Sputnik амчыбжь: ахада Бадра Гәынба, "Аиааира адәыӷба", Москвантәи Аҟәаҟа ареис ҷыда
09:00 03.03.2025 (ирҿыцуп: 09:06 03.03.2025)
© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии 2025

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жәабран 24 инаркны хәажәкыра 2 рҟынӡа Аԥсны аҭыԥ змаз ахҭысқәа рыхҳәаа.
Аԥсны ахада иалхрақәа шымҩаԥысыз, ахадарахьы акандидатцәа Бадра Гәынбеи Адгәыр Арӡынбеи абыжьқәа заҟа роуыз, ареспубликаҿы ахәыҷқәа рдиспансеризациа шымҩаԥысуа, абрифинг аҿы Сергеи Кириенко ажурналистцәа иреиҳәаз, ажурналистцәа реидгыла аиндаҭлараҿы аиааира згаз ртәы Sputnik аматериал аҿы.
Ахада ҿыц
Ииасыз асабшаҽны, хәажәкыра 1 азы Аԥсны имҩаԥысит ахада иалхрақәа. Ари ахҭыс иаԥхьанеиуан Аԥснуа телехәаԥшраҿы жәабран 27 рзы акандидатцәа Бадра Гәынбеи Адгәыр Арӡынбеи рдебатқәа.
Акандидатцәа ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟарҵеит, аӡәи-аӡәи азҵаарақәа реибаҭаразы алшара роуит, дара уи рхы иадырхәеит. Гәынбеи Арӡынбеи аԥсуа уаажәларра ргәы иҵхо атемақәа жәпакы ирылацәажәеит, урҭ рзы ргәаанагарақәагьы рҳәеит.
Абжьыҭира асабша асааҭ 08:00 рзы иалагеит. Аԥсны иахьаҵанакуа 35 алхратә округқәа рҿы 150 инареиҳаны алхратә ҭыԥқәа аартын. Жәабала атәылақәа рҟынтәи анаԥшыҩцәа абжьыҭира апроцесс иацклаԥшуан.
Хәылбыҽханӡа аҭагылазаашьа ҭынчын, аха асааҭ 19:30 рзы Гагра араион Цандрыԥшьтәи аҩбатәи абжьаратә школ аҿы иаартыз алхырҭатә ҭыԥ абџьар рыманы иақәлеит, уи иахҟьаны абжьыҭиратә бӷьыцқәа зҭарыԥсо акәалаԥи адокументқәеи аԥхасҭа роуит.
Ақәылара ҟазҵаз рмашьынақәа рыла абналара рҽазыршәеит. Урҭ ирышьҭалаз аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Мысра" амҩа ааныркылеит, ақәылаҩцәа ирыҭаз адҵа иқәымныҟәакәа ахысра иалагеит. Аиҿахысра аан амашьынақәа руак аныҟәцаҩ аԥсҟы имҟәыҵҟьеит, амашьына ажра иҭаҳаит. Аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирыцҵоуп.
Ацәгьоуцәа раанкыларазы аоперативтә план рылаҳәан. Агәҩара зызрымаз раанкылараан, урҭ рҟынтәи ҩыџьа азакәанхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ирхәит. Ахәцәа ахәышәтәырҭахь иргеит. Уи азы ашьауӷатә ус аартуп.
Иара убасгьы еилкаахеит Урыстәыла аусеилыргаратә Еилакы атерроризмгьы уахь иналаҵаны Урыстәылатәи Афедерациа ашьаусҭҵааратә кодекс ахәҭаҷқәа жәпакы инарықәыршәаны, Аԥсны атәылауаҩра змоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рганахь ала имҩаԥгаз ацәгьаурақәеи азинеилагарақәеи рфактқәа инарыдҳәаланы ашьауӷатә усқәа шаанартыз.
Аԥсны алхратә комиссиа Хада амҽышаҽны абжьыҭира заанаҵтәи алҵшәақәа рыланаҳәеит. Абжьыҭира аихшьаалақәа рыла, Бадра Гәынба алхрақәа рҿы абжьыҭира аҩбатәи атур аҿы аиааира игеит, Аԥсны ахадас далхуп ҳәа иҳәеит ареспублика алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
"Гәынба Бадра 54,73% абыжьқәа иоуит, уи 54 954-ҩык ауааԥсыра ирыбжьуп. Абжьыҭира алҵшәақәа рыла, Гәынба Бадра Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас далхуп", ҳәа иҳәеит иара абрифинг аҿы.
Аҩбатәи акандидат Адгәыр Арӡынба 41,5% абжьқәа игеит.
Алхрақәа рхы аладырхәит 70% атәыла ауааԥсыра. Аԥсны атәылауаа 100412-ҩык рыбжьы рҭиит. Урҭ рҟынтәи 2065-ҩык зегьы ирҿагылан рыбжьы рҭиит.
Сергеи Кириенко ибрифинг
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко абрифинг мҩаԥигеит, ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит, Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ирызку азҵаарақәагьы дрылацәажәеит.
Кириенко иазгәеиҭеит, Урыстәыла Аԥсни иареи реизыҟазаашьақәа апатуеиқәҵареи агәреибагареи рыпринципқәа рыла иақәгылап ҳәа ишақәгәыӷуа, Урыстәыла аринахысгьы ареспублика асоциал-економикатә ҿиаразы акраамҭатәи апланқәа рынагӡара ишазхиоу.
"Ҳара ҳгәы иҭоуп акыр зҵазкуа, хра злоу, акраамҭатәи аусеицура, аха, жәаҳәарада, ас еиԥш апартниорратә усура, аҳаҭыреиқәҵареи агәреибагареи рышьаҭала мацара ауп ишьақәгылар шалшо. Аҳаҭыреиқәҵареи агәреибагареи наҟ-ааҟгьы еицаадырԥшлароуп, ажәақәа ракәымкәа аусқәа роуп ахәшьарагьы зҭалатәу", — иҳәеит Кириенко.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни уаанӡа ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭрақәа зегьы иахьа рынагӡара шымҩаԥысуа.
Кириенко иара убасгьы иазгәеиҭеит, Урыстәыла хымԥада агәра ганы ишыҟоу, лаҵара 1 инаркны Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа аҳаиртә еимадара амҩаԥгара шалыршахо. Жәабранмза алагамҭазы, 30 шықәса инареиҳаны иҟаз аиԥҟьара ашьҭахь, Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза Москвантәи раԥхьаӡатәи аҳаирыплан аднакылеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿар русқәеи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки аҳәынҭқарра ахада иплатформа "Урыстәыла – Алшарақәа ртәылеи" рыбжьара абаҩхатәра злоу аҿар рыцхырааразы еицырзеиԥшу аусура аформат ҿыцқәа радгалара иазырхоу аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит,. Анапхгаҩцәа реицлабра амодель "Урыстәыла аԥхьагылаҩцәа" шьаҭас иҟаҵаны, аицлабра "Аԥсны акоманда" хацыркуп.
Урыстәылатәи акадртә еицлабрақәа рпринцип ала имҩаԥысуа аицлабра "Аԥсны акоманда" ареспублика ауааԥсыра даара ишыргәаԥхо ааԥшит. Уи алахәхаразы арзаҳалқәа ҟарҵеит ҩ-нызқьҩык инареиҳаны ҳәа ажурналистцәа иреиҳәеит Сергеи Кириенко.
Амеморандуми аусуратә плани
Ашәахьа, жәабран 24 рзы Аԥсны аҵара аминистр ин.н Инал Габлиеи Урыстәыла Аҵара аминистр Сергеи Кравцови аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит, иара убас 2025 шықәсазы еицырзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа шьақәдырӷәӷәеит.
Аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аусеицура аҵарадырраҿы ихадоу ахырхарҭақәа аҵанакуеит – арҵаҩцәа разыҟаҵара, ашколқәа ҳаамҭазтәи атехникала реиқәыршәара, арҵаҩцәа рыбжьара аԥышәа аимдара, аҵаратә ҭагылазаашьа аҿиара.
"Иахьа ҳнапы зҵааҩыз амеморандум, ари ҳаиқәшаҳаҭрақәа зырӷәӷәо, аусеицура анаҩстәи аҿиара зыӡбо хра злоу шьаҿоуп", ҳәа азгәеиҭеит Кравцов.
Габлиа урыстәылатәи иколлегацәа иҟарҵаз адгыларазы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, инаҵшьны иазгәеиҭеит амеморандум атәылақәа рыбжьара аҵарадырратә еимадарақәа рыҿиара аизҳара шанаҭо.
Адиспансеризациа
Ииасыз амчыбжь азы Урыстәылатәи аҳақьымцәа Аԥсны ахәыҷқәа рыцхраара иацырҵоит: адиспансеризациа амҩаԥгара аҩбатәи аетап хацыркхеит.
Уажәы раԥхьатәи агәаҭараан згәабзиараҟны ауадаҩрақәа аарԥшыз ахәыҷқәа инарҭбаау агәаҭара иахрыжьуеит.
Инарҭбааны аԥснытәи ахәыҷқәа амедицинатә гәаҭара рахыжьра иалагеит жәабран 12 рзы, ихыркәшахоит лаҵарамзазы. Жәабран 26 рзы агәаҭара иахрыжьхьеит 2000-ҩык ахәыҷқәа.
Агәаҭарақәа аҭаацәа рақәшаҳаҭрала имҩаԥыргоит. Ахәыҷқәа рдиспансеризациа Аԥсны зегьы амҽханакуеит, амедикцәа лаҵарамза анҵәамҭанӡа 25 нызқьҩык инареиҳаны ауаа ргәаҭара ргәы иҭоуп. Адиспансеризациа адыррақәа аҭыԥаҿтәи аполиклиникақәа рахь инарышьҭуеит ицифраркны.
Аҩбатәи аетап аан агәаҭара-уҵақәа мҩаԥгахоит, иаҭаххар иналукааша урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа рҿы ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр и.н. Едуард Быҭәба.
Аҟәантәи Москваҟа аборт ҷыда ала
Ахәаша, жәабран 28 рзы Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҟнытә Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аҳаирплан Москваҟа аҽыхәшәтәразы фҩык ачымазцәа агеит. Аҳаирплан шьҭыԥрааит еиҭашьақәдыргылаз В. Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәазаҟынтәи.
Арҭ ауаа ацхыраара рыҭаразы Аԥсны иахәҭоу алшарақәа ыҟаӡам. Урҭ рыбжьара иҟоуп ҩыџьа ахәыҷқәа адиспенсеризациа амҩаԥгараан ачымазара здырбалаз. Иара убасгьы дыҟоуп, аибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа. Уи Вишневски ихьӡ зху ацентр ахь ддәықәырҵоит. Дара зегьы иҳараку атехнологиатә цхыраара рҭахуп.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ин.н. Едуард Быҭәба ишиҳәаз ала, урҭ Москваҟа рдәықәҵаразы аӡбара рыдыркылеит Урыстәыла иаԥхьагылоу ацентрқәа рҿынтәи ателемедицинатә еимадара ашьҭахь. Усеиԥш иҟоу асеансқәа рымҩаԥгара аус Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы еиҿкаауп. Аҳақьымцәа рконсилиум ачымазцәа Урыстәылаҟа ргаразы аӡбара аднакылеит.
Ахәыҷқәа хәшәыла реиқәыршәара
"Круг добра" афонди акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Аԥсны аҵакыраҿы инхо, Урыстәыла атәылауаҩра змоу ахәыҷқәа лассы-лассы иуԥымло ачымазара ӷәӷәақәа рзы ахәшәқәа рыла реиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Ахашаҽны Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Афонд "Круг добра" анапхгара ахантәаҩы Александр Ткаченкои Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы азинмч змоу, акультура-гәыҳалалратә Фонд "Ашана" анапхгаҩы Мактина Џьынџьалԥҳаи.
"Сара даара сеигәырӷьоит Урыстәылатәи Афедерациа иатәылауаау ахәыҷқәа, уажәазы Аԥсны иҟоу, уахь аԥсшьара ицо, зыуацәа ирҭаауа, аҳақьымцәеи аҟазауааи рҟынтәи азанааҭтә цхыраара аиуразы алшара ахьроуа. Афонд "Ашана" абри аганахьала аҽазышәарақәа акыррыҵаркуеит арҭ ахәыҷқәа ацхыраара рыҭааҿы", — ҳәа иҳәеит Ткаченко Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраан.
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ашьаҭаркҩы Беслан Шьакаиа инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа аусеицура аганахьала акыр зҵазкуа аетап аҿы ишыҟоу, анапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра ачымазара ӷәӷәа змоу ахәыҷқәа рыцхраара ахырхарҭала аган ҿыцқәа рацәаны ишаанартуа.
Аиааира аиубилеи азы
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа "1941-1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҿы игаз Аиааира 80 шықәса ахыҵра" амедалқәа ранаршьеит ареспубликаҿы инхо аветеранцәа Елена Водзинскаиа, Илиа Христианов, Нона Дорофеева, Нона Молоӷлы.
Аветеранцәа аҳамҭақәа ранаршьеит Урыстәыла ахада Владимир Путин ихьӡала ҳәа аанацҳаит адипломатиатә хаҭарнакра.
Иара убасгьы иҳаҩсыз амчыбжь азы еилкаахеит Урыстәыла Аҳәынҭқарра ахада игрантқәа Рфонд ареспублика ақыҭақәа 24 рҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәеи Аԥсны афырхацәеи рбаҟақәа реиҭашьақәыргыларазы 20 миллион мааҭ шазоужьу.
Уажәазы даҽа 24 арзаҳал рыхәаԥшра мҩаԥысуеит – урҭгьы иаарласны ақыҭақәа рхадацәа рҿы аус рыдулара хыркәшахоит, аԥаратә хархәагақәа роурц, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ралагаразы – избан акәзар, Аиааира Ду 80 шықәса ахыҵра ҩымз рҟынӡоуп иаанхаз.
Апрограмма Владимир Путин иҟаиҵаз аӡбарала анагӡара мҩаԥысуеит. Иарбанзаалак аԥсуа қыҭа рҿы Аџьынџьтәылатә еибашьреи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи ирыдҳәалоу амемориалтә ҭыԥқәа реиӷьтәразы аԥара аиура алшоит. Уи азы, ииашаны арзаҳалқәа харҭәааны, хәажәкыра 5 нҵәаанӡа ирыҭатәуп.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи рфырхацәа рбаҟақәа реиҭашьақәыргыларазы Урыстәыла ахада игрантқәа раиуразы, арзаҳалқәа рыҭара аамҭа хәажәкыра хәбанӡа иацҵоуп.
Аԥснытәи ажурналистцәа аҳамҭақәа роуит
Жәабран 27 рзы Аԥсны ажурналистцәа рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭеит. Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра иазкны Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла аицлабраҿы аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьан жәлар рпоет Дырмит Гәлиа иҩны-музеи аҿы.
Sputnik Аԥсны ҩ-ҳамҭак аиуит:
Аноминациа "Арадиои аинформациатә маҵзурақәеи" аҿы актәи аԥхьахә анашьахеит Елеонора Коӷониаԥҳаи Инал Лазбеи рдырраҭара "Дырмит Гәлиа ифеномен".
Аноминациа "Акьыԥхь" аҿы аҩбатәи аԥхьахә анашьахеит Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа лыстатиа "Ихьшәашәоу "ашәахсҭақәа зну": Дырмит Гәлиа Аҟәатәи иҩны аԥсҭазаашьа".
Аноминациа "Ателехәаԥшра" аҿы актәи аԥхьахә анашьан Инна Ҳаџьымԥҳа Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыраҿтәи лтелепроект "Сыхаара сыԥсадгьыл", аҩбатәи аԥхьахә анашьан Абаза-ТВ апроект "Ҳара ҳ-Дырмит". Аноминациа "Акьыԥхь" аҿы актәи аԥхьахә анашьан Вахтанг Аԥҳазоу иҩымҭа "Аҟармаҵыс ашәа", аноминациа "Арадиои ажәабжьтә маҵзурақәеи" аҿы аҩбатәи аԥхьахә анашьан Аԥсуа радио апрограмма "Аамҭеи ауааи".
Аҿар рыцхыраара
Аԥсны иаԥҵахоит аҿар рхаарԥшразы хра змоу асоциалтә ҿиареи алшара еиҟарақәа рыҭареи ирзырхоу асистема.
Жәабран 25 рзы Аҟәа ақалақь аҿы астол гьежь "Асоциалтә лшарақәа аусураҿы: акадртә еицлабрақәа алшара ҿыцқәа шаԥырҵо" мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә акадртә еицлабра "Аԥсны акоманда" иазкын.
Жәабран 12 инаркны анапхгаҩцәа раарԥшра иазку ари аицлабра иалахәхаразы ҩ-нызқьҩык инареиҳаны ареспублика ауааԥсыра арзаҳалқәа аларҵахьеит. Убри аан арзаҳалқәа алазҵахьоу реиҳараҩык (71%) 25 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҿар роуп. Аицлабра амҩаԥгара аԥшьызгаз Аԥсны ахадарахьы акандидат Бадра Гәынба иоуп. Аицлабра шьаҭас иамоуп урыстәылатәи "Урыстәыла аԥхьагылаҩцәа" аконцепциа. Уи аобиективтә критериқәа шьаҭас измоу асоциалтә лшарақәа рсистема аиҿкаарахь актәи шьаҿаны иҟалеит.
Аицлабра алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара аҿҳәара хәажәкыра 10 рҟынӡа инахеит. Аиааира згаз Аԥсны анапхгаратә резерв иаҵанакраны иҟоуп, урҭ атәыла аԥхьаҟатәи аԥеиԥш аҳәаақәҵара рылшоит.
Урыстәылатәи Афедерациа аҵарадырра аминистр Сергеи Кравцов идҵала, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟынтәи ахәыҷқәа жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр "Ҟрым. Артек. Урыстәыла" аҟны еиҿкаау ахԥатәи асменахь ицоит.
Аусмҩаԥгатәқәа марафонҵас имҩаԥысуеит асмена зегьы иалагӡаны. Ашколхәыҷқәа Ҟрымтәи ааԥынра аҭоурыхтә хҭысқәа лабҿаба избаз рԥылареи, ахәыҷтәы референдум рхы рылархәреи, аҭҵааратә усурақәа рымҩаԥгареи, аинтеллектуалтә хәмаррақәа рымҩаԥгареи рзы алшара роуеит.
2014-2024 шықәсқәа рыбжьара Аԥснынтәи 200-ҩык ахәыҷқәа жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр иаҭааит. Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵарадырра аминистр Инал Габлиа "Артек" анапхгара имҩаԥырго аусеицуразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Урыстәыла Аԥсны арҵаратә система аҿиара иацхраауеит. Ииасыз амчыбжь азы ашколқәа 22 мобилтә компиутертә класс рынаҭеит.
Ахәыҷқәа уаҟа еиуеиԥшым амаҭәарқәа рҵалар рылшоит, арҵаҩцәа онлаин аҟазаратә-классқәа ирылахәхоит.
"Ари ашколқәа рҿы аҵарадырратә процесс иинновациатәны, алҵшәа бзиа аманы иҟанаҵоит, ахәыҷқәа рыбжьара аҵарахьы аинтерес еизнарҳауеит", — ҳәа азгәеиҭеит аиҿкаара "Россия Молодая" Краснодартәи аҟәша аиҳабы Роман Марченко.
Зегь раԥхьа компиутерла еиқәдыршәаз аҵараиурҭақәа иреиуоуп К. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи алицеи-интернат. Уаҟа ирыҭаз акомпиутерқәа рыла аҵаҩцәа рзы раԥхьатәи аурок мҩаԥган.
Амедиашкола "Евразиа"
Урыстәылатәи амедиа-школ "Евразиа" ажурналистцәеи аблогерцәеи рзы Аԥсныҟа атур еиҿнакааит.
Аҟәаҟа иааит Евгени Поддубныи, Андреи Жариков, Антон Воицеховски. Урҭ рԥышәеи рдырреи аԥсуа журналистцәеи, апродюсерцәеи, иҷыдоу аҵараиурҭақәа рҟынтәи астудентцәеи ирыцеиҩыршеит.
Евразиа амедиа-школ апроект ахаҭа ажурналистцәеи аблогерцәеи рԥышәа аимдаразы иаԥҵан. Уи адырра аизырҳареи раԥхьатәи ашьаҿақәа рыҟаҵареи рзы мацара акәымкәа, азанааҭтә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы алшара аԥнаҵоит, амедиаҿы аусуразы аԥеиԥш бзиақәа аанартуеит.
Аусмҩаԥгатә алахәылацәа алшара роуеит ателецентр Останкино аҭаара, Урыстәыла иреиҳау ателеканалқәа рдырраҭарақәа шаԥҵахо рбара, иара убас аԥхьагылара змоу амассатә хархәагақәа рредакциақәа русура атәы аилкаара.
Акинофорум Аҟәа
Аҟәа иаатит Жәларбжьаратәи афорум "Эхо "Евразия-Кинофест". Аԥсны апроект АНО "Евразиа" ахьымҩаԥысуа аҩбатәи тәылоуп. Евразиатәи акино актәи афорум Бишкек ақалақь аҿы имҩаԥысит.
Аиҿкааҩцәа рҽазыршәоит "Евразия-Кинофест" иалахәыз иреиӷьу акиносахьақәа ахәаԥшцәа дырбара, насгьы акино абзоурала иреиӷьу атрадициақәа рыхьчареи апатриотизм алааӡареи.
"Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара ашықәс азы даҽазныкгьы иаҳгәалаҳаршәароуп ҳара жәларык шҳакәу, Аиааира шеицаҳзеиԥшу", — ҳәа Аҟәа имҩаԥысуаз афестиваль аартра ацеремониаҿы иҳәеит акультурабжьаратә программақәеи жәларбжьаратәи апроектқәеи рнапхгаҩы Виачеслав Матвеичук.
Sputnik аинтервиу аҭо Матвеичук иҳәеит Аԥснытәи аҿар "Евразиатәи акинолабораториа" рхы аладырхәыр рылшоит, насгьы акинофестиваль аҿы рхатәы фильмқәа раарԥшра рылшоит ҳәа. Ари азҵаара иалацәажәеит Евразиа акинематографистцәа рҿар Рассоциациа (ИАКЕ) анаԥхгаҩцәеи алахәылацәеи, арратә хьӡи-ԥша амузеи аҿы аԥснытәи акиномотографистцәа қәыԥшцәа алархәны.
"Аиааира адәыӷба", "Ласточка", автобусқәа
"Аиааира адәыӷба" жәабран 23 рзы Аԥсныҟа иааит, уи ареспубликаҿы ԥшьымш иҟан. Хымш Аҟәатәи авокзал аҿы игылан, иара убасгьы Гәдоуҭеи Гагреи мышкы-мышкы игылан. Уи аамҭа иалагӡаны аинтерактивтә музеи 7400-ҩык инареиҳаны ауаа аҭааит.
Амузеи аҿы еиҭаҳәоуп 1941- 1945 шш. рзтәи аибашьра ашықәсқәа рыхҭысқәа. Иахьатәи амультимедиатә технологиақәа – апроекторқәа, аекранқәа, авидеоҭӡамцқәа, ареалитет аизырҳаратә елементқәа, акәша-мыкәшатә бжьы – аҭоурыхтә атмосфера уҽалаурхәыртә алшара узҭо аҟазаара аеффект аԥырҵоит.
Жәабран 27 рзы Шәачантәи Аҟәаҟа иааит раԥхьатәи афымцадәыӷба "Ласточка".
"Сириус", "Имеретиатәи акурорт" ("Аолимпиатә парк" ҳәагьы иашьҭоуп) аангыларҭа аҟынтәииқәҵыз иҷыдоу ареис Аҟәанӡа иааит.
"Уажәшьҭа Аҟәаҟа еиҳа ирццакны, иманшәаланы ааразы алшара ыҟоуп", — ҳәа лҳәеит адәыӷба апассаџьыр Шьаризан Шьакаиаԥҳа лцәаныррақәа аарԥшуа.
Атранспорт аганахь ала, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара есышықәса аизҳара иаҿуп, убри азоуп ари адәыӷба аныҟәара залырхызгьы ҳәа иҳәеит "Урыстәылатәи аихамҩақәа" рдиректор ихаҭыԥуаҩ Иван Колесников.
Иара иажәақәа рыла, ари ахырхарҭала иааиԥмырҟьаӡакәа аныҟәара азгәаҭоуп лаҵара 1 инаркны.
Ииасыз амчыбжь азы Урыстәыла Аԥсны ашколқәа рзы даҽа жәа-втобуск "Газель Next" ҳамҭас иаанашьҭит. Уажәы урҭ рхыԥхьаӡара 30 ыҟоуп.
Москва, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко ареспублика иаҭаараан ихахьы иигаз ахыдҵақәа рынагӡара иаҿуп.
"Уаанӡа ҳара ашколхәыҷқәа рзы атранспорт ҳамамызт, аҭаацәа рхала ишрылшоз ала иргон-иааргон. Ахәыҷқәа рзы даара ихәарҭахоит", — иҳәеит Тҟәарчал ашколқәа руак автобус аныҟәцаҩ.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы Урыстәыла Аԥсны ҳамҭас ианаҭеит 40 автобус.
Абас ала, ашколтә автобусқәа рзы Аԥсны иамоу аҭахрақәа шамахамзар зегьы нагӡахеит ҳәа азгәеиҭеит Аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Инал Габлиа.
Бадра Гәынба иҳәеит зхы иамыхәо ахәыҷқәа рзы аусбарҭақәа иҷыдоу атранспорт ала реиқәыршәаразы урыстәылатәи иколлегацәа рахь аҳәара ҟаиҵарц игәы ишҭоу.
Афестиваль "Аԥхьарца"
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аԥсуа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа роркестрқәа рфестиваль "Аԥхьарца".
Уи рхы аладырхәит ҳтәылаҿы акультуратәи аҵаратә усбарҭақәеи роркестрқәа, иара убас Лазаревсктәи ансамбли.
Афестиваль аиҿкааҩ, И. Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиаратә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа иажәақәа рыла, ари афестиваль жәиԥшьынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи, есышықәса алахәцәагьы еиҳа-еиҳа ирацәахоит.
Иара иазгәеиҭеит, раԥхьаӡа афестиваль ахықәкы хадас иамаз аԥсуа музыкатә рҳәагақәа рахь азҿлымҳара аиҭарҿиара шакәыз.