https://sputnik-abkhazia.info/20250101/achempiontsa-eitsyrdyrua-asastsa-amilat-almas-asny-2024-shysazy-inalukaasha-akhaa-1053321804.html
Ачемпионцәа, еицырдыруа асасцәа, "амилаҭтә бырлаш": Аԥсны 2024 шықәсазы иналукааша ахаҿқәа
Ачемпионцәа, еицырдыруа асасцәа, "амилаҭтә бырлаш": Аԥсны 2024 шықәсазы иналукааша ахаҿқәа
Sputnik Аҧсны
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы зҽалызкааз, ақәҿиарақәа зауз ауаа, иара убас 2024 шықәсазы ареспублика иаҭааз еицырдыруа ауаа... 01.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-01T17:00+0300
2025-01-01T17:00+0300
2025-01-01T17:01+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/12/1052030932_0:92:1543:960_1920x0_80_0_0_e7de28194f4b403109e5d41ee555e055.jpg
Афестивали ашоу "Абжьи"Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Герзмааԥҳа ҵыԥх аԥхынразы ареспубликаҿы XXII Амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." амҩаԥгарала аклассикатә музыка абзиабаҩцәеи ахәшьаҩцәеи даҽазныкгьы илыргәырӷьеит.Аконцертқәа нанҳәамзазы Аҟәа, Пицундатәи ауахәамаҿы, иара убас раԥхьаӡа акәны Бедиа аныҳәарҭаҿы имҩаԥысит. Гьерзмааԥҳа Мариинтәи атеатр асимфониатә оркестр, Академиатә хор ду "Ахортә ашәаҳәара аҟазацәа" дрыцны ақәгыларақәа мҩаԥылгеит, иара убасгьы амузыкант Олег Аккуратов, асаксофонарҳәаҩ Игор Бутман, Сергеи Макеев напхгара зиҭо аџьаз-гәыԥ дрыцықәгылеит.Апрограмма шьақәгылан аҳәаанырцәтәи акомпозиторцәа рыклассикатә рҿиамҭақәа, аԥсуа, аурыс жәлар рашәақәа, асовет ашәақәа рыла.Ашықәс анҵәамҭазы, ԥхынҷкәын 11 рзы, даҽа жәабжь бзиак рылаҩит. Аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Герзмааԥҳа Актәи аканал аҿы имҩаԥысуаз ашоу "Абжьы" аҿы рҵаҩыс дҟалоит. Лара апроект аветеранцәа – Полина Гагарина, Антон Белиаев, арепер Баста дрыцлоит.Ателешоу 13-тәи асезон 2025 шықәсазы аекранқәа рҿы ицәырҵуеит. "Аҵыхәтәантәи ахәԥса"Аԥснытәи арежиссиор Наур Гармелиа изы 2024 шықәса даара иманшәалаз, хҭысла иҭәыз шықәсны иҟалеит. Ифильм "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" жәларбжьаратәи акинофестивальқәа рҿы аҳамҭақәа рацәаны иаиуит.Ленфильм иҭнахыз "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" 2000-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Аԥсны инхоз, араса зааӡоз аурыс ҭаацәара рҭоурых еиҭанаҳәоит. Иааидкыланы афильм 11 ҳамҭа анашьоуп. Аҭыхрақәа хыркәшахеит жьҭаарамза анҵәамҭазы, насгьы хәажәкырамзазы Ханты-Мансииск ақалақь аҿы имҩаԥысуаз XXII Жәларбжьаратәи афестиваль "Амца аԥсы" аҿы аиааира агеит.Иааизакны акиносахьа ԥшь-ҳамҭак анашьан: Сергеи Соловиов ихьӡ зху "Ахьтәы Таига" –атәыла иреиӷьу адебиуттә киносахьа азы; "Араӡын гьыл" – иреиӷьу амузыкатә ӡбаразы; Павел Лебешев ихьӡ зху "Иреиӷьу аоператортә усуразы"; ахәаԥшцәа рҳамҭа "Таига агәыӷра ашәҭқәа".Ашықәс нҵәаанӡа афильм Алтаи имҩаԥысуаз Шукшин ихьӡ зху акинофестиваль аҿы иреиӷьу арежиссиори иреиӷьу акинематографиеи рзы аноминациақәа рҿы ҩ-ҳамҭак анашьан. Афильм аоператор Дмитри Знаменшьиков.Цәыббрамзазы Гармелиеи игәыԥи Анапа имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи акинофестиваль "Киношок" аҿы иреиӷьу арежиссуреи, иреиӷьу аоператортә усуреи, афестиваль акинопресса адипломи ранашьан.Мызкы уи ашьҭахь, жьҭаарамзазы, Гармелиа афестиваль "Евразиа-Кинофест" аҟныы аноминациа "Иреиӷьу арежиссиор" аҿы аиааира игеит, абҵарамзазы акиносахьа раԥхьаӡа акәны Аԥснытәи ахәаԥшцәа ирыдыргалеит. РУСДРАМ аҿы “Аҵыхәтәантәи ахәԥса” иарку арбара мҩаԥысит.Баста АҟәаЕсышықәса, нанҳәамза 26 рзы Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара Амш азгәарҭоит. Ари аныҳәаз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа рыдагьы арлахҿыхратә программақәеи аконцертқәеи мҩаԥысуеит.Аԥсны ауааԥсыра аӡәырҩы бзиа ирбо аурыс шәаҳәаҩы, акомпозитор, апродиусер Баста иаара ҳамҭа хаҭаны иҟалеит.Аконцерт Аҟәа ақалақь астадион "Динамо" аҿы имҩаԥысит, уи атәыла ауааԥсыреи атуристцәеи зықьҩыла еизнагеит. Иааҟәымҵӡакәа илеиуаз ақәаҵәҟьагьы амузыка абзиабаҩцәа амузыкатә ныҳәа агәахәара рыцәнамырӡит.Ирина Винер АԥсныԤхынгәымза анҵәамҭазы асахьаркыратә гимнастика Урыстәылазегьтәи Афедерациа ахада Ирина Винер лҭаацәа лыманы ареспублика даҭааит. Урыстәыла зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ лқәыԥшра ашықәсқәа раан дызҭаалоз Гагра араион Лӡаа ақыҭаԥсшьарҭас иалылхит.Аинформациатә маҵзура Sputnik Ирина Винер лексклиузивтә интервиу ҭанаҩит, уа лара асовет мчра ашықәсқәа раан ареспублика иазкны лгәалашәарақәа ртәы еиҭалҳәеит, Аԥсны асахьаркыратә гимнастика аҿиара азԥхьагәаҭаны ишлымоу, аҭыԥантәи аҿар ирымоу алшарақәа ртәы еиҭалҳәеит.Винер иара убасгьы дрылацәажәеит лкариера, лҭаацәара, Урыстәылатәи аспорт Мраҭашәаратәи атәылақәа рполитика иацу ауадаҩрақәа рыхгара ишаҿу.Ԥхынҷкәын 30 азы Винер раԥхьаӡа акәны Аԥсны лира амш азгәалҭеит. Аныҳәа еиҿкаан аресторан "Гагрыԥшь" аҿы.Винер лирамш лыдырныҳәалеит усҟантәи Ареспублика аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, Аҳәынҭқарратә дачақәа русбарҭа аиҳабы Беслан Кәыҵниа, лҭаацәа, лҩызцәа, аус лыцызуаз, лааӡамҭацәа."Ну-ка, все вместе"2024 шықәсазы Аԥсы атәыла ахьӡ ателеканал "Россия-1" аҿы бжьыҭгала иҳәан: Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Леван Пхалаӡе авокалтә шоу "Ну-ка, все вместе" афиналбжаҟынӡа днеиит.Арадио Sputnik иеиҭаз аинтервиу аҿы уи еиҭеиҳәеит уанӡа анеира шилшаз, насгьы уи аамҭазы иарбан цәаныррақәоу изааиуаз.Акастинг ашьҭахь, амузыкант иажәақәа рыла, арепертуар шьақәдырӷәӷәеит. Иара 60 ашәа ишьҭит, урҭ рҟынтә акы алхын."Амилаҭтә бырлаш"Сириус ақалақь аҿы цәыббрамзазы астрономиаз III Иаарту Жәларбжьаратәи олимпиада мҩаԥысит. Уи рхы аладырхәит Аԥснытәи ашколхәыҷқәа 20-ҩык, урҭ руаӡәк Сариа Демерџь-иԥҳа "Амилаҭтә алмас" аҳамҭа ланашьоуп.Иааизакны 20-тәыла рҟынтәи 100-ҩык ақәыԥшцәа Аолимпиада рхы аладырхәит. Аԥсны ахьӡала иара убасгьы иқәгылеит Аҟәатәи ашколқәа №2, №10 рҟынтәи аҵаҩцәа Арсени Агрба, Анастасиа Наҟәаԥиаԥҳа, Анна Аҩӡԥҳа."Амилаҭтә бырлаш" ианаршьоит зегь реиҳа абаллқәа зауз еизгоу акоманда алахәылаҩ.Фридонна агәабзиараз лықәԥараИҳаҩсыз аԥхынразы Аԥсны зегьи, уи аҳәаақәа рынҭыҵгьы аӡәырҩы еидгылеит жәеиза шықәса зхыҵуа Фридонна Аҩӡԥҳа лыԥсҭазаара аиқәырхаразы. Иҵару алимфобласттә леикоз лымоуп ҳәа ажәабжь рылаҵәеит.Акультура-гәыҳалалратә Фонд "Ашана" ахимиотерапиа акурсқәеи абаҩлаша аԥсахреи рзы аԥарақәа реизгара аанартит. Ииашаҵәҟьаны, аԥара рацәа аҭахын – 26 миллион мааҭ рҟынӡа.Абриаҟара аԥара аизгаразы мызқәак аҭаххозшәа агәаанагара ыҟан, аха ауаа уи аус ҩба-хԥа мчыбжь рыҩныҵҟала инарыгӡеит. Аԥарақәа еизыргеит, агәыҳалалратә концертқәа рҿгьы, урҭ руак афестиваль “Хьыбла Герзмааԥҳа шәаалыԥхьоит...” аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.Ԥхынҷкәынмзазы еилкаахеит Фридонна лбаҩлаша аԥсахразы аоперациа шымҩаԥысыз. Лаҳәшьа Аиша донорс дҟалеит.Адунеи ачемпионАбоксиор Харитон Агрба 67 кьыла рҟынӡа зкапануа рыбжьара IBA адунеи ачемпионтә маҟа игеит, иара убасгьы абҵарамзазы абжьаратә капан иаҵанакуа рыбжьара WBA атитул аиура дашьҭазааҩхеит.Агрба аиааира игеит 27 иааира згахьоу аргентинатәи абоксиор Габриел Роза. Роза ииааирақәа рҟынтә 20 нокаутла даиааиит. Аӡбаҩцәа зегьы еицҿакны рыӡбарала Харитон Агрба аочкоқәа рыла аиааира игеит."Уажәазы, ари апрофессионалтә бокс аҿы зегь реиҳа иуадаҩыз аҿагылаҩ иакәын. Иара убасгьы еилыскааит еиҳагьы еиҳаны сҽеиқәсыршәар шсылшо. Иҟоуп аус здызулаша, ирҽеитәу агхақәа, даҽазны еиҳагьы амч сыманы сцәырҵырц азы", - ҳәа иҳәеит Агрба иқәгылара ашьҭахьтәи ацәаныррақәа дрылацәажәо.Аԥсны БРИКС ахәмаррақәа рҿыЦәыббрамзазы Казан ақалақь аҿы БРИКС Ахәмаррақәа мҩаԥысит. Уаҟа раԥхьаӡа акәны Аԥсны алахәын, ацеремониа аартраҿы атәылақәа рпарад иарала иалагеит.Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ мҩанигеит алегендартә шьапылампыласҩы Ахрик Цәеиба. Аԥснытәи аспортсмен ҿарацәа ирылшоз зегьы ҟарҵеит, ҳамҭада рыԥсадгьыл ахь ихнымҳәит.Абокс азы ахьтәы медал игеит Аҟәатәи аспортсмен Герман Арџьениа. Аџьазтә медалқәа ранашьан: адзиудо азы Инал Гадлиа, зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Марат Кокосқьериа, самбо азы Рахман Напиџьев, зых иақәиҭу аиқәԥаразы Даниил Харчлаа, абокс азы Беата Арышԥҳа.Ареспублика еизгоу акоманда азеиԥшкомандатә медалқәа рызшьала 13-тәи аҭыԥ ааныркылеит, быжь медалкгьы ранашьахеит.ММА Адунеи ачемпионат аҿы "Аџьаз"Иҳаҩсыз абҵарамза Аԥсны амедалқәа рчықьмачахьы даҽа медалк аанагеит. Дауҭ Гәыблиа Ханты-Мансииск имҩаԥысуаз ММА азы адунеи Ачемпионат аҿы аџьаз медал игеит.Иара ареспублика аҳәынҭқарратә бираҟ даҵагыланы дықәгылеит, Бразилиа, Қырҭтәыла, Урыстәыла рҟынтәи аспортсменцәа хынтә дрындаҭлеит. Раԥхьатәи аҩба рҿы аиааира игеит, аха ахԥатәи аҿы даҵахеит.Иазыҟаҵаҩ Ҭемураз Гьергьедаа иажәақәа рыла, Гәыблиа ибзоурала Аԥсны ММА Аидгыла адунеизегьтәи алианс ахь иаларҵеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20240915/naur-garmelia-ifilm-aykhtanti-akhsa-akhakha-kha-iasakheit-1052273078.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240920/aati-aashei-abloia-garmelia-agra-asua-film-aeish-iazkny-1052312750.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240923/asnyti-aay-astranomiat-olimpiada-any-akhakh-amilat-byrlash-lanashakheit-1052347663.html
https://sputnik-abkhazia.info/20241104/khariton-agrba-aboks-azy-iba-inayrshany-adunei-achempion-a-atitul-daiaait-1052758061.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240623/asny-briks-akhmarraa-ryny-13-ti-ay-aanakyleit-1051439709.html
https://sputnik-abkhazia.info/20241124/dau-gyblia-mma-azy-adunei-achempionat-ay-aaz-medal-dasakheit---1052961205.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/12/1052030932_71:0:1472:1051_1920x0_80_0_0_37576797c26fb8b4a7cd81f7171b4a6a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Ачемпионцәа, еицырдыруа асасцәа, "амилаҭтә бырлаш": Аԥсны 2024 шықәсазы иналукааша ахаҿқәа
17:00 01.01.2025 (ирҿыцуп: 17:01 01.01.2025) Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы зҽалызкааз, ақәҿиарақәа зауз ауаа, иара убас 2024 шықәсазы ареспублика иаҭааз еицырдыруа ауаа ирызку аматериал еиқәнаршәеит.
Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Герзмааԥҳа ҵыԥх аԥхынразы ареспубликаҿы XXII Амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." амҩаԥгарала аклассикатә музыка абзиабаҩцәеи ахәшьаҩцәеи даҽазныкгьы илыргәырӷьеит.
Аконцертқәа нанҳәамзазы Аҟәа, Пицундатәи ауахәамаҿы, иара убас раԥхьаӡа акәны Бедиа аныҳәарҭаҿы имҩаԥысит. Гьерзмааԥҳа Мариинтәи атеатр асимфониатә оркестр, Академиатә хор ду "Ахортә ашәаҳәара аҟазацәа" дрыцны ақәгыларақәа мҩаԥылгеит, иара убасгьы амузыкант Олег Аккуратов, асаксофонарҳәаҩ Игор Бутман, Сергеи Макеев напхгара зиҭо аџьаз-гәыԥ дрыцықәгылеит.
Апрограмма шьақәгылан аҳәаанырцәтәи акомпозиторцәа рыклассикатә рҿиамҭақәа, аԥсуа, аурыс жәлар рашәақәа, асовет ашәақәа рыла.
Ашықәс анҵәамҭазы, ԥхынҷкәын 11 рзы, даҽа жәабжь бзиак рылаҩит. Аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Герзмааԥҳа Актәи аканал аҿы имҩаԥысуаз ашоу "Абжьы" аҿы рҵаҩыс дҟалоит. Лара апроект аветеранцәа – Полина Гагарина, Антон Белиаев, арепер Баста дрыцлоит.
Ателешоу 13-тәи асезон 2025 шықәсазы аекранқәа рҿы ицәырҵуеит.
Аԥснытәи арежиссиор Наур Гармелиа изы 2024 шықәса даара иманшәалаз, хҭысла иҭәыз шықәсны иҟалеит. Ифильм "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" жәларбжьаратәи акинофестивальқәа рҿы аҳамҭақәа рацәаны иаиуит.
Ленфильм иҭнахыз "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" 2000-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Аԥсны инхоз, араса зааӡоз аурыс ҭаацәара рҭоурых еиҭанаҳәоит. Иааидкыланы афильм 11 ҳамҭа анашьоуп. Аҭыхрақәа хыркәшахеит жьҭаарамза анҵәамҭазы, насгьы хәажәкырамзазы Ханты-Мансииск ақалақь аҿы имҩаԥысуаз XXII Жәларбжьаратәи афестиваль "Амца аԥсы" аҿы аиааира агеит.
Иааизакны акиносахьа ԥшь-ҳамҭак анашьан: Сергеи Соловиов ихьӡ зху "Ахьтәы Таига" –атәыла иреиӷьу адебиуттә киносахьа азы; "Араӡын гьыл" – иреиӷьу амузыкатә ӡбаразы; Павел Лебешев ихьӡ зху "Иреиӷьу аоператортә усуразы"; ахәаԥшцәа рҳамҭа "Таига агәыӷра ашәҭқәа".
Ашықәс нҵәаанӡа афильм Алтаи имҩаԥысуаз Шукшин ихьӡ зху акинофестиваль аҿы иреиӷьу арежиссиори иреиӷьу акинематографиеи рзы аноминациақәа рҿы ҩ-ҳамҭак анашьан. Афильм аоператор Дмитри Знаменшьиков.
Цәыббрамзазы Гармелиеи игәыԥи Анапа имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи акинофестиваль "Киношок" аҿы иреиӷьу арежиссуреи, иреиӷьу аоператортә усуреи, афестиваль акинопресса адипломи ранашьан.
Мызкы уи ашьҭахь, жьҭаарамзазы, Гармелиа афестиваль "Евразиа-Кинофест" аҟныы аноминациа "Иреиӷьу арежиссиор" аҿы аиааира игеит, абҵарамзазы акиносахьа раԥхьаӡа акәны Аԥснытәи ахәаԥшцәа ирыдыргалеит. РУСДРАМ аҿы “Аҵыхәтәантәи ахәԥса” иарку арбара мҩаԥысит.
Есышықәса, нанҳәамза 26 рзы Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара Амш азгәарҭоит. Ари аныҳәаз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа рыдагьы арлахҿыхратә программақәеи аконцертқәеи мҩаԥысуеит.
Аԥсны ауааԥсыра аӡәырҩы бзиа ирбо аурыс шәаҳәаҩы, акомпозитор, апродиусер Баста иаара ҳамҭа хаҭаны иҟалеит.
Аконцерт Аҟәа ақалақь астадион "Динамо" аҿы имҩаԥысит, уи атәыла ауааԥсыреи атуристцәеи зықьҩыла еизнагеит. Иааҟәымҵӡакәа илеиуаз ақәаҵәҟьагьы амузыка абзиабаҩцәа амузыкатә ныҳәа агәахәара рыцәнамырӡит.
Ԥхынгәымза анҵәамҭазы асахьаркыратә гимнастика Урыстәылазегьтәи Афедерациа ахада Ирина Винер лҭаацәа лыманы ареспублика даҭааит. Урыстәыла зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ лқәыԥшра ашықәсқәа раан дызҭаалоз Гагра араион Лӡаа ақыҭаԥсшьарҭас иалылхит.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Ирина Винер
лексклиузивтә интервиу ҭанаҩит, уа лара асовет мчра ашықәсқәа раан ареспублика иазкны лгәалашәарақәа ртәы еиҭалҳәеит, Аԥсны асахьаркыратә гимнастика аҿиара азԥхьагәаҭаны ишлымоу, аҭыԥантәи аҿар ирымоу алшарақәа ртәы еиҭалҳәеит.
Винер иара убасгьы дрылацәажәеит лкариера, лҭаацәара, Урыстәылатәи аспорт Мраҭашәаратәи атәылақәа рполитика иацу ауадаҩрақәа рыхгара ишаҿу.
Ԥхынҷкәын 30 азы Винер раԥхьаӡа акәны Аԥсны лира амш азгәалҭеит. Аныҳәа еиҿкаан аресторан "Гагрыԥшь" аҿы.
Винер лирамш лыдырныҳәалеит усҟантәи Ареспублика аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, Аҳәынҭқарратә дачақәа русбарҭа аиҳабы Беслан Кәыҵниа, лҭаацәа, лҩызцәа, аус лыцызуаз, лааӡамҭацәа.
2024 шықәсазы Аԥсы атәыла ахьӡ ателеканал "Россия-1" аҿы бжьыҭгала иҳәан: Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Леван Пхалаӡе авокалтә шоу "Ну-ка, все вместе" афиналбжаҟынӡа днеиит.
Арадио Sputnik иеиҭаз аинтервиу аҿы уи еиҭеиҳәеит уанӡа анеира шилшаз, насгьы уи аамҭазы иарбан цәаныррақәоу изааиуаз.
"Ари ашоу аҿы зегьы уззыԥшӡамгьы ҟалар алшоит. Сара сзы ари апроект алахәхара еихьӡара дууп, избан акәзар акыр ҵуан иарахьы амҩа сықәижьҭеи. Хәышықәса ҵуеит азыҳәақәа ҟасҵозижьҭеи. Сынтәа Москва амҽхак ду змоу акастинг мҩаԥысит – Екатеринбург, Шәача, Уфа, Нижныи Новгород рҟынтәи алахәылацәа ыҟан. Абриаҟара ауаа срылкааны ари апроект алахәхара сара сзы иааира дууп", - ҳәа азгәеиҭеит Пхалаӡе.
Акастинг ашьҭахь, амузыкант иажәақәа рыла, арепертуар шьақәдырӷәӷәеит. Иара 60 ашәа ишьҭит, урҭ рҟынтә акы алхын.
Сириус ақалақь аҿы цәыббрамзазы астрономиаз III Иаарту Жәларбжьаратәи олимпиада мҩаԥысит. Уи рхы аладырхәит Аԥснытәи ашколхәыҷқәа 20-ҩык, урҭ руаӡәк Сариа Демерџь-иԥҳа "Амилаҭтә алмас" аҳамҭа ланашьоуп.
Иааизакны 20-тәыла рҟынтәи 100-ҩык ақәыԥшцәа Аолимпиада рхы аладырхәит. Аԥсны ахьӡала иара убасгьы иқәгылеит Аҟәатәи ашколқәа №2, №10 рҟынтәи аҵаҩцәа Арсени Агрба, Анастасиа Наҟәаԥиаԥҳа, Анна Аҩӡԥҳа.
"Амилаҭтә бырлаш" ианаршьоит зегь реиҳа абаллқәа зауз еизгоу акоманда алахәылаҩ.
Фридонна агәабзиараз лықәԥара
Иҳаҩсыз аԥхынразы Аԥсны зегьи, уи аҳәаақәа рынҭыҵгьы аӡәырҩы еидгылеит жәеиза шықәса зхыҵуа Фридонна Аҩӡԥҳа лыԥсҭазаара аиқәырхаразы. Иҵару алимфобласттә леикоз лымоуп ҳәа ажәабжь рылаҵәеит.
Акультура-гәыҳалалратә Фонд "Ашана" ахимиотерапиа акурсқәеи абаҩлаша аԥсахреи рзы аԥарақәа реизгара аанартит. Ииашаҵәҟьаны, аԥара рацәа аҭахын – 26 миллион мааҭ рҟынӡа.
Абриаҟара аԥара аизгаразы мызқәак аҭаххозшәа агәаанагара ыҟан, аха ауаа уи аус ҩба-хԥа мчыбжь рыҩныҵҟала инарыгӡеит. Аԥарақәа еизыргеит, агәыҳалалратә концертқәа рҿгьы, урҭ руак афестиваль “Хьыбла Герзмааԥҳа шәаалыԥхьоит...” аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.
Ԥхынҷкәынмзазы еилкаахеит Фридонна лбаҩлаша аԥсахразы аоперациа шымҩаԥысыз. Лаҳәшьа Аиша донорс дҟалеит.
Абоксиор Харитон Агрба 67 кьыла рҟынӡа зкапануа рыбжьара IBA адунеи ачемпионтә маҟа игеит, иара убасгьы абҵарамзазы абжьаратә капан иаҵанакуа рыбжьара WBA атитул аиура дашьҭазааҩхеит.
Агрба аиааира игеит 27 иааира згахьоу аргентинатәи абоксиор Габриел Роза. Роза ииааирақәа рҟынтә 20 нокаутла даиааиит. Аӡбаҩцәа зегьы еицҿакны рыӡбарала Харитон Агрба аочкоқәа рыла аиааира игеит.
"Уажәазы, ари апрофессионалтә бокс аҿы зегь реиҳа иуадаҩыз аҿагылаҩ иакәын. Иара убасгьы еилыскааит еиҳагьы еиҳаны сҽеиқәсыршәар шсылшо. Иҟоуп аус здызулаша, ирҽеитәу агхақәа, даҽазны еиҳагьы амч сыманы сцәырҵырц азы", - ҳәа иҳәеит Агрба иқәгылара ашьҭахьтәи ацәаныррақәа дрылацәажәо.
Аԥсны БРИКС ахәмаррақәа рҿы
Цәыббрамзазы Казан ақалақь аҿы БРИКС Ахәмаррақәа мҩаԥысит. Уаҟа раԥхьаӡа акәны Аԥсны алахәын, ацеремониа аартраҿы атәылақәа рпарад иарала иалагеит.
Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ мҩанигеит алегендартә шьапылампыласҩы Ахрик Цәеиба. Аԥснытәи аспортсмен ҿарацәа ирылшоз зегьы ҟарҵеит, ҳамҭада рыԥсадгьыл ахь ихнымҳәит.
Абокс азы ахьтәы медал игеит Аҟәатәи аспортсмен Герман Арџьениа. Аџьазтә медалқәа ранашьан: адзиудо азы Инал Гадлиа, зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Марат Кокосқьериа, самбо азы Рахман Напиџьев, зых иақәиҭу аиқәԥаразы Даниил Харчлаа, абокс азы Беата Арышԥҳа.
Ареспублика еизгоу акоманда азеиԥшкомандатә медалқәа рызшьала 13-тәи аҭыԥ ааныркылеит, быжь медалкгьы ранашьахеит.
ММА Адунеи ачемпионат аҿы "Аџьаз"
Иҳаҩсыз абҵарамза Аԥсны амедалқәа рчықьмачахьы даҽа медалк аанагеит. Дауҭ Гәыблиа Ханты-Мансииск имҩаԥысуаз ММА азы адунеи Ачемпионат аҿы аџьаз медал игеит.
Иара ареспублика аҳәынҭқарратә бираҟ даҵагыланы дықәгылеит, Бразилиа, Қырҭтәыла, Урыстәыла рҟынтәи аспортсменцәа хынтә дрындаҭлеит. Раԥхьатәи аҩба рҿы аиааира игеит, аха ахԥатәи аҿы даҵахеит.
Иазыҟаҵаҩ Ҭемураз Гьергьедаа иажәақәа рыла, Гәыблиа ибзоурала Аԥсны ММА Аидгыла адунеизегьтәи алианс ахь иаларҵеит.