Урыстәыла Аԥсныҟа иаанашьҭит амедицинатә цхыраара ласы амашьынақәеи еиҭаҵуа афлиуорографи
13:30 13.02.2025 (ирҿыцуп: 14:11 13.02.2025)
© Sputnik / Томас ТхайцукМинздрав России передал Абхазии машины скорой помощи

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Урыстәыла Аԥсны "Газель Next" амарка иатәу амедицинатә цхыраара ласы амашьына ҿыцқәа жәабеи еиҭаҵуа афлиуорографи ҳамҭас ианаҭеит.
Ари Аԥсны аполитикатә усзуҩ Бадра Гәынбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои реиԥылара алҵшәақәа иреиуоуп.
"Сара Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны иҳанаҭо алшарақәа рзы ҭабуп ҳәа расҳәоит. Шәара ижәдыруеит, ииашаҵәҟьаны, ахәышәтәырҭатә усбарҭақәа рымацара рыдагьы ашколқәеи аҵарадырратә система иаҵанакуа аусбарҭақәа зегьи рматериал-техникатә база аиӷьтәра шаҭаху", — иҳәеит Бадра Гәынба.
Иара Аԥсны ажәлар реизҳазыӷьаразы Аҟәеи Москвеи реимадарақәа анаҩсгьы ишацырҵо азы агәрагара ааирԥшит. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ин.н. Едуард Быҭәба ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи рыбжьара атранспорт еихшахоит ҳәа азгәаҭа ҟаиҵеит.
"Ацхыраара ласы амашьынақәа шәҩыла ауаа рыԥсҭазаарақәа еиқәдырхоит. Иуҳәар ауеит, атәыла араионқәа зегьы амашьына ҿыцқәа рыла еиқәыршәахоит ҳәа", — иҳәеит иара.
Аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит амашьынақәа иахьатәи аамҭа иақәшәо амаругақәа рыла ишеиқәыршәоу.
Амашьынақәа зегьы ирықәгылоуп адефибриллиатор, ЕКГ аппарат, агәыртә ҳауаҭгага, аҭыцәацәаага, агәеисрагәаҭага, ашьақаргәаҭага, анебулаизер. Ирыцуп иара убас амедицинатә еиқәыршәагақәа: ахәыҷтәы аԥсеиқәырхаратә маругақәа, адуцәа рзы аԥсеиқәырхаратә маругақәа, иара убасгьы азеиԥшхырхарҭатәии ахшараиуратәи еиқәыршәагақәа. Уи адагьы, урҭ ирықәгылоуп арԥхагатә контеинерқәа, абӷашшаратә хьчага, аныҟәгага-кәырҷыжь.
"Арҭ амашьынақәа уажәы ҳазланыҟәо амашьынақәа раасҭа еиӷьуп, араҟа амедицинатә техника еиҳаны ишьақәыргылоуп", — ҳәа азгәеиҭеит ацхыраара ласы амашьына арныҟәцаҩ Даур Шергьелиа.