https://sputnik-abkhazia.info/20241122/asdu-astsena-ileit-asua-teatr-aspektakl-yts-iazkny-1052944892.html
"Асду" асцена иқәлеит: Аԥсуа театр Алықьса Гогәуа ироман ала аспектакль ҿыц иазкны
"Асду" асцена иқәлеит: Аԥсуа театр Алықьса Гогәуа ироман ала аспектакль ҿыц иазкны
Sputnik Аҧсны
Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы, зыԥсы ҭоу аклассик Алықьса Гогәуа ироман "Асду" қәҿиарала иқәыргылоуп С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа театр аҿы. 22.11.2024, Sputnik Аҧсны
2024-11-22T13:00+0300
2024-11-22T13:00+0300
2024-11-22T14:02+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0b/14/1052932167_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_93daaf6b203313cdeec31066908f6493.jpg
Акыр шықәса ҵуан абасеиԥш иҟоу формалеи ҵакылеи иӷәӷәаны еиларсу, ихьанҭоу, иҵаулаӡоу аҩымҭа, ароман аспектакль алхны иқәдмыргылеижьҭеи ҳаԥсуа театр аҟны. Аиашазы, уи азы даара агәаӷьра ду змоу, даара збаҩхатәра ҳараку арежиссиор дцәырҵыр акәын... Дагьцәырҵит - Мадина Аргәынԥҳа!..Зегь раԥхьа иргылан, ароман иалахәу ахаҿсахьақәа зегьы ирзылԥшаар акәын дара ирықәшәоз арольқәа назыгӡашаз актиорцәа.Убригь ус имариаӡамызт, амаҭәа зӡахуа аӡахҩы иззиӡахуа идкылан ишишәо еиԥш, ибзианы "ишәатәын" ароман атекст иацәтәымымхарц иалаӡҩатәын, акны иҟаҵатәын...Зегь раԥхьаӡагьы зҿлымҳара зҭатәу, ароман иныҟәнаго аидеиа хада акәша-мыкәша зегьы "ҵәилар" акәын, рыԥсыԥлагаҩагабжьы ааигәаӡаны ианыԥшлар акәын... Избанзар, ароман сахьаркыратә, прозатә ҩымҭак аҳасабала убриаҟара иӷәӷәоуп, арежиссиор уи аидеиа дацәхьаҵуеит ҳәа далагаргьы, иаразнак дырҵәины дааганы ахҭысқәа ӡегьы ахьцо реилашыра даланаргылоит... Шаҟа иаԥсацәои, шаҟа рыдгьыл ахьаа еиларҵәан иакуи Мзалеии Мсоусҭи, шаҟа даԥсыуа ҭыԥҳауи, лыламыси лыуаҩреи аалыцрымшәакәа илыцуи Маиана хазына!..Ароман "Асду" иахьа ҳлитература аҿиара иалагеижьҭеи иреиӷьӡоу апрозатә романқәа "Камаҷыҷи" "Ацынҵәарахи" ирывагылоуп. Уи иаҵанакуа аамҭеи аҵаки, иныҟәнаго аидеиеи дрыхцәажәо афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Виачеслав Бигәаа иазгәеиҭоит:"Иҟалап, ҳаԥсуа литератураҿы апсихологиатә проза аӡбахә анаҳҳәо, зегьы дрылкааны иӡбахә ҳәатәызар ҳашәҟәыҩҩы ду Алықьса Гогәуа. Уи данынцәырҵ инаркны, ишьҭихыз истиль, иманера еиҳа-еиҳа иҭышәынтәалоит, ҳапроза иреиҳаӡоу аҳаракырахь ихеигалеит…"Иазгәаҭатәуп даҽакгьы… Алықьса Гогәуа усҟангьы иахьагьы ҳашәҟәыҩҩцәа иаарылукааша дреиуан, убри азы иҩымҭақәа атәым бызшәақәа рахь ирацәаны еиҭаргон. Сара ибзиан исгәалашәоит Ҳџьынџьтәылатә еибашьра аԥхьа иҩымҭақәа аурысшәахь еитаганы хә-томкны Москва иреиӷьӡоу ашәҟәҭыжьырҭа "Советский писатель" аплан ишаланаҵахьаз. Усҟан ареспубликақәа рҟынтәи даара абаҩхатәра змаз, еицырдыруаз ашәҟәыҩҩцәа ракәын уахь иалашәоз. Ашәҟәыҩҩы иажәабжьқәеи иповестқәеи рнаҩсгьы, иахьа ҳазлацәажәо, атеатр аҿы иқәдыргылаз ироман "Асдугьы" уахь иалашәеит. Уи ҟазарыла еиҭеигеит аурыс шәҟәыҩҩы бзиа Сергеи Шевалиов. Сара Алықьса акырынтә иҳәо саҳахьеит, аиҭагаҩ џьабаа ӷәӷәаӡак иимырбарц азы иара ихаҭа ароман шеиҭеигаз, даара аџьабаа шацызгьы, имч ақәхеит… Нас, аурысшәахь аус адызулоз иџьабаа ирмариеит, иара ихаҭа еиҳагьы иҩымҭа ииҭахыз зегьы аирҳәеит, ахы иақәиҭны еиҭеигеит.Убри зегьы зхысҳәаауа, асценари зыҩуаз асценарист аурыс вариант даара илыхәеит, нас арежиссиор лара ишылҭахыз, лара лбаҩхатәреи лгьамеи ишрыҵаркуаз иқәлыргылеит.Иаахтны иҳәатәуп, асеиԥш афилософиатә ҵак ду змоу, зсахьаркыра ҵаулоу, насгьы аамҭа иақәшәо аҩымҭа, ароман аспектакль ахь аиагара, иацу адраматизм аиқәырхара даара иус хьанҭаз акы акәын арежиссиори актиорцәеи рзы, аха дара уи нарыгӡеит, иаиааит, ахәаԥшцәа ргәы хнахит, ҩымш дуӡӡа дара рыла ҳтеатр ахеихагылакгьы кәапеишәа иҭәын. Ус анакәха, аспектакль ҿыц еиҭацәырнагаз ароман иаҵоу ажәлар рхьаа ашыра еиқәханы иҟоуп, уи уаҭәҳәаны иузырцәаӡом, уаҭәҳәацыԥхьаӡа еиҳагьы иӷыӷкуеит, алашара згәы иҭамыԥхац ргәы иҭаԥхоит...Хашҭшьа рымоума аспектакль афырхацәа хадақәа руаӡәк Мзалеи иажәақәа: " Сара сабдуцәа рыгәнаҳақәа саб иахь ииасит, саб игәнаҳа сара сахь... Арахь сара гәнаҳа ҟасымҵаӡеит, гәнаҳа сымаӡам сыԥсҭазаараҿы, аха зегьакоуп урҭ ртәы схьымӡар амуит... Уаҳа сашьҭӡом, сара сҿы иаангылеит..."Аспектакль "Асду" цәаҳәа ҟаԥшьны иагәылсуеит егьа аԥсҭазаара уадаҩ ажәлар ҭагылазаргьы, егьа иԥсыда-инхада ҳәа аиҿагылара ӷәӷәаӡақәа ҳрыбжьагылазаргьы, ҳажәлари, ҳбызшәеи, хаԥсадгьыли шыхьчалатәу, урҭ ианамуӡалак рыхьчаразы зыхқәа рықәызҵо, ахааназы ифырхацәаны иаанхоит, изааӡаз рыдгьыл ан леиԥш иагәыҵанаҳәхәоит... Акырӡа абиԥарақәа ҳара ҳадгьыл аԥшӡара шырыхьчоз иақәыӡхьеит, иҟоуп даҽа абиԥарақәакгьы уи аҭира ишаҿу иақәыӡуа, мамзаргьы урҭ ҭамхаӡаргьы, рыԥсҭазаара ԥсы хьшәашәак иԥсҭазаара ианаҩымсуа. Аха зегьы акоуп, аҟаза ду, ашәҟәыҩҩы, ма арежиссиор, ҳара ҳҟынӡа иааигоит урҭ рхаҿсахьақәа еилыхха, нас ҳара еилҳаргароуп ацқьеи ахәаԥсеи, абзиеи аиашеи, иалаҳкаароуп ҳазқәылаша амҩа иаша, аус злоу, убри амҩа иаша ианыло еиҳа ирацәаҩхароуп... Убри ауп миссиа хадас иныҟәнаго аспектакль "Асду", убри азоуп ҳаклассик Алықьса Гогәуа ироман еиҳа-еиҳа ҳажәлар "изрылсуа", ргәы ҿкааны изакуа, рыԥсадгьыл рцәымӡырц еиҳагьы уи бзиа избо, зыбла аҷыцеиԥш изыхьчо зырацәаҩхо...Нагӡара иқәзааит ҳҟаза дуӡӡа, ҳашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа, нагӡара лықәзааит есымша ҿыцк-ҿыцк ҳтеатртә ԥсҭазаара асценахь иназго абаҩхатәра бзиаӡа змоу ҳрежиссиор Мадина Аргәынԥҳа, ҳагәқәа шәыладууп ари аспектакль ду иалахәыз ҳактиорцәа зегьы, уи сахьала еиқәзыршәаз, амузыка аҵазҵаз, ажәа лаша, ажәа ԥха ҳагәқәа рҿы иааирц азы лацәааихьшь ҟамҵакәа аус зуаз зегьы, уамакала ибзиаӡаны ихәмарыз Аԥсны жәлар рартист Кьасоу Хагба аԥхьа днаргыланы, абри зегьы аиҿкаара ахадараҿы игылаз, Маиана ссир лрольгьы назыгӡаз, атеатр аиҳабы Хьыбла Мықәԥԥа, аӡәаӡәала аспектакль иалахәу ҳактиорцәа зегьы ароман автор Алықьса Гогәуа иџьабаа дуӡӡа даҽазныкгьы ишьҭыхны ҳажәлар идзырбаз иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит!..
https://sputnik-abkhazia.info/20220306/azhlar-rzy-ikhyragakhaz-alysa-gogua-itsazhara-1037893407.html
https://sputnik-abkhazia.info/20200704/-Sara-isakhu-iara-iazdyram-iara-iaakhu-sara-isyzdyram----Alysa-Gogua-1030471217.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0b/14/1052932167_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_5ee56e19925ccf791545dc75d79a7bd2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
"Асду" асцена иқәлеит: Аԥсуа театр Алықьса Гогәуа ироман ала аспектакль ҿыц иазкны
13:00 22.11.2024 (ирҿыцуп: 14:02 22.11.2024) Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы, зыԥсы ҭоу аклассик Алықьса Гогәуа ироман "Асду" қәҿиарала иқәыргылоуп С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа театр аҿы.
Акыр шықәса ҵуан абасеиԥш иҟоу формалеи ҵакылеи иӷәӷәаны еиларсу, ихьанҭоу, иҵаулаӡоу аҩымҭа, ароман аспектакль алхны иқәдмыргылеижьҭеи ҳаԥсуа театр аҟны. Аиашазы, уи азы даара агәаӷьра ду змоу, даара збаҩхатәра ҳараку арежиссиор дцәырҵыр акәын... Дагьцәырҵит - Мадина Аргәынԥҳа!..
Зегь раԥхьа иргылан, ароман иалахәу ахаҿсахьақәа зегьы ирзылԥшаар акәын дара ирықәшәоз арольқәа назыгӡашаз актиорцәа.
Убригь ус имариаӡамызт, амаҭәа зӡахуа аӡахҩы иззиӡахуа идкылан ишишәо еиԥш, ибзианы "ишәатәын" ароман атекст иацәтәымымхарц иалаӡҩатәын, акны иҟаҵатәын...
Зегь раԥхьаӡагьы зҿлымҳара зҭатәу, ароман иныҟәнаго аидеиа хада акәша-мыкәша зегьы "ҵәилар" акәын, рыԥсыԥлагаҩагабжьы ааигәаӡаны ианыԥшлар акәын... Избанзар, ароман сахьаркыратә, прозатә ҩымҭак аҳасабала убриаҟара иӷәӷәоуп, арежиссиор уи аидеиа дацәхьаҵуеит ҳәа далагаргьы, иаразнак дырҵәины дааганы ахҭысқәа ӡегьы ахьцо реилашыра даланаргылоит... Шаҟа иаԥсацәои, шаҟа рыдгьыл ахьаа еиларҵәан иакуи Мзалеии Мсоусҭи, шаҟа даԥсыуа ҭыԥҳауи, лыламыси лыуаҩреи аалыцрымшәакәа илыцуи Маиана хазына!..
© Sputnik / Леон Адлейба Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
© Sputnik / Леон Адлейба Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
© Sputnik / Леон Адлейба Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
© Sputnik / Леон Адлейба Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
© Sputnik / Леон Адлейба Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
© Sputnik / Леон Адлейба Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
© Sputnik / Леон Адлейба Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
© Foto / предоставил Аналотий ЛагулааАспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Ароман "Асду" иахьа ҳлитература аҿиара иалагеижьҭеи иреиӷьӡоу апрозатә романқәа "Камаҷыҷи" "Ацынҵәарахи" ирывагылоуп. Уи иаҵанакуа аамҭеи аҵаки, иныҟәнаго аидеиеи дрыхцәажәо афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Виачеслав Бигәаа иазгәеиҭоит:
"Иҟалап, ҳаԥсуа литератураҿы апсихологиатә проза аӡбахә анаҳҳәо, зегьы дрылкааны иӡбахә ҳәатәызар ҳашәҟәыҩҩы ду Алықьса Гогәуа. Уи данынцәырҵ инаркны, ишьҭихыз истиль, иманера еиҳа-еиҳа иҭышәынтәалоит, ҳапроза иреиҳаӡоу аҳаракырахь ихеигалеит…"
Сара ибзиан исгәалашәоит ароман ажурнал "Алашараҿы" ианҭыҵ 1985 шықәсқәа рзы, уи ԥшь-номерк ирнын, аԥхьаҩцәа шаҟа еимыҵәҵәаны иаԥхьоз, ажурнал знапы аҵаҩыз ишеимырдоз, ҳара астудентцәагьы уи аԥхьаразы агәаран ҳақәгылан. Усҟан ажурнал жәиԥшь нызқь екземплиар ҭыҵун, Аԥсны қыҭацыԥхьаӡа хәышә-хәышә цыра роуан… Иџьоушьаша, џьара заҵәыкгьы икҿаханы иубаӡомызт, избанзар, абызшәахьы ирымаз агәыбылра даара иӷәӷәан, иҟалап, ақырҭқәа ахьаҳҿагылаз иҳауаз агәыԥжәара иаҳнарҟаҵозҭгьы…
Иазгәаҭатәуп даҽакгьы… Алықьса Гогәуа усҟангьы иахьагьы ҳашәҟәыҩҩцәа иаарылукааша дреиуан, убри азы иҩымҭақәа атәым бызшәақәа рахь ирацәаны еиҭаргон. Сара ибзиан исгәалашәоит Ҳџьынџьтәылатә еибашьра аԥхьа иҩымҭақәа аурысшәахь еитаганы хә-томкны Москва иреиӷьӡоу ашәҟәҭыжьырҭа "Советский писатель" аплан ишаланаҵахьаз. Усҟан ареспубликақәа рҟынтәи даара абаҩхатәра змаз, еицырдыруаз ашәҟәыҩҩцәа ракәын уахь иалашәоз. Ашәҟәыҩҩы иажәабжьқәеи иповестқәеи рнаҩсгьы, иахьа ҳазлацәажәо, атеатр аҿы иқәдыргылаз ироман "Асдугьы" уахь иалашәеит. Уи ҟазарыла еиҭеигеит аурыс шәҟәыҩҩы бзиа Сергеи Шевалиов. Сара Алықьса акырынтә иҳәо саҳахьеит, аиҭагаҩ џьабаа ӷәӷәаӡак иимырбарц азы иара ихаҭа ароман шеиҭеигаз, даара аџьабаа шацызгьы, имч ақәхеит… Нас, аурысшәахь аус адызулоз иџьабаа ирмариеит, иара ихаҭа еиҳагьы иҩымҭа ииҭахыз зегьы аирҳәеит, ахы иақәиҭны еиҭеигеит.
Убри зегьы зхысҳәаауа, асценари зыҩуаз асценарист аурыс вариант даара илыхәеит, нас арежиссиор лара ишылҭахыз, лара лбаҩхатәреи лгьамеи ишрыҵаркуаз иқәлыргылеит.
Иаахтны иҳәатәуп, асеиԥш афилософиатә ҵак ду змоу, зсахьаркыра ҵаулоу, насгьы аамҭа иақәшәо аҩымҭа, ароман аспектакль ахь аиагара, иацу адраматизм аиқәырхара даара иус хьанҭаз акы акәын арежиссиори актиорцәеи рзы, аха дара уи нарыгӡеит, иаиааит, ахәаԥшцәа ргәы хнахит, ҩымш дуӡӡа дара рыла ҳтеатр ахеихагылакгьы кәапеишәа иҭәын. Ус анакәха, аспектакль ҿыц еиҭацәырнагаз ароман иаҵоу ажәлар рхьаа ашыра еиқәханы иҟоуп, уи уаҭәҳәаны иузырцәаӡом, уаҭәҳәацыԥхьаӡа еиҳагьы иӷыӷкуеит, алашара згәы иҭамыԥхац ргәы иҭаԥхоит...
Хашҭшьа рымоума аспектакль афырхацәа хадақәа руаӡәк Мзалеи иажәақәа: " Сара сабдуцәа рыгәнаҳақәа саб иахь ииасит, саб игәнаҳа сара сахь... Арахь сара гәнаҳа ҟасымҵаӡеит, гәнаҳа сымаӡам сыԥсҭазаараҿы, аха зегьакоуп урҭ ртәы схьымӡар амуит... Уаҳа сашьҭӡом, сара сҿы иаангылеит..."
© Foto / предоставил Аналотий ЛагулааАспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
© Foto / предоставил Аналотий ЛагулааАспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
© Foto / предоставил Аналотий ЛагулааАспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
© Foto / предоставил Аналотий ЛагулааАспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
© Foto / предоставил Аналотий ЛагулааАспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
© Sputnik / Леон Адлейба Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
© Foto / предоставил Аналотий ЛагулааАспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" аԥхьарбара
Аспектакль "Асду" цәаҳәа ҟаԥшьны иагәылсуеит егьа аԥсҭазаара уадаҩ ажәлар ҭагылазаргьы, егьа иԥсыда-инхада ҳәа аиҿагылара ӷәӷәаӡақәа ҳрыбжьагылазаргьы, ҳажәлари, ҳбызшәеи, хаԥсадгьыли шыхьчалатәу, урҭ ианамуӡалак рыхьчаразы зыхқәа рықәызҵо, ахааназы ифырхацәаны иаанхоит, изааӡаз рыдгьыл ан леиԥш иагәыҵанаҳәхәоит... Акырӡа абиԥарақәа ҳара ҳадгьыл аԥшӡара шырыхьчоз иақәыӡхьеит, иҟоуп даҽа абиԥарақәакгьы уи аҭира ишаҿу иақәыӡуа, мамзаргьы урҭ ҭамхаӡаргьы, рыԥсҭазаара ԥсы хьшәашәак иԥсҭазаара ианаҩымсуа. Аха зегьы акоуп, аҟаза ду, ашәҟәыҩҩы, ма арежиссиор, ҳара ҳҟынӡа иааигоит урҭ рхаҿсахьақәа еилыхха, нас ҳара еилҳаргароуп ацқьеи ахәаԥсеи, абзиеи аиашеи, иалаҳкаароуп ҳазқәылаша амҩа иаша, аус злоу, убри амҩа иаша ианыло еиҳа ирацәаҩхароуп... Убри ауп миссиа хадас иныҟәнаго аспектакль "Асду", убри азоуп ҳаклассик Алықьса Гогәуа ироман еиҳа-еиҳа ҳажәлар "изрылсуа", ргәы ҿкааны изакуа, рыԥсадгьыл рцәымӡырц еиҳагьы уи бзиа избо, зыбла аҷыцеиԥш изыхьчо зырацәаҩхо...
Нагӡара иқәзааит ҳҟаза дуӡӡа, ҳашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа, нагӡара лықәзааит есымша ҿыцк-ҿыцк ҳтеатртә ԥсҭазаара асценахь иназго абаҩхатәра бзиаӡа змоу ҳрежиссиор Мадина Аргәынԥҳа, ҳагәқәа шәыладууп ари аспектакль ду иалахәыз ҳактиорцәа зегьы, уи сахьала еиқәзыршәаз, амузыка аҵазҵаз, ажәа лаша, ажәа ԥха ҳагәқәа рҿы иааирц азы лацәааихьшь ҟамҵакәа аус зуаз зегьы, уамакала ибзиаӡаны ихәмарыз Аԥсны жәлар рартист Кьасоу Хагба аԥхьа днаргыланы, абри зегьы аиҿкаара ахадараҿы игылаз, Маиана ссир лрольгьы назыгӡаз, атеатр аиҳабы Хьыбла Мықәԥԥа, аӡәаӡәала аспектакль иалахәу ҳактиорцәа зегьы ароман автор Алықьса Гогәуа иџьабаа дуӡӡа даҽазныкгьы ишьҭыхны ҳажәлар идзырбаз иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит!..