https://sputnik-abkhazia.info/20250222/yba-ayntylat-eibashra-du-iazku-abaa-lashkyndar-argylarazy-khykamyrshgakhon-1053844830.html
Ҵәыџьба Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку абаҟа Лашькьындар аргыларазы: хьыӡкамыршәгахон
Ҵәыџьба Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку абаҟа Лашькьындар аргыларазы: хьыӡкамыршәгахон
Sputnik Аҧсны
Асоциалтә проектқәа аԥара рзоужьраз азыҳәақәа ралаҵара асхема ддырдырит атәыла араионкәеи ақыҭақәеи рхаҭарнакцәа. Ари аус инамаданы аҳҭнықалақь аҟны еиҿкаан... 22.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-22T20:55+0300
2025-02-22T20:55+0300
2025-02-22T20:56+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
владимир путин
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/13/1053844946_0:0:1024:577_1920x0_80_0_0_c4e7b993a048840fcf1e99e676edaf5e.jpg
Ҵәыџьба Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку абаҟа Лашькьындар аргыларазы: хьыӡкамыршәгахон
Sputnik Аҧсны
Ҵәыџьба Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку абаҟа Лашькьындар аргыларазы: хьыӡкамыршәгахон
Асоциалтә проектқәа аԥара рзоужьраз азыҳәақәа ралаҵара асхема ддырдырит атәыла араионкәеи ақыҭақәеи рхаҭарнакцәа. Ари аус инамаданы аҳҭнықалақь аҟны еиҿкаан асеминар. Уаҟа Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд анапхгаҩы Илиа Чукалин инарҭбааны дырзааҭгылеит аԥҟарақәеи, еиҳа аԥыжәара зҭахо апроектқәеи. Зегь раԥхьаӡа иргыланы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку абаҟақәа реиҭашьақәыргыларазы апроектқәа адгылара рыҭахоит. Лашькьындар ақыҭа ахада Иури Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны иҭахаз рыхьӡала абаҟа аргылара ишазыԥшу,Лашькьындарнтә Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 83-ҩык, урҭ рахьынтә 26-ҩык зымхынҳәӡеит, 8-ҩык иахьа уажәраанӡа хабарда ибжьаӡны иҟоуп ҳәа ԥхьаӡоуп, иҳәеит Ҵәыџьба."Рыхьӡ зҳәо (Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз-азгәаҭа) ҳқыҭаҟны баҟоума, амемориал аума иҟаӡам. Ус ашкол ауадаҟны рыхьӡ зҳәо кәакьк ҳамоуп.Иахьа уажәраанӡа ҳгәы иҵхоит ари азҵаара. Абарҭ рыхьӡ зҳәо еиҿкаазар, даара иус бзиоуп ", - иҳәеит Ҵәыџьба.Иара иазгәеиҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз, иҭахаз рых ьӡала абаҟа аргылара алыршара хьыӡкамыршәганы, аҭоурых ахамшҭра акәны ишыҟало.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.Урыстәыла ахада Владимир Путин анапынҵа ҟаиҵеит игрантқәа рфонд Аԥсназы иҷыдоу апрограмма анагӡара иалагаразы. Уи хықәкыс иамоуп аԥсуа жәлар Аиааира Ду аҿы иҟарҵаз алагала агәалашәара аиқәырхара. Аԥара абаҟақәеи, амемориалқәеи, аибашьцәа рыԥсыжырҭақәеи реиҭашьақәыргылара иазырхахоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/13/1053844946_0:0:1024:768_1920x0_80_0_0_387dee331e2baf4d404e0defb3132a61.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио, владимир путин
аԥсны, аподкаст, аудио, владимир путин
Асоциалтә проектқәа аԥара рзоужьраз азыҳәақәа ралаҵара асхема ддырдырит атәыла араионкәеи ақыҭақәеи рхаҭарнакцәа. Ари аус инамаданы аҳҭнықалақь аҟны еиҿкаан асеминар. Уаҟа Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд анапхгаҩы Илиа Чукалин инарҭбааны дырзааҭгылеит аԥҟарақәеи, еиҳа аԥыжәара зҭахо апроектқәеи. Зегь раԥхьаӡа иргыланы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку абаҟақәа реиҭашьақәыргыларазы апроектқәа адгылара рыҭахоит. Лашькьындар ақыҭа ахада Иури Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны иҭахаз рыхьӡала абаҟа аргылара ишазыԥшу,
Лашькьындарнтә Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 83-ҩык, урҭ рахьынтә 26-ҩык зымхынҳәӡеит, 8-ҩык иахьа уажәраанӡа хабарда ибжьаӡны иҟоуп ҳәа ԥхьаӡоуп, иҳәеит Ҵәыџьба.
"Рыхьӡ зҳәо (Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз-азгәаҭа) ҳқыҭаҟны баҟоума, амемориал аума иҟаӡам. Ус ашкол ауадаҟны рыхьӡ зҳәо кәакьк ҳамоуп.Иахьа уажәраанӡа ҳгәы иҵхоит ари азҵаара. Абарҭ рыхьӡ зҳәо еиҿкаазар, даара иус бзиоуп ", - иҳәеит Ҵәыџьба.
Иара иазгәеиҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз, иҭахаз рых ьӡала абаҟа аргылара алыршара хьыӡкамыршәганы, аҭоурых ахамшҭра акәны ишыҟало.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Урыстәыла ахада Владимир Путин анапынҵа ҟаиҵеит игрантқәа рфонд Аԥсназы иҷыдоу апрограмма анагӡара иалагаразы. Уи хықәкыс иамоуп аԥсуа жәлар Аиааира Ду аҿы иҟарҵаз алагала агәалашәара аиқәырхара. Аԥара абаҟақәеи, амемориалқәеи, аибашьцәа рыԥсыжырҭақәеи реиҭашьақәыргылара иазырхахоит.