Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гәынба Аԥсни Нхыҵ-Кавкази ркультуратә еимадарақәа рырӷәӷәара атәы

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гәынба Аԥсни Нхыҵ-Кавкази ркультуратә еимадарақәа рырӷәӷәара атәы
Анапаҵаҩра
Тхапсаев ихьӡ зху Аахыҵ -Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә театр агастрольқәа мҩаԥысуеит Аԥсны. Мышқәак рнаҩс ҳтәыла иаҭаараны иҟоуп Ҟарачы-Черкесстәылатәи аҳәынҭқарратә акәашаратә театр. Арадио Sputnik аефир аҟны Акультура аминистрра акультуреи аҟазареи рыҟәша аспециалист хада Адамыр Гәынба еиҭеиҳәеит ҳаешьаратә республикақәеи ҳареи ҳкультуратә еимадарақәа ҿиашьас ирымоу, ари ашықәс иалагӡаны иарбан уснагӡатәқәоу иазгәаҭоу.
Тхапсаев ихьӡ зху Нхыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә театр агастрольқәа Аԥсны имҩаԥысуеит жьҭаарамза 16, 17 рзы.
Аԥсуа драматә театр асценаҿы идырбахоит аспектакльқәа "Аҳ Лир", "Аҽымҵ".
Жьҭаара 19 инаркны 21-нӡа Аԥсны ақалақьқәа рҟны иқәгылоит Ҟарачы-Черкесстәылатәи аҳәынҭқарратә акәашаратә театр. Амза 19 рзы Тҟәарчал, 20 рзы Очамчыра, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны жьҭаара 21 рзы.
Арҭ аколлективқәа Аԥсны раҭаара еиҿнакааит Акультура аминистрра.
Ажәабжьқәа зегьы
0