Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аџьԥҳа арҵаҩцәа рзы Аҟәа имҩаԥысуа жәларбжьаратәи ашкол азы: илахҿыхуп, иуҵаша рацәоуп

Аџьԥҳа арҵаҩцәа рзы Аҟәа имҩаԥысуа жәларбжьаратәи ашкол азы: илахҿыхуп, иуҵаша рацәоуп
Анапаҵаҩра
Аҟәа Баграт Шьынқәба ихьӡ зхыу актәи абжьаратәи ашкол аҿы имҩаԥысуеит аӡынтәи жәларбжьаратәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы". Апроект Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи шәҩык инарзынаԥшуа арҵаҩцәа рхы аладырхәуеит. Урҭ рзы Урыстәылантәи зҽаԥсазтәыз арҵаҩцәа 12-ҩык аҟазара-аклассқәа мҩаԥыргоит. Сынтәа ари абыжьбатәи усмҩаԥгатәуп. Ахимиа, абиологиа, агеографиа арҵаҩцәа алахәуп уажәтәи аусмҩаԥгатә. Уи шеиҿкаау, рԥышәа аизырҳаразы иахьынӡахәарҭоу, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аӡынтәи ашкол алахәыла, Калдахәаратәи ашкол-интернат агеографиа арҵаҩы Инга Аџьԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, арҵаҩцәа рзы жәларбжьаратәи ашкол аусура хынтәны лхы алалырхәуеит.
"Аҟазара аклассқәа, урыстәылатәи ҳколлегацәа имҩаԥырго, даара илахҿыхуп, ирҿуҵааратә иҟоу рацәоуп. Иаҳдырбо аурокқәа ҵыԥх, ҵыԥхцәа, есышықәса ирыԥсахуеит. Ҳаклассқәа рыҩныҵаҟа еиқәыршәаны иҳамазҭгьы, даара ирацәоуп иҳадаҳкылаша. Аурок аҿы ахәыҷқәеи дареи реимадашьа атәы уҳәозар, даараӡа ибзиан", - лҳәеит Аџьԥҳа.
Лара иазгәалҭеит аҵараҟны атехнологиа ҿыцқәа рхархәара, ахәыҷқәа лабҿаба аҿырԥштәқәа дырбара шцхыраагӡахоз адыррақәа реизырҳаразы. Аклассикатә урок мацара акәымкәа, ахәыҷқәа иаҳа иазҿлымҳахарц азы ахәмарра алагаланы ишымҩаԥгатәу ддырбоит аҟазара аклассқәа раан урыстәылантәи рколлегацәа, лҳәеит Аџьԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0