Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Тҟәарчал ақалақь амҩадуқәа рҿы ҳаамҭа иақәшәо арлашагақәа шьақәыргылахоит

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииСовременное уличное освещение установят в Ткуарчале
Современное уличное освещение установят в Ткуарчале - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.10.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 7- Sputnik. Тҟәарчал ақалақь амҩадуқәа рҿы ҳаамҭа иақәшәо арлашагақәа шьақәыргылахоит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Нанҳәамза аҽеиҩшамҭаз инаркны иахьанӡа аусурақәа мҩаԥысуеит Аидгылара, Абжьыуаа, Горки, Сосналиев, Нарҭаа, Гәлиа рымҩадуқәа рҿы иҳәеит Тҟәарчал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Кәыҵниа.
Зышьақәыргылара азгәаҭоу алашарбагақәа 150 рҟынтәи 130 дыргылахьеит. Хә-метрак аҩаӡара змоу алашарбагақәа 100 Вт амч амоуп, дара LED-лампақәеи автоматла аҿакра/аҿыхра рсистемеи рыла еиқәыршәоуп.
Шьаҟак 100 нызқьмааҭ рҟынӡа иаԥсоуп. Афинансқәа азоужьуп араионтә бүџьет аҟынтәи.
Ажәабжьқәа зегьы
0