Урыстәыла

Адлер иҟоу аушьҭратә пункт аиҭашьақәыргылара алагаразы аусурақәа хыркәшоуп

© Foto / ГРАНИЦА.ПУНКТЫ ПРОПУСКАКПП Псоу
КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.01.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Адлер иҟоу аушьҭратә пункт аиҭашьақәыргыларазы аамҭалатәи аргыларатә еиланхарҭа аиҿкааразы аусура хыркәшоуп.
Аусура амҩаԥысшьа иалацәажәеит Шәача ақалақь аҿы афедералтә усбарҭа Росгранстрои анапхгаҩы Михаил Семионов инапхгарала имҩаԥысыз аилатәараан.
Агәаҭаратә пункт анҭыҵ аргыларатә ҭыԥ азыҟаҵара 2024 шықәса анҵәамҭазы иалагеит. Ахархәара змам аобиектқәа ықәыргахьеит.
Аиҭашьақәыргылара ашьҭахь 28 цәаҳәа змоу амҩа аус аулоит, атранспорт аушьҭра 9,5-нтә еизҳауеит, ауаа роушьҭра — хынтә. Уи абзоурала уахыки-ҽнаки рыла 14,13 нызқь амашьынақәеи 80,5 нызқьҩык ауааи иоурышьҭыртә алшара ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0