Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Дшыхәыҷыз аибашьра далахәын": Евдокиа Котлиарова лиубилеи лыдырныҳәалеит

© Foto / Саида ЖибаЕвдокия Котлярова - ветеран ВОВ
Евдокия Котлярова - ветеран ВОВ - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2025
Анапаҵаҩра
1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа рахьтә Гагра араион аҟны зыԥсы ҭаны ааҩык роуп инхаз. Урҭ дырхыԥхьаӡалоуп Евдокиа Ефрем-иԥҳа Котлиарова. Жәабран 3 рзы лара 95 шықәса лхыҵит. Гагра араион ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа, иахьа аибашьра аветеран илыдылныҳәаларц дылҭааит.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Евдокиа Котлиарова Гагра ақалақь ҳаҭыр ду зқәу нхаҩуп. Лара 50 шықәса аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа рҟны аус луит. 20 шықәса Гагратәи авиакассаҟны. Евдокиа лԥазаҵә Владимир, Гагра араион ахадара, ақалақь анхарҭатә усбарҭа акраамҭа дазааԥсеит.
Евдокиа Котлиарова шьҭрала Воронежтәи аобласт датәуп. Аха ахәыҷы хәышықәса анылхыҵуаз лан длыманы Гаграҟа нхара дааит. Уажәшьҭа 90 шықәсоуп лара ҳақалақь агәыцә дахәҭакуижьҭеи.

"Аԥхын, 1941 шықәсазы, сабду иахь Ҟәбинаҟа ԥсшьара сцеит. Убра сшыҟаз ауп аибашьра ишалагаз. Анемец фашистцәа ҳқыҭа амацәаз иҭакны аҩнқәа рбылуа иалагеит. Уаҩ дымшаҭакәа ахы иадыргон. Сабду идҵала апартизанцәа рзы аинформациа еидыскылон. Уи зныз ақьаад аҵәгәыр иахаҵаны аӡиас иахыганы иршәуан. Аҟәараҟны иԥшыз ауаа иамхны иргон. Афашистцәа сабду игәра рымго иалагеит, излашьақәдырӷәӷәоз шрымамызгьы дҭадырхоит. Убри ҟалеит сыла ишабоз", - лгәалашәара хьанҭа ҳацеиҩылшеит абырг.

Евдокиа лабду дихырҟьаны илзышәарацо иалагеит. Аӡӷаб хәыҷы дҵәахны диман ланшьа. Анаҩс маӡала ақыҭа далганы лан лахь Аԥсныҟа дааишьҭуеит.
Гагра араион Ахадара аиҳабы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Адамур Ҵышәба ихьӡала, Хана Гәынԥҳа Евдокиа Котлиарова адныҳәаларатә шәҟәи, ашәҭқәеи, аԥаратә ҳамҭеи ланалшьеит. Илзеиӷьалшьеит агәабзиареи, еиҳау ақәранҵыреи. Аҭагылазаашьа лхы иархәаны, сынтәа иазгәаҳҭараны иҟоу Аџьынџьтәылатәи аибашьр Ду аҟны игоу Аиааира 80 шықәса ахыҵрагьы аветеран илыдылныҳәалеит.
Евдокиа Ефрем-иԥҳа лыхәҭакахьала, лганахь есқьынагьы агәцаракра аазырԥшуа иҭабуп ҳәа ралҳәеит.
Евдокия Котлярова - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2025
Аԥсны
Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Евдокиа Котлиарова 95 шықәса лхыҵит
Ажәабжьқәа зегьы
0