡара маҷны ирылшаз шырацәоу, ҳаамҭазы астратегиатә партниор дҳамоуп ҳәа џьарак аангылара шыҟамло, аԥсуа дипломатиа иахьагьы аус ауазар шакәу.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.