https://sputnik-abkhazia.info/20250131/kirienkoi-gynbei-asni-urystylei-rybzhara-aaireimadara-aartra-ialatsazheit-1053567758.html
Кириенкои Гәынбеи Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиреимадара аартра иалацәажәеит
Кириенкои Гәынбеи Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиреимадара аартра иалацәажәеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқаррахь иусуратә аара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩи... 31.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-31T17:22+0300
2025-01-31T17:22+0300
2025-02-03T11:13+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/03/1053591127_0:92:3313:1956_1920x0_80_0_0_914aedf6dc8914c1a5256ef93aaa4d43.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқаррахь иусуратә аара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи аргылареи рзы акоординациатә штаб анапхгаҩы Бадра Гәынбеи аусуратә еилацәажәара мҩаԥыргеит. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" ахыбраҿы имҩаԥысыз аиԥылараҿы Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳаир еимадара аартра азҵаарақәа ирылацәажәан, ари ахырхарҭала аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аусеицура арҭбааразы анаҩстәи ашьаҿақәагьы азгәаҭан.2023 шықәса абҵарамзазы Урыстәылеи Аԥсни В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" амазаратә комплекс аиҭашьақәыргыларазы аҳәынҭқарра-хатәытә усеицуразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, жәларбжьаратәи аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны. Уажәазы ашьҭыԥраара-ртәаратә цәаҳәеи аганқәеи рбетонркразы аусурақәа хыркәшоуп. Арлашара-дырраҟаҵагатә еиқәыршәагақәа рышьақәыргылара иадҳәалоу аусурақәагьы хара имгакәа ихыркәшахоит, адыргақәа шьақәыргылоуп, ашьҭыԥрааратә дәы аплан шьҭыхуп. Аԥырратә ԥышәарақәа қәҿиарала ихыркәшоуп, аԥыррақәеи аимадареи адгьылхыхьтәи ррадиотехникатә еиқәыршәара ахархәагақәа ахархәарахь ирыҭоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/03/1053591127_292:0:3023:2048_1920x0_80_0_0_9fb15a3ce6543413b23b92f646995155.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқаррахь иусуратә аара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи аргылареи рзы акоординациатә штаб анапхгаҩы Бадра Гәынбеи аусуратә еилацәажәара мҩаԥыргеит.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" ахыбраҿы имҩаԥысыз аиԥылараҿы Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳаир еимадара аартра азҵаарақәа ирылацәажәан, ари ахырхарҭала аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аусеицура арҭбааразы анаҩстәи ашьаҿақәагьы азгәаҭан.
"Иааиԥмырҟьаӡакәа аҳаиртә еимадара ахацыркреи раԥхьатәи ареисқәеи Аԥсни Урыстәылеи руааԥсыра акраамҭа иззыԥшыз акоуп. Уи агәаҳәара иаарласны анагӡара алшартә иҟоуп", — иҳәеит Кириенко.
2023 шықәса абҵарамзазы Урыстәылеи Аԥсни В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" амазаратә комплекс аиҭашьақәыргыларазы аҳәынҭқарра-хатәытә усеицуразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, жәларбжьаратәи аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны.
Уажәазы ашьҭыԥраара-ртәаратә цәаҳәеи аганқәеи рбетонркразы аусурақәа хыркәшоуп. Арлашара-дырраҟаҵагатә еиқәыршәагақәа рышьақәыргылара иадҳәалоу аусурақәагьы хара имгакәа ихыркәшахоит, адыргақәа шьақәыргылоуп, ашьҭыԥрааратә дәы аплан шьҭыхуп. Аԥырратә ԥышәарақәа қәҿиарала ихыркәшоуп, аԥыррақәеи аимадареи адгьылхыхьтәи ррадиотехникатә еиқәыршәара ахархәагақәа ахархәарахь ирыҭоуп.