Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла аицлабраҿы аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьан

© SputnikВручены награды победителям конкурса Союза журналистов Абхазии к 150-летию со дня рождения Дмитрия Гулиа
Вручены награды победителям конкурса Союза журналистов Абхазии к 150-летию со дня рождения Дмитрия Гулиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра иазкны Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла аицлабраҿы аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьан.
Sputnik Аԥсны ҩ-ҳамҭак аиуит:
Аноминациа "Арадиои аинформациатә маҵзурақәеи" аҿы актәи аԥхьахә анашьахеит Елеонора Коӷониаԥҳаи Инал Лазбеи рдырраҭара "Дырмит Гәлиа ифеномен"
Аноминациа "Акьыԥхь" аҿы аҩбатәи аԥхьахә анашьахеит Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа лыстатиа "Ихьшәашәоу "ашәахсҭақәа зну": Дырмит Гәлиа Аҟәатәи иҩны аԥсҭазаашьа".
Аноминациа "Ателехәаԥшра" аҿы актәи аԥхьахә анашьан Инна Ҳаџьымԥҳа Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыраҿтәи лтелепроект "Сыхаара сыԥсадгьыл", аҩбатәи аԥхьахә анашьан Абаза-ТВ апроект "Ҳара ҳ-Дырмит". Аноминациа "Акьыԥхь" аҿы актәи аԥхьахә анашьан Вахтанг Аԥҳазоу иҩымҭа "Аҟармаҵыс ашәа", аноминациа "Арадиои ажәабжьтә маҵзурақәеи" аҿы аҩбатәи аԥхьахә анашьан Аԥсуа радио апрограмма "Аамҭеи ауаҩи".
Аныҳәатә уснагӡатә мҩаԥысит Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа иҩны-музеи аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0