Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Кәыҵниа Москватәи алхырҭатә ҭыԥ аҿы ибжьы иҭиит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВторой тур президентских выборов в Абхазии
Второй тур президентских выборов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа ареспублика ахада иалхразы Москватәи алхырҭатә ҭыԥ аҿы ибжьы иҭиит.
"Ауаа гәырӷьоит, ҳақалақьуаа, ҳџьынџьуаа, ҳтәылауаа еиқәшәоит. Зегьы Аԥсны ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иалацәажәоит. Ҳара зегьы уи ӷәӷәала агәра ҳгоит, сара агәра ганы сыҟоуп ԥхьаҟа аԥеиԥш бзиа шҳауа. Урыстәыла ҳацны, аиҩызара ҳабжьаны", — ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.
Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла Москватәи алхырҭатә ҭыԥ аҿы асааҭ 12 рзы алхыҩцәа 450-ҩык неихьан.
Иахьа Аԥсны ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысуеит. Атәылаҿы алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартуп, Урыстәыла даҽа ҩба.
Абжьыҭаратә сиақәа рҿы 134 500-ҩык алхыҩцәа ыҟоуп. Алхрақәа азхарҵарц азы урҭ рыбжаҩык рыбжьы рҭиироуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0