00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Актуальный комментарий
Реализация программы по созданию системы единой базы данных
14:46
11 мин
Такие обстоятельства
Поддержка школ Абхазии: проекты "Фирон"
14:57
4 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Кьиут: Аԥсны алхратә ҭыԥ иақәлаз ацәгьоуцәа алхрақәа еиԥдырҟьар рҭахын

© Sputnik / Томас ТхайцукРоберт Киут
Роберт Киут - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Роберт Кьиут хәажәкыра 1 азы Цандрыԥшь алхырҭатә ҭыԥ ацәгьоуцәа анақәлаз ашьҭахь урҭ аушьҭратә ҭыԥ "Мысра" аҟны раанкылара зҽазызшәаз амилициа аусзуҩцәа рхымҩаԥгашьа ахҳәаа аиҭеит.
Абџьар зкыз ауаа гәыԥҩык алхырҭатә ҭыԥ иҩналаны ауаа ршәаны ахысра иалагеит ҳәа иҳәеит Кьиут "Аԥсны. Иахьа" аинтервиу аҭо.
Иара иажәақәа рыла, ацәгьоуцәа ацәгьоура ахьыруз аҭыԥ ааныжьны Гәдоуҭаҟа рхы рханы идәықәлеит, аушьҭратә ҭыԥ аусзуҩцәа урҭ раанкылара рҽазыршәеит. Мысратәи агәаҭарҭатә ҭыԥ аҿы ианнеиуаз, урҭ уа рымҩа кны иԥшын еиҳа ирӷәӷәаз амилициаа ргәыԥ. Агәҽанҵарақәеи иаангыларц азы адҵаҟаҵарақәеи рышьҭахь, азинхьчаратә усзуҩцәа агәҽанҵаразы ахысра иалагеит.
"Амилициа аусзуҩцәа аԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло ахҭысқәа аныҟоу изықәныҟәо амилициазы азакәан инақәыршәаны рхы мҩаԥыргеит", — ҳәа иҳәеит Кьиут.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, ацәгьоуцәа румҭа алхрақәа реилагара, атәылаҿы аҭагылазаашьа ашьақәҟьара ишазырхаз.
"Абри инадҳәаланы хымԥада иазгәасҭарц сҭахуп, амилициа аполитика ахы шаланамгало. Ҳусзуҩцәа рыхьӡқәа рыҟьашьразы аҽазышәарақәа ҳауаажәлар зегьы ирԥырхагоуп, ҳтәыла аҿиаразгьы ишәарҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит".
Кьиут иара убасгьы иҳәеит изышьҭаз руаӡәк уаанӡа амилициа аусзуҩ иганахьала абџьар ихы иаирхәеит ҳәа ишьҭазаара шрылаҳәаз.
Ажәабжьқәа зегьы
0