https://sputnik-abkhazia.info/20250131/ychberiaa-asnypress-azy-shkol-bzioup-azhurnalist-izy-1053561200.html
Қәычбериаԥҳа "Аԥсныпресс" азы: школ бзиоуп ажурналист изы
Қәычбериаԥҳа "Аԥсныпресс" азы: школ бзиоуп ажурналист изы
Sputnik Аҧсны
30 шықәса раԥхьа аусура иалагеит раԥхьатәи аԥсуа аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс". Атәылаҿы имҩаԥысуаз ахҭыс хадақәа, иара Аԥсны аҩнуҵҟа мацара акәымкәа... 31.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-31T11:41+0300
2025-01-31T11:41+0300
2025-01-31T12:08+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/1f/1053561035_0:0:962:542_1920x0_80_0_0_35fe02edb5a82c1d258b8ad2b184b996.jpg
Қәычбериаԥҳа «Аԥсныпресс» азы: школ бзиоуп ажурналист изы
Sputnik Аҧсны
Қәычбериаԥҳа «Аԥсныпресс» азы: школ бзиоуп ажурналист изы
30 шықәса раԥхьа аусура иалагеит раԥхьатәи аԥсуа аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс". Атәылаҿы имҩаԥысуаз ахҭыс хадақәа, иара Аԥсны аҩнуҵҟа мацара акәымкәа, анҭыҵ инхо ирзеиҭазҳәаз акәны иҟалеит. Акыр шықәса инеиԥынкыланы уаҟа аус зуаз ажурналист Анжела Қәычбериаԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит амаҵзурахьы лнеира шыҟалаз, уи илнарҵаз, насгьы аколлектив аҩнуҵҟа иҟаз аҭагылазаашьа атәы."Аԥсныпресс" - Анжела раԥхьатәи лусуроуп. Аҵара даналга ашықәсан мызқәак ракәын иахыҵуаз амаҵзурахьы даннеи. Уаҟа лара аус луит нанҳәамза 1995 шықәса инаркны жьҭаара 2014 шықәсанӡа."Даара аинтерес дуӡӡа зҵаз шықәсқәан уаҟа сусура. Ирацәан ахҭысқәа усҟан. Есԥшьаша аҳәааҿы Аԥсни Қырҭтәылеи реиҿцәажәарақәа мҩаԥысуан. Уажәы ара акомпиутер уаҿатәаны Америка иҟоу ажәабжь уҩыр ҟалоит. Ицәгьан, аха аинтерес иаҳа иаҵан. "Аԥсныпресс" аҿы анеи-ааи иҟан цәгьала. Еицырдыруаз амаҵзурақәа рҟнытә иаауан ажурналистцәа. Қырҭтәылантә иаауан азы, ара ианааилак рқьышә ҳақәҵаны ҳацәажәара ианалагалак, ҳаргьы ҳус ҳналагон, рыхшыҩ аус аҳаруан. Аибашьра зыхҟьаз, изхараз деилыркааны, аџьабаа рыдбаланы идықәаҳҵон", - ҳәа еиҭалҳәон Қәычбериаԥҳа."Аԥсныпресс" школ бзиоуп ажурналист изы лҳәоит Анжела."Ажәабжь аҩышьа, аԥшаашьа, иара раԥхьа акомпиутер саҿатәаны ажәабжь аҩышьа ахьысҵазгьы уброуп. Ҳшыҟазгьы ауаа рацәак ирыздырӡомызт, ҳанасуаз ажәабжь аилкааразы, изакәи уи иабантәаажәгеи ҳәа иҳазҵаауан. Ҳрацәаӡамызт уаҟа аус зуаз, аха иҳалҳаршоз рацәан", - ҳәа еиҭалҳәоит Қәычбериаԥҳа.Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/1f/1053561035_0:0:962:722_1920x0_80_0_0_2692a48dd4aa240b80436bff92d0942d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
30 шықәса раԥхьа аусура иалагеит раԥхьатәи аԥсуа аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс". Атәылаҿы имҩаԥысуаз ахҭыс хадақәа, иара Аԥсны аҩнуҵҟа мацара акәымкәа, анҭыҵ инхо ирзеиҭазҳәаз акәны иҟалеит. Акыр шықәса инеиԥынкыланы уаҟа аус зуаз ажурналист Анжела Қәычбериаԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит амаҵзурахьы лнеира шыҟалаз, уи илнарҵаз, насгьы аколлектив аҩнуҵҟа иҟаз аҭагылазаашьа атәы.
"Аԥсныпресс" - Анжела раԥхьатәи лусуроуп. Аҵара даналга ашықәсан мызқәак ракәын иахыҵуаз амаҵзурахьы даннеи. Уаҟа лара аус луит нанҳәамза 1995 шықәса инаркны жьҭаара 2014 шықәсанӡа.
"Даара аинтерес дуӡӡа зҵаз шықәсқәан уаҟа сусура. Ирацәан ахҭысқәа усҟан. Есԥшьаша аҳәааҿы Аԥсни Қырҭтәылеи реиҿцәажәарақәа мҩаԥысуан. Уажәы ара акомпиутер уаҿатәаны Америка иҟоу ажәабжь уҩыр ҟалоит. Ицәгьан, аха аинтерес иаҳа иаҵан. "Аԥсныпресс" аҿы анеи-ааи иҟан цәгьала. Еицырдыруаз амаҵзурақәа рҟнытә иаауан ажурналистцәа. Қырҭтәылантә иаауан азы, ара ианааилак рқьышә ҳақәҵаны ҳацәажәара ианалагалак, ҳаргьы ҳус ҳналагон, рыхшыҩ аус аҳаруан. Аибашьра зыхҟьаз, изхараз деилыркааны, аџьабаа рыдбаланы идықәаҳҵон", - ҳәа еиҭалҳәон Қәычбериаԥҳа.
"Аԥсныпресс" школ бзиоуп ажурналист изы лҳәоит Анжела.
"Ажәабжь аҩышьа, аԥшаашьа, иара раԥхьа акомпиутер саҿатәаны ажәабжь аҩышьа ахьысҵазгьы уброуп. Ҳшыҟазгьы ауаа рацәак ирыздырӡомызт, ҳанасуаз ажәабжь аилкааразы, изакәи уи иабантәаажәгеи ҳәа иҳазҵаауан. Ҳрацәаӡамызт уаҟа аус зуаз, аха иҳалҳаршоз рацәан", - ҳәа еиҭалҳәоит Қәычбериаԥҳа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.