Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

144 миллион мааҭ Урыстәыла Аԥсны иазаанашьҭуеит ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аргыларазы

© Sputnik / Alexey NikolskiyСтроящаяся детская Республиканская больница в Сухуме
Строящаяся детская Республиканская больница в Сухуме   - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. 144 миллион мааҭ Урыстәыла Аԥсны ашәахьаҽны иазаанашьҭуеит ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аргыларазы. Абри атәы иҳәеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.
Ареспубликаҿы акыр зҵазкуа апроектқәа жәпакы афинансқәа рзоужьра арццакразы аӡбара рыдыркылеит ааигәа Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсны данаҭаа ашьҭахь ҳәа иазгәеиҭеит Вольвач.
"Сара агәыӷра сымоуп, ҩышықәса рышьҭахь ареспубликаҿы ишыҟало иҿыцу, ҳаамҭа иақәшәо, х-еихагылак змоу, 66 иарҭа ахьыҟало, иуадаҩу амедицинатә операциақәа рымҩаԥгара ахьалшо ахәыҷтәы клиникатә хәышәтәырҭа аусура иалагоит ҳәа", — ҳәа азгәеиҭеит аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ.
Иара иажәақәа рыла, урыстәылатәи ацхыраара апрограммаҟынтәи аԥарақәа рхархәарала, Аҟәа амедицинатә кластер ду еиҿкаахоит, уи Урыстәыла иахьатәи аамҭа иақәшәо ​​амедицинатә техникала еиқәнаршәоит, акадрқәа азыҟанаҵоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0