Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Иҵәыуон Аԥсны зегьы": Оксана Гьерхьелиаԥҳа Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз лгәакьацәа ирызкны

© Foto / предоставила Саида ЖибаЛаҭатәи атрагедиа иазкны
Лаҭатәи атрагедиа иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ианалага ԥшьымз ааҵуаны, аԥсуа жәлар ргәы кылызҵәаз, рҳауа аанызкылаз хҭысхеит Лаҭатәи атрагедиа. Ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы Тҟәарчалынтәи ишьҭԥрааз авертолиот МИ-8 Лаҭа ақыҭа ианахаԥыруаз аӷацәа иҭадырхоит. "Адгьыл ду" ахь зыԥсы еиқәзырхарц ицоз 87-ҩык аекипажи ахҵәацәеи аиха иҭабылуеит. Уи аҽны рыԥсҭазаара ҿахҵәеит 35–ҩык ахәыҷқәа. Иахьатәи сажәабжьҳәаҩ Оксана Гьерхьелиаԥҳа ари амш аҽны илыцәҭахеит лаб иашьа иԥшәмаԥҳәыси ҩыџьа рԥацәеи.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Оксана Гьерхьелиаԥҳа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ианалагоз жәашықәса ракәын илхыҵуаз, аха лара ибзианы илгәалашәоит урҭ амшқәа. Дара усҟан Тамшь инхон. Аԥсны Мрагыларатәи аган иқәынхоз ҳажәлар даара агәаҟрақәа рхыргеит. Аӷа игыгшәыгра рҽацәырыхьчарц, аҳәса рхәыҷқәа рыманы, еиҳа иҭынчроуп ҳәа иахырԥхьаӡоз ашьхақыҭақәа ирыбжьан. Тҟәарчалынтәи "адгьыл ду" ҳәа изышьҭаз Гәдоуҭаҟа агәыҳалалратә реисқәа аныбжьала, гәыӷрак рызцәырҵит амацәаз иҭакыз ҳажәлар.
Обломки вертолета МИ-8 сбитого во время Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов в селе Лата - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2023
Аԥсны
Аҳауа иалахаз аԥсқәа: Лаҭатәи авертолиот аҭоурых
"1992 шықәса, ԥхынҷкәын 14 рзы авертолиот ҳақәдыртәон еиԥш, ауха Аҟәарчаԥан ҳахьыҟаз, сан лаҳәшьа Ламареи лыԥшәма Славик Булиеи ҳаргарц иааит. "Дареи ҳареи ҳаибамбеижьҭеи акрааҵуан. "Уаха ҳаидтәалап, уашьҭантәи ареис сара шәасҭоит" иҳәан Славик, ҳаидарақәа ҳаманы "Бараташвили" ҳәа иахьашьҭаз рыҩнахьы ҳаргеит сани, саҳәшьеи, сашьеи, сареи. Уи алагьы ҳаԥсы шеиқәирхаз нас еилкаахеит… Ауха ҳазхара даҳзыбомызт сан лаҳәшьаԥа Дима Булиа. Убасҟак дыгәхьааганы ҳаҟан. Дима иабгьы иаргьы уи аҽноуп Гәдоуҭантәи ахьы иаҭнырыԥсахлаз абџьар рыманы Тҟәарчалҟа ианыхынҳә. 19 шықәса зхыҵуаз Дима иқәра шмаҷызгьы иаб дивагыланы деибашьуан", - лгәалашәарақәа дырзааҭгылоит лара.
Адырҩаҽны, ашьыжь, Оксана лаб иашьа Даур Гьерхьелиа-Занҭариа (ҩ-жәлак ныҟәигон) иԥшәмеи ихәыҷқәеи авертолиот иҭаиртәеит. Иара ихаҭагьы дрыццар иҭахын. Гәдоуҭа иҭаацәа рҭыԥ иқәҵаны дгьежьуа, аха авертолиот аҿы аҭыԥ змауз ҷкәынак иашьҭахь дгылашәа аниба, дрыцҳашьаны ихаҭыԥан дҭаиртәеит. Даур иԥшәмаԥҳәыс Шьазина Сангәылиаԥҳа лхаҵа дышрыцымцоз анылба, лхәыҷқәа аалгәыдылҳәҳәалан, наӡаӡа ишеиԥырҵуаз еилылкаазшәа лыла ҭраа дышихәаԥшуаз аҳауа иналалеит. Аб игәы рҭынчны дгьежьит, схәыҷқәа сыхьчеит ҳәа иԥхьаӡаны. Иабеидыруаз иара, игәаӷьны уҿы иузамырҳәо ахлымӡаах шизыԥшыз… Хара имгакәа ишьҭԥрааз авертолиотқәа руак аҭыԥ аҟынӡа имнаӡеит ҳәа ажәабжь Тҟәарчал иаалаҩҩит. Ари ахҭыс хьанҭа атәы заҳаз зегьы аштаб аԥхьа еизеит. Еиҳараӡак зхәыҷқәа зышьҭыз абацәа. Рыӷызбжьқәа гон зегьы. Сааҭқәак рышьҭахь еилкаахеит Даур иҭаацәа зҭатәаз авертолиот шакәыз ақырҭқәа иҭадырхаз…
Даури Шьазинеи рынасыԥқәа анеиларҵа ачара ду рзыруит. Иара усҟан 27 шықәса дырҭан, лара зынӡа дқәыԥшын - 17 шықәса лхыҵуан.
© Foto / предоставила Саида ЖибаЛаҭатәи атрагедиа иазкны
Лаҭатәи атрагедиа иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.12.2024
Лаҭатәи атрагедиа иазкны
"Шьазина даара зҟазшьа бзиаз, злакҭа ччоз ԥҳәызбан. Лыԥшәмеи лареи ҩыџьа аԥацәа рхылҵит. Аиҳабы Давид ихы-иҿы аазыгьежьны, ила гәыҭбаақәа разӡа, ихцәы бырфын еснагь иԥхьаҳәны улаԥш аҿы дааиуан. Аҷҷаҳәа аԥсышәала дцәажәон. Иан длеиԥшын. Бзиа ибон ҳара ҳҿы аангылара. Ҳанеицыхәмаруаз аамҭақәа сгәалашәоит. Аиҵбы Рушьни иблақәа жәҩанԥшшәылан, ицәа пашәын, ихцәы рҳәны уамак ала иаб диеиԥшын", - лгәакьацәа лгәалашәараҿы ишынхаз еиҭалҳәоит Оксана.
© Foto / предоставила Саида ЖибаЛаҭатәи атрагедиа иазкны
Лаҭатәи атрагедиа иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.12.2024
Лаҭатәи атрагедиа иазкны
Лаҭатәи атрагедиаан иҭахаз ахҵәацәа рыбаҩ Гәдоуҭа, азеиԥш ԥсыжырҭаҿы анышә ианамардоз аҽны, иҭацеи иашьа имаҭацәеи авертолиот ишҭаблыз изымдыркәа ари ахлымӡаах далахәын Даур иаб иашьа гәакьа, ашәҟәыҩҩы Кәасҭа Гьерхьелиа. Аԥсыжра аҽны иара ажәеинраалагьы даԥхьеит, иззикыз игәакьацәагьы шрылаз ихы-игәы иҭамкәа…
Адгьыл зшьапқәа ирыҵаӡӡаз Даур, уинахыс уахык аҩны даҵамиеит. Ашьоурада хәыцырҭа змамыз аб аибашьра еилгаанӡа абџьар даҵагылан. Ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал. Аибашьра ашьҭахь акыр шықәса анҵы, Даур ҿыц дҭаацәарахеит, ихылҵит ԥшьҩык ахшара, ҩыџьа аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи.
32 шықәса раахыс, ари алахьеиқәҵаратә мшаҽны авертолиот иҭаблыз рҭаацәа, азеиԥш ԥсыжырҭа иаҭааны ргәакьацәа ргәаладыршәоит. Ирбылуеит ацәашьқәа. Гьерхьелиаа ракәзаргьы, шықәсык бжьамыжькәа ршьа иалҵыз фышықәса зхыҵуаз Давиди, ԥшьышықәса ирҭаз Рушьнии ран Шьазинеи рыбаҩқәа ахьамадоу анышә рнапы ықәыршьуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0