Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аекологиаз аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы еиҭеиҳәеит акамшьиа акра шцо

© Sputnik / Томас ТхайцукЗавод по переработке хамсы на территории Рыбкомбината
Завод по переработке хамсы на территории Рыбкомбината - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.01.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik. Аԥсны аԥсыӡкра аамҭахәҭа алагамҭа инаркны квотала ишарбаз – 25 нызқь тонна акәымкәа 1218 тонна акамшьиа ркит ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аекологиаз аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Савели Ҷыҭанаа.
"Аҳауа аԥхарра иахҟьаны, аԥсыӡкра ԥсыҽны имҩаԥысуеит. Аԥсыӡкраамҭа маншәалахарц азы, аԥсыӡқәа рацәаны еизароуп. Усеиԥш ҟалоит аӡы аԥхарра 8 градуск еиҳамкәа ианыҟоу. Аха сынтәа аҳауа аԥхарра иахҟьаны, амшынӡы аԥхарра 10-14 градус рҟынӡа ихалеит", — ҳәа иҳәеит иара.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҷыҭанаа акамшьиа акра шцо иазкны   - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.01.2025
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҷыҭанаа акамшьиа акра шцо иазкны
Убри инамаданы, ареспубликаҿы аԥсыӡ аус адырулоит х-зауадк, хә-ӷбак Аԥсны аӡымҽхакыраҿы акамшьиа ркуеит.
Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, аӡы аԥхарра 8 градуск аасҭа еиҵахаргьы, мызкы заҵәык ала аквотатә план анагӡара уадаҩхоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0