Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гәынба аԥхын Акурорт Пицунда аусура иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гәынба Акурорт Пицунда аусура иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥхынтәи акурорттә аамҭа хыркәшоуп, акадифа аамҭа ҳәа ззырҳәало ҳҭагылоуп. Изеиԥшрааз Акурорт Пицунда азы сынтәатәи аԥхын, аихьӡарақәа залыршахама, уадаҩрақәас ирымоу, акомплекс арҿиаразы аҭагылазаашьа шыҟоу, иарбан зҵаарақәоу зыӡбара хымԥадатәины иҟоу аԥсшьаҩцәа аԥхьаҟагьы радԥхьаларзы, абарҭкәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Еидҵоу аԥсшьарҭақәа "Акурорт Пицунда" аиҳабы Фрикан Гәынба.
Иахьа уажәраанӡа 24 нызқьҩык рҟынӡа атуристцәа рыԥсы ршьахьеит Акурорт Пицунда аҟны. Ари амзазы аԥсшьарҭақәа ҭәуп, ҳаамҭазы 2-нызқьҩык рҟынӡа рыԥсы ршьоит ҳәа иҳәеит Гәынба. Иара иазгәеиҭеит, Аиааира амшныҳәазы ишырзыԥшу Нхыҵ–Кавказынтә хатәгәаԥхарала Аԥсны ахьчара иаази урҭ рҭаацәеи, 200-ҩык инареиҳаны ауаа.
Акурорт аҿы аԥсшьаразы аҭагылазаашьа аиӷьтәразы аҟаҵатә рацәоуп, асезон иҵегьы еиӷьзар ҳҭахын, аха "ҳацәгьаӡам, угәы иаахәартә иҟоуп иахьатәи аҭагылазаашьала" иҳәеит Гәынба.
Ихымԥадатәны иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит ахыбрақәа ҩба реиҭашьақәыргылара, аӡымҩангага аԥсахра.
Фрикан Гәынба иазгәеиҭеит Акурорт Пицунда иахьа еицырдыруа ахьӡ шамоу, аха ҳаамҭа иақәшәо ишыҟам.
Еидҵоу аԥсшьарҭақәа "Акурорт Пицунда" ахыбрақәа 7 еиднакылоит, урҭ рахьынтә ԥшьба рҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргахьан шықәсқәак раԥхьа, убасгьы аус адулан акорпус "Аԥсны".
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0