https://sputnik-abkhazia.info/20250110/lysazaara-dalit-asnyti-aynarrat-muzei-asabara-asha-aiaby-taisia-alaniaa--1053381341.html
Лыԥсҭазаара далҵит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аԥсабара аҟәша аиҳабы Таисиа Аланиаԥҳа
Лыԥсҭазаара далҵит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аԥсабара аҟәша аиҳабы Таисиа Аланиаԥҳа
Sputnik Аҧсны
Таисиа Аланиаԥҳа диит хәажәкыра 5 1950 шықәсазы, лара сынтәа 75 шықәса лхыҵуазаарын. 10.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-10T14:33+0300
2025-01-10T14:33+0300
2025-01-10T14:33+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102312/87/1023128731_0:67:1280:787_1920x0_80_0_0_e9ff9c19b105218f4f46bb7519e7e703.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Лыԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ-амузеиҭҵааҩы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аԥсабара аҟәша аиҳабы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Таисиа Аланиаԥҳа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны акультура аминистрра.Таисиа Аланиаԥҳа далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт абиологиеи агеографиеи рфакультет, 1972 шықәса инаркны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы аус луан, адәынтәи аҭҵаарақәа лхы рылалырхәуан, ахәшә-ҵиаақәеи урҭ жәлар рыхәшәтәраҿы рхархәареи ҭылҵаауан. Уи адагьы, Аҟәатәи аҿар рыҩнаҿы аус луан, ахәыҷтәы екологиатә лагер напхгара алҭон. Таисиа Аланиаԥҳа — 200 инареиҳаны аҭҵаарадырратә статиақәа равтор. Иара убас, 2023 шықәсазы лыԥшәма Анзор Агәмаа ишәҟәы "Аҟәа. XIX ашәышықәса анҵәамҭеи ХХ ашәышықәса алагамҭеи раамҭазтәи ақалақь аҭоурыхи архитектуреи рзы аочеркқәа" акьыԥхьразы иазыҟалҵеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102312/87/1023128731_72:0:1209:853_1920x0_80_0_0_29cbab5d26c6857ac6f9e9cb20507bf9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Лыԥсҭазаара далҵит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аԥсабара аҟәша аиҳабы Таисиа Аланиаԥҳа
Таисиа Аланиаԥҳа диит хәажәкыра 5 1950 шықәсазы, лара сынтәа 75 шықәса лхыҵуазаарын.
АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Лыԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ-амузеиҭҵааҩы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аԥсабара аҟәша аиҳабы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Таисиа Аланиаԥҳа. Абри атәы
аанацҳауеит Аԥсны акультура аминистрра.
"Таисиа Гьаргь-иԥҳа лыԥсҭазаара лалҵра ҳреспубликазы харҭәаашьа змам цәыӡуп. Лҭаацәеи лҭынхацәеи гәык-ԥсык ала ҳрыдашшылоит", — ҳәа аҳәоит аусбарҭа акьыԥхьымҭаҿы.
Таисиа Аланиаԥҳа далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт абиологиеи агеографиеи рфакультет, 1972 шықәса инаркны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы аус луан, адәынтәи аҭҵаарақәа лхы рылалырхәуан, ахәшә-ҵиаақәеи урҭ жәлар рыхәшәтәраҿы рхархәареи ҭылҵаауан. Уи адагьы, Аҟәатәи аҿар рыҩнаҿы аус луан, ахәыҷтәы екологиатә лагер напхгара алҭон.
Таисиа Аланиаԥҳа — 200 инареиҳаны аҭҵаарадырратә статиақәа равтор. Иара убас, 2023 шықәсазы лыԥшәма Анзор Агәмаа ишәҟәы "Аҟәа. XIX ашәышықәса анҵәамҭеи ХХ ашәышықәса алагамҭеи раамҭазтәи ақалақь аҭоурыхи архитектуреи рзы аочеркқәа" акьыԥхьразы иазыҟалҵеит.