Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Убла иагәазырԥхо, иҟаԥшьыуаркалеиуа иҟазҵо": аџьамԥазиа ахәарҭареи ахархәареи

© Sputnik / Михаил ВоскресенскийРастение лаконос во дворе на улице Бакинская в Москве.
Растение лаконос во дворе на улице Бакинская в Москве.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2025
Анапаҵаҩра
Арҵәы аҟаҵаразы рхы иадырхәо аџьамԥазиа, абзыԥқәа рҟны ашьамашәыга ҳәа изышьҭоу, иазкны дыррақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аԥсуа ҳәсақәа арҵәы аҟаҵара даара ирыцааиуеит. Ицаҳәцаҳәуа, еилҟьаӡа рнапы иҵырхуа арҵәы ахьӡ хара инеиҩхьеит. Арҵәы (ахәыл) анеиҵарҵо, аџьамԥазиа арҭоит, иароуп арҵәы "убла иагәазырԥхо, иҟаԥшьыуаркалеиуа иҟазҵо".
Ашәҟәыҩҩы Анатоли Возба иажәабжь "Аҿымҭра еиӷьума?" аҟны ахәылрҵәы уааилаҳаратәы асахьа ҭихуеит:
"Надица абҟәыл дынҭалан, ашьамашәыга зыхьшьыз ахәыл былгьаӡа апырпылырҵә амца ахҟьо инадкыланы иааҭылган, аишәа инықәылҵеит. Аҳәызбала ацәа џьаџьа нахыхны, еилԥхаауаз ахәыл ҟаԥшьшьӡа, еиҩырсса ачанах инанылҵеит…"
Миска с инжиром  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2024
Аԥсны
"Агәырхаара инаркны ахәшәтәраҟынӡа": алаҳаи уи иалоу ахәарҭареи
Аџьамԥазиа
Аџьамԥазиа, мамзаргьы ашьамашәыга – ҳаскьын ҵиаауп. Аԥсабараҟны аџьамԥазиа (урысшәала "лакрица" или "лаконос американский") ахкқәа ҩажәеи жәохә шьақәыргылоуп. Аҵиаа шкәакәаны ишәҭуеит, ианыҟалалак "ашәыр кәымпылқәа" еиқәаҵәахоит. Аџьамԥазиа укыр, унапы ашәуеит. Ашәҟәыҩҩы Владимир Анқәаб игәалашәарақәа рҿы иҩуан: "Ачернила ацынхәрас ашьамашәыга рышәҭ рҟәыцны, ирҩаны иалҵуаз, ачарнилаҭра ма аԥаҭлыка хәыҷы иҭаҭәаны уи салаҩҩуан", - ҳәа.
Празднование дня города Сухум - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2025
Аԥсны
"Шә-цәак рхарԥоуп, ауаҩы изыҳәа ихәарҭоуп": аџьымшьи аџыши агәабзиаразы рлагала
Аџьамԥазиеи жәлар рмедицинеи
Жәлар рмедицинаҿы аџьамԥазиа ашәырқәа ҟәаҟәаны амраҿы ирҩаны лассы изымӷьаз аԥҟарсҭақәеи аҟәаҟәарақәеи ирықәырҵон.
Алааԥк ауаҩы ианицҳа, ихәшәтәразы иҟарҵоз аԥсуа хәшәқәа аџьамԥазиа аларҵон. Ҳарзааҭгылап ахәшә аҟаҵашьа авариантқәа:
"Алаапк иаҟьашьыз, изыцҳаз абас дырхәышәтәуеит. Аџьамԥаз шьапқәа хԥа ааҵырхуеит. Иахьыҵырхыз аџьыка ыҵарыԥсоит. Уаха иҟәаҟәаны еиҵадырԥхьоит. Ашьжьымҭан ижәуеит какалда. Фырџьанк ижәуеит. Игәы архынҳәыр, ахш идыржәуеит. (Ахыҵхырҭа: Џьума Аҳәба "Иҩымҭақәа реизга". IV атом. Ад – 525.)
Аџьамԥазиа адацқәа ааҵхны, иӡәӡәаны, ибзиаӡаны ирҟәаҟәон, анаҩс ахыз аҵаҭәаны иԥхьаркуан. Ала зыцхаз фырџьанла мышк ахьтә хынтә идыржәуан.
Аџьамԥазиа адацқәа ырссаны, ҩ-мҳаҵәк дук рызна литрак аӡы аҵарҭәон. Жәа-минуҭк идыршуан. Анаҩс, ахҩа зкуа акы инҭаҭәаны, аԥхарра мцарц иҭарыҳәҳәон. Ҩажәижәаба минуҭ рышьҭахь ираӡатәын. Ари ахәшә мышк ахьтә ҩынтә-хынтә иржәуан.
Абасала, ашьамашәыга (даҽакала "аџьамԥазиа") ганрацәала хәарҭара змоу ҵиаауп. Иара Аԥсны акыр ианааланы иазҳауан, иазҳауеит иахьа уажәраанӡагьы.
Приготовление первого сыра в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2023
Аԥсны
"Мгьалырхаара ицо": ахызи уи иалоу ахәарҭареи
∕Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун С.М. Наҷҟьебиа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика"∕.
Ажәабжьқәа зегьы
0