https://sputnik-abkhazia.info/20250122/ausurat-gy-azhyrnya-1-inarkny-amch-zauz-aazalkhrat-ba-aiakraa-rydnagaloit-1053471619.html
Аусуратә гәыԥ ажьырныҳәа 1 инаркны амч зауз аҳазалхратә баџь аиҭакрақәа рыднагалоит
Аусуратә гәыԥ ажьырныҳәа 1 инаркны амч зауз аҳазалхратә баџь аиҭакрақәа рыднагалоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik. Аԥсны иаԥҵахоит ажьырныҳәамза 1 аахыс амчра зауз аҳазалхратә баџьқәа рырҽеиразы ажәалагалақәа реиҿкааразы аусуратә гәыԥ. 22.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-22T18:55+0300
2025-01-22T18:55+0300
2025-01-22T21:06+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аекономика
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/11/1040995950_0:85:1618:995_1920x0_80_0_0_a38cf8951aae6b4bb59fca52c84b9b34.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik. Аԥсны иаԥҵахоит ажьырныҳәамза 1 аахыс амчра зауз аҳазалхратә баџьқәа рырҽеиразы ажәалагалақәа реиҿкааразы аусуратә гәыԥ. Абри атәы иҳәеит атәыла ахада ин. н. Валери Бганба амаҭәаҭирҭа џьармыкьақәа рҿы амаҭәеи ашьапымаҭәеи зҭиуа анаплак маҷқәа рхаҭарнакцәа рԥылараан. Ахәԥса ҿыцқәа шьақәдыргылеит аҳазалхратә аусхк аҿы азакәанԥҵара ЕАЕС-и Урыстәылеи рактқәа реишьаршәалараз апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны 2024 шықәса лаҵарамза 31 рзы Аминистрцәа реилазаара иаднакылаз Ақәҵарала.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/11/1040995950_89:0:1529:1080_1920x0_80_0_0_79e6345f4243c642add7ac8b2ad32e5e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аекономика
ажәабжьқәа, аԥсны, аекономика
Аусуратә гәыԥ ажьырныҳәа 1 инаркны амч зауз аҳазалхратә баџь аиҭакрақәа рыднагалоит
18:55 22.01.2025 (ирҿыцуп: 21:06 22.01.2025) АҞӘА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik. Аԥсны иаԥҵахоит ажьырныҳәамза 1 аахыс амчра зауз аҳазалхратә баџьқәа рырҽеиразы ажәалагалақәа реиҿкааразы аусуратә гәыԥ.
Абри атәы иҳәеит атәыла ахада ин. н. Валери Бганба амаҭәаҭирҭа џьармыкьақәа рҿы амаҭәеи ашьапымаҭәеи зҭиуа анаплак маҷқәа рхаҭарнакцәа рԥылараан.
"Аусуратә гәыԥ еиуеиԥшым аекономика аусхкқәа рҿы аус зуа анаплакҩцәа аус рыцрулоит", — ҳәа иҳәеит Бганба.
Ахәԥса ҿыцқәа шьақәдыргылеит аҳазалхратә аусхк аҿы азакәанԥҵара ЕАЕС-и Урыстәылеи рактқәа реишьаршәалараз апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны 2024 шықәса лаҵарамза 31 рзы Аминистрцәа реилазаара иаднакылаз Ақәҵарала.