Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Агәырхаара инаркны ахәшәтәраҟынӡа": алаҳаи уи иалоу ахәарҭареи

© Sputnik / Марианна Кубрава Миска с инжиром
Миска с инжиром  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2024
Анапаҵаҩра
Ҳтәылаҿы изызҳауа ашәырҵла алаҳа иахҳәааны аматериал ҳзеиқәлыршәеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аԥсуаа рыфатәқәа реилазаара инарылукаартә иҟоуп ашәыр ирылырхуа ахаа-мыхаақәа. Аџьынџьыхәа, аҵәарҩа, ахәырмарҩа, алаҳарҩа уҳәа реиԥш аԥсуа кҿаҩра иатәу ахаатәқәа. Дара иарбанзаалак аишәа агәылырҭәаара, арԥшӡара рылшоит.
Хымԥада, ахаа-мыхаа аҭаацәагьы иртәуп, еиҳарак ахаақәа иреишәарыцоит ахәыҷқәа. Аха анацәа, андуцәа агәырхаагақәа ахәыҷқәа ирхаршәаланы инҭаршәны ирҵәахуан, избанзар ашәырқәа ирылхыз ахаатәқәа сасхәыс иԥхьаӡан. Аԥшәмаԥҳәыс аишәа хада лырмазеиаанӡа, асасцәа ахаатәқәа рызцәырылгон, хыжәлас рхы иадырхәон.
Абхазский стол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
Итрадициатәу аԥсуа чысхкқәа: акәацлых, ахәша, ахыжәла, абааӡатәы

Алаҳа

Алаҳа зыбӷьқәа ҟьаҟьаӡа изызҳауа ҵлажәлоуп, иҿалоу ашәыр ахаара алыжжы ишыҟоу ала ацха иадукылап. Алаҳа шәырны ҟалашьас иаиуз атәы зҳәо амифгьы уԥылоит. Уи излаҳәо ала: "Ҽнак Ԥааимбарк ҵлак ашәшьыраҿы дтәан. Дыштәаз ашәыр деилаҳаит. Уаанӡа шәыр ыҟамызт. Адоуҳа ҟаиҵеит дызҵатәаз аҵла ашәыр ҿаларц азы. Уи аҵла алаҳа ҿалеит. Убри нахыс ари ашәыр аларҵәара аиуит".
Афольклорист Цира Габниаԥҳа ланҵамҭақәа рҿы иуԥылоит алаҳа ахархәарақәа руак: "Ашә злахырхуа ацыр анеиҵарҵо алаҳа амахә ала еилдырхыр акәын. Усҟан ацырӡы бзиахоит ҳәа агәра ргон. Ацыр анеиҵарҵалак, ацырӡы џьбарахарц азы "аӡахәа амахәи алаҳа амахәи ԥыҵәҵәаны иаларԥсон".

Алаҳарҩа

Ашәыр хаа алаҳа иалхны аԥсуаа иҟарҵоит алаҳарҩа. Алаҳа ацәа аахырҵәрааны, иаарҟәыцны еиладыршуеит, акыр ианыжәпахалак, иааиҵыхны аӷәы цқьа инықәҭәаны, амра ицәҵаны инарҳәы-аарҳәуа идырҩоит. Анаҩс аӷәы иаақәхны, еиларҳәны ирҵәахуеит. Убасгьы алаҳа уаҳа назҭахым ашәыреиларш алҵуеит, иара абанкақәа ирҭаҭәаны ихырҩоит. Аӡынра иаацәырыргоит хаатәык аҳасабала. Ачаи аныржәуа ахәыҷқәа амгьал, ма ача иахьшьны ирҿарҵоит.
© Sputnik Алаҳарҩа
Изготовление аджинджухуа и сушенной хурмы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2024
Алаҳарҩа

Жәлар рмедицина

"Алаҳа хәшәуп" - рҳәоит аԥсуаа. Агәырхаара инаркны ахәшәтәраҟынӡа ахархәара ҭбаа шамоуп арҵабыргуеит жәлар рмедицина ахаҭа. Иаагозар, алаҳабӷьы ршны аимҳәа ӷәӷәала излаҽыз идыржәуан ижьцәа ҭнагоит ҳәа. Ажәлар рмедицинаҟны иҟоуп агәаанагара агәыхь змоу алаҳа изеиӷьуп, зцәеи зжьи аиод азымхо ифалар, аҭыԥаҿы инеиуеит ҳәа.
Алаҳа рхы иадырхәон хкы рацәала ачымазарақәа рыхәышәтәраҿы:
Алаҳа аҟалара ԥыҭк шагу иааҿыхны, иалҵуа аӡы шкәакәала есыҽны жәамш рыҩнуҵҟа аканҵыҵыра ахьалҵыз аҭыԥ иахьушьлар, икашәоит рҳәоит.
Аԥсуа жәлар рмедецинаҿы аԥскра ахәшәтәраҿы - маҷк аҟалара згыз алаҳа ҿыхны амцаҿы хшла иржәуан, иалҵуаз ахәшә шыцаҳәҵаҳәо иржәуан.
Амгәахасра (расстройство кишечника) иаргәамҵуа алаҳа абыӷьқәа реиларш ижәлар, ихнагон.
Абаҩ хьаа ахәышәтәразы иҟарҵоз акәны иҟан - араҵла абыӷьқәеи амахәқәеи, алаҳа абыӷьқәеи, амҵырбӷьи (травенистая бузина) ааилаҵаны, аӡы аҵаҭәаны аиларш ҟарҵон. Убри ала ирыхьуаз аҭыԥқәа ҿырыӡәӡәаауан, ршьапы ӡаадыргылон.
Ауаҩы иҟәартәрақәа (суставы) ихьуа даналагалак, еиҳараӡак дахьаргәамҵуаз ахьаа хырҽырц алаҳа абыӷьқәа ақәҵаны, ашьал ԥха акәдыршон. Абыӷьқәа ицрало даналагалак, иақәырхуан.

Азгәаҭарақәеи аԥхыӡқәеи рахьтә

Алаҳамахә амца иақәуҵар хәарҭам рҳәоит.
Алаҳа уқәланы иуҭаауашәа ԥхыӡ иубазар, узқәымгәыӷӡо хашәала бзиак узыԥшуп.
Аԥҳәызба алаҳа шәны (иҟаланы) ԥхыӡла илбар, иаарласны лынасыԥ лыԥшаауеит.
Алаҳа ашәшьыра уҵатәоушәа ԥхыӡла иубар, уадаҩра ӷәӷәак аҿы уеиҳабацәа, ма уҩызцәа адгылара урҭоит.
Астатиа аиқәыршәараҿы ахархәара аҭан С.М. Наҷҟьебиа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика".
Ажәабжьқәа зегьы
0