Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсны ауааԥсыра Аҟәа ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсны ауааԥсыра Аҟәа ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит 1993 шықәса цәыббра 27 акраамҭа иззыԥшыз ахьыԥшымра амҩахь раԥхьатәи ашьаҿақәа ишреиуаз.
"Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра алҵшәахеит шьаҿа-шьаҿала ҳадгьыл ахы иақәиҭызтәуаз ҳаибашьцәа ргәымшәара. Аԥсуа еибашьцәа ирывагылан Нхыҵ Кавказынтә, Урыстәыла, егьырҭ атәылақәа рҟынтәи ҳашьцәа, урҭ рыцхыраара аиааира агараҿы акраҵанакит", — ҳәа аҳәоит адныҳәалара аҟны.
Аҳәынҭқарра ахада Аҟәа ахақәиҭтәра хықәкык еиднакылаз аԥсуа жәлар иарбан ԥышәаразаалак ишыриааиуазы иҿырԥшыгоуп ҳәа азиҳәеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0