Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афондқәа "Круг добра", "Ашана" Аԥсны инхо ахәыҷқәа рыхәшәтәразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодписание соглашения о сотрудничестве между фондами "Круг добра" и "Ашана"
Подписание соглашения о сотрудничестве между фондами Круг добра и Ашана - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. "Круг добра" афонди акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Аԥсны аҵакыраҿы инхо, Урыстәыла атәылауаҩра змоу ахәыҷқәа лассы-лассы иуԥымло ачымазара ӷәӷәақәа рзы ахәшәқәа рыла реиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Ахашаҽны Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Афонд "Круг добра" анапхгара ахантәаҩы Александр Ткаченкои Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы азинмч змоу, акультура-гәыҳалалратә Фонд "Ашана" анапхгаҩы Мактина Џьынџьалԥҳаи.
"Сара даара сеигәырӷьоит Урыстәылатәи Афедерациа иатәылауаау ахәыҷқәа, уажәазы Аԥсны иҟоу, уахь аԥсшьара ицо, зыуацәа ирҭаауа, аҳақьымцәеи аҟазауааи рҟынтәи азанааҭтә цхыраара аиуразы алшара ахьроуа. Афонд "Ашана" абри аганахьала аҽазышәарақәа акыррыҵаркуеит арҭ ахәыҷқәа ацхыраара рыҭааҿы", — ҳәа иҳәеит Ткаченко Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраан.
Иара иҳәеит анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра абзоурала Урыстәыла атәылауаҩра змоу ахәыҷқәа хымԥада Аԥсны иахәҭоу амедицинатә цхыраареи аҟазауаа рҟынтәи ахылаԥшреи шроуа. Аиқәшаҳаҭра иазԥхьагәанаҭоит зеиԥш маҷу ачымазарақәа рыхәшәтәраҿы аҟазауаа рыцхыраара аусхк аҟны инарҭбааны аимадара, адыррақәа реимдара, абжьгарақәа рыҟаҵара.
"Ари ахәыҷқәа зегь мҽхкы ҭбаала адгылара шроуазы агәрагара узҭо аиҩызара ду иалагамҭоуп", — ҳәа иҳәеит Ткаченко.
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ашьаҭаркҩы Беслан Шьакаиа инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа аусеицура аганахьала акыр зҵазкуа аетап аҿы ишыҟоу, анапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра ачымазара ӷәӷәа змоу ахәыҷқәа рыцхраара ахырхарҭала аган ҿыцқәа рацәаны ишаанартуа.
"Аԥснытәи афонд "Ашана", Урыстәыла Ахада ифонд "Круг добра" ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иахьазы ҳара ҳзы хәы змам акоуп. Ари Аиқәшаҳаҭра ҳаимадарақәа рырҿиара мацара иазырхам, ахәыҷқәа уаҵәтәи рԥеиԥш азы еицҳаду аҭакԥхықәра аанарԥшуеит", — иҳәеит Шьакаиа.
Шьакаиа иҭабуп ҳәа реиҳәеит анапы зҵаҩыз Аиқәшаҳаҭра аиқәыршәара иалахәыз зегьы.
Второй этап диспансеризации начался в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2025
Аԥсны
Урыстәыла аҳақьымцәа Аԥсны ахәыҷқәа рдиспансеризациа аҩбатәи аетап хацдыркит
Ажәабжьқәа зегьы
0