https://sputnik-abkhazia.info/20250105/iasha-dsheiirkhoz-dakheit-galaktion-chykbar-ieibashrat-ma-iazkny-1053359601.html
"Иашьа дшеиқәирхоз дҭахеит": Галактион Чыкәбар иеибашьратә мҩа иазкны
"Иашьа дшеиқәирхоз дҭахеит": Галактион Чыкәбар иеибашьратә мҩа иазкны
Sputnik Аҧсны
Ажьырныҳәа 5, 1993 шықәсазы аԥсуа еибашьцәа аҳҭнықалақь Аҟәа аҭарцәразы ажәылара мҩаԥыргеит. Аха уи лҵшәадахеит. Аԥсуа ар аҽны 35-ҩык аибашьцәа ацәыӡит. Ари... 05.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-05T16:48+0300
2025-01-05T16:48+0300
2025-01-05T16:48+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/05/1053359722_0:159:826:623_1920x0_80_0_0_0d816b365f63523456c1001b62f6a53f.jpg
Ажьырныҳәа 5, 1993 шықәсазы аԥсуа еибашьцәа аҳҭнықалақь Аҟәа аҭарцәразы ажәылара мҩаԥыргеит. Аха уи лҵшәадахеит. Аԥсуа ар аҽны 35-ҩык аибашьцәа ацәыӡит. Ари рыцҳара духеит ҳажәлар рзы. Ажьырныҳәатәи ажәылараан дҭахеит зашьа иеиқәырхара иашьҭаз бзыԥҭатәи аибашьҩы Галактион Џыр-иԥа Чыкәбар. Иара иеибашьратә нысымҩа анҵоуп иашьа иԥҳа Саида Чыкәбарԥҳа лажәақәа рыла.Саида Жьиԥҳа, SputnikГалактион Чыкәбар Бзыԥҭа аҳаблан, еицырдыруа апатриот, Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аветеран Џыр Чыкәбар иҭаацәараҟны ииз арԥысын. Иара аҟыбаҩ ҷыда злаз ҷкәынан. Аҵара иқәманшәалахон. Ашкол даналга ашьҭахь дҭалоит Николаевтәи, "Аџьатә дырга Ҟаԥшь" змаз, С. Макаров ихьӡ зхыз аӷбаргыларатә институт. Аҵара ду ашьҭахьгьы, аамҭа-аамҭала иԥышәа аизырҳаразы дрышьҭуан. Аус иуан Аҟәатәи аӷбаргыларатә зауад аҟны. Иара убас Жәлар рхылаԥшратә комитет аҟны. Галактион Севастополь арратә зыҟаҵара дахысхьан. Алеитенант еиҳаби, убас анџьныртә архәҭа акаԥдан 3-тәи аранг ачынқәа ихҵан.Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Галактион дыруаӡәкхеит аԥхьанатә абџьар иаҵагылаз бзыԥҭаа. Иара дшыхәыҷыз аҿырԥштәы бзиа иман. Иаб иҟнытә идыруан, аԥсадгьыл ашәарҭара иҭагылар хамеигӡарала ишыхьчатәу."Аибашьра ианалага аамҭак ашьҭахь, Галактион анџьныртә-сапиортә баталион командаҟаҵаҩс дҟарҵоит. Дара хықәкыс ирыман аибашьратә цәаҳәаҟны анџьныртә коммуникациақәа рыргылара. Амҩақәа ылганы, џьара-џьара ацҳақәа хҵаны аҭабиақәа ржуан, ахырӷәӷәарҭақәа шьақәдыргылон", - еиҭалҳәоит Галактион иашьа иԥҳа Саида.1993 шықәса, Ианвартәи ажәылараан Галактион ибаталион дҵас иаман Гәымсҭа аӡиас иалганы аиасырҭа аҟаҵара. Амшцәгьеи аӷа ихымцеи ԥынгылас ишрымазгьы, аибашьцәа рыдҵа нарыгӡеит. Ажәыларатә операциаан Галактион исапиорцәа драԥхьагыланы Гәымсҭа дырит. Уи аамҭазы ԥхьаҟа ацашьа шамамыз еилкаахеит. "Шәхьаҵ" ҳәа адҵа ҟалеит. Аԥсуа ган ахь ианнеи, Галактион иҩызцәа рыла еиликаауеит егьи аҟәарахьы иаб иашьа иԥа Валери Чыкәбар дшаанхаз. Иара бааԥсыла дхәын. Дшеиқәымхозгьы еилкаан.Галактион Чыкәбар данҭахоз 40 шықәса ихыҵуан. Иара иҭынхеит ҩыџьа аԥацәа - Дмитрии Александри. 2019 шықәсазы, амҩатә машәыр аҟны иԥсҭазаара ҿахҵәоит Аԥсны иаҵеи лашаны иаҵагылаз, Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатс иҟаз Дмитри. Александр дынхоит Урыстәыла.Галактион Чыкәбар иеибашьратә мҩа хәымз рыла иҿахҵәоит, аха иара ишьҭа нижьит игәымшәаз, зыԥсадгьыли зыжәлари рзы зхы иамеигӡоз фырхаҵаны. Галактион данҭаха ашьҭахь ианашьан "Агәымшәаразы" амедал.
https://sputnik-abkhazia.info/20250105/Aibashra-sykhy-ialoup-engiz-Bganba-Ianvarti-azhylara-igalairsheit-1031571026.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230105/ablaa-lyma-nas-abinokla-ba-ianvarti-azhylarazy-aveterantsa-rgalasharaa-1043461661.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/05/1053359722_0:82:826:701_1920x0_80_0_0_c4c765050535b8ec7f8cc7efe30c55db.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
Ажьырныҳәа 5, 1993 шықәсазы аԥсуа еибашьцәа аҳҭнықалақь Аҟәа аҭарцәразы ажәылара мҩаԥыргеит. Аха уи лҵшәадахеит. Аԥсуа ар аҽны 35-ҩык аибашьцәа ацәыӡит. Ари рыцҳара духеит ҳажәлар рзы. Ажьырныҳәатәи ажәылараан дҭахеит зашьа иеиқәырхара иашьҭаз бзыԥҭатәи аибашьҩы Галактион Џыр-иԥа Чыкәбар. Иара иеибашьратә нысымҩа анҵоуп иашьа иԥҳа Саида Чыкәбарԥҳа лажәақәа рыла.
Галактион Чыкәбар Бзыԥҭа аҳаблан, еицырдыруа апатриот, Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аветеран Џыр Чыкәбар иҭаацәараҟны ииз арԥысын. Иара аҟыбаҩ ҷыда злаз ҷкәынан. Аҵара иқәманшәалахон. Ашкол даналга ашьҭахь дҭалоит Николаевтәи, "Аџьатә дырга Ҟаԥшь" змаз, С. Макаров ихьӡ зхыз аӷбаргыларатә институт. Аҵара ду ашьҭахьгьы, аамҭа-аамҭала иԥышәа аизырҳаразы дрышьҭуан. Аус иуан Аҟәатәи аӷбаргыларатә зауад аҟны. Иара убас Жәлар рхылаԥшратә комитет аҟны. Галактион Севастополь арратә зыҟаҵара дахысхьан. Алеитенант еиҳаби, убас анџьныртә архәҭа акаԥдан 3-тәи аранг ачынқәа ихҵан.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Галактион дыруаӡәкхеит аԥхьанатә абџьар иаҵагылаз бзыԥҭаа. Иара дшыхәыҷыз аҿырԥштәы бзиа иман. Иаб иҟнытә идыруан, аԥсадгьыл ашәарҭара иҭагылар хамеигӡарала ишыхьчатәу.
"Аибашьра ианалага аамҭак ашьҭахь, Галактион анџьныртә-сапиортә баталион командаҟаҵаҩс дҟарҵоит. Дара хықәкыс ирыман аибашьратә цәаҳәаҟны анџьныртә коммуникациақәа рыргылара. Амҩақәа ылганы, џьара-џьара ацҳақәа хҵаны аҭабиақәа ржуан, ахырӷәӷәарҭақәа шьақәдыргылон", - еиҭалҳәоит Галактион иашьа иԥҳа Саида.
1993 шықәса, Ианвартәи ажәылараан Галактион ибаталион дҵас иаман Гәымсҭа аӡиас иалганы аиасырҭа аҟаҵара. Амшцәгьеи аӷа ихымцеи ԥынгылас ишрымазгьы, аибашьцәа рыдҵа нарыгӡеит. Ажәыларатә операциаан Галактион исапиорцәа драԥхьагыланы Гәымсҭа дырит. Уи аамҭазы ԥхьаҟа ацашьа шамамыз еилкаахеит. "Шәхьаҵ" ҳәа адҵа ҟалеит. Аԥсуа ган ахь ианнеи, Галактион иҩызцәа рыла еиликаауеит егьи аҟәарахьы иаб иашьа иԥа Валери Чыкәбар дшаанхаз. Иара бааԥсыла дхәын. Дшеиқәымхозгьы еилкаан.
"Галактион иарҳәеит Валери ихәра шыӷәӷәоу. Уахь дцаргьы акагь шилымшо. Аха аибашьра адәаҟны зыԥсы зхыҵуаз иашьа дшаанимыжьуаз еилкааз усын аҟнытә, уаҳа иқәҿырымҭит. Ахысра еихсыӷьаанӡа иҩыза ҷкәынак (ихьӡ ҳгәалашәом) даашьҭхны, асакаса рыманы еиҭа аӡы ирит. Убраацәҟьа, ақырҭуа снаипер рҩыџьагьы ҭаирхоит. Валери иакәзаргьы, ихәра иахырҟьаны Гәымсҭа ахықәан иԥсҭазаара ҿахҵәоит", - еиҭалҳәоит Саида.
Галактион Чыкәбар данҭахоз 40 шықәса ихыҵуан. Иара иҭынхеит ҩыџьа аԥацәа - Дмитрии Александри. 2019 шықәсазы, амҩатә машәыр аҟны иԥсҭазаара ҿахҵәоит Аԥсны иаҵеи лашаны иаҵагылаз, Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатс иҟаз Дмитри. Александр дынхоит Урыстәыла.
Галактион Чыкәбар иеибашьратә мҩа хәымз рыла иҿахҵәоит, аха иара ишьҭа нижьит игәымшәаз, зыԥсадгьыли зыжәлари рзы зхы иамеигӡоз фырхаҵаны.
Галактион данҭаха ашьҭахь ианашьан "Агәымшәаразы" амедал.