https://sputnik-abkhazia.info/20250307/uazhrazy-aku-uarazy-aku-asiuzhet--khaa-ashra-allegoria-iayrshny-1053893146.html
"Уажәразы акәу, уҿаразы акәу?" асиужет – "Ԥхьаҟа аԥшра" аллегориа иаҿырԥшны
"Уажәразы акәу, уҿаразы акәу?" асиужет – "Ԥхьаҟа аԥшра" аллегориа иаҿырԥшны
Sputnik Аҧсны
Ҵарада ахшыҩ змаз ҳәа ззырҳәоз аԥсуаа рдунеихәаԥшра, рфилософиа иагәылԥшуеит иҳаҩсхьоу аамҭа иазхәыцны иахьатәи амш мацаразы анхара ҳәа акәым, ԥхьаҟа аԥшра... 07.03.2025, Sputnik Аҧсны
2025-03-07T09:30+0300
2025-03-07T09:30+0300
2025-03-07T08:56+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/05/1031781766_0:280:2048:1432_1920x0_80_0_0_755e8d38bc63e0827ee60d9bfaa6368f.jpg
Ҵарада ахшыҩ змаз ҳәа ззырҳәоз аԥсуаа рдунеихәаԥшра, рфилософиа иагәылԥшуеит иҳаҩсхьоу аамҭа иазхәыцны иахьатәи амш мацаразы анхара ҳәа акәым, ԥхьаҟа аԥшра, ахара аԥшра. Ас еиԥш иҟоу адырра, аҟәыӷара ахала иаауам. Ҭоурыхла акыр мыҟәмабарақәа зхызгахьаз ажәлар, иара рыԥсҭазаара ахаҭа иднарҵеит ус анхашьа. Уи аныԥшуеит ажәлар рыбзазара аазырԥшуа аҿаԥыцтә ҳәамҭақәа. Хықәкыла иаҳҳәозар, аԥсуа лакә асиужет "уажәразы акәу, уҿаразы акәу?" ашьаҭа ҳазхьаԥшып.Анашанатә лакә афырхаҵа иаԥхьа иқәгылоит азҵаара: "Уажәразы акәу, уҿаразы акәу аԥсҭазаара бзиа уоурц ануҭаху?" ҳәа. "Уҿараан егьахкы урықәшәаргьы иулуршап, уажәра бзиахартә уаҳәа" ҳәа иабжьылгоит афырхаҵа иан, даҽа вариантқәак рҟны иԥшәмаԥҳәыс. Ус иагьыҟаиҵоит иара. Иҿара ашықәсқәа рзы алакә афырхаҵа акыр агәаҟрақәа дрыниоит: ақәылаҩцәа иԥҳәыс димырхит, ихәыҷқәа ицәыӡит, иара ҭуџьарк дидикылоит ԥссаҩыс. Аха иара аҵара иман, аҭуџьар идәқьан аҟны иҵагылаз ахәаахәҭҩы агхақәа анихьуаз дицхраауа далагеит, аҭуџьар уи гәеиҭан, хәаахәҭҩыс дҟаиҵеит. Уаҟагьы иусушьа игәаԥхан еиҳаз амаҵурахьы диаигеит, имал, иҩнра далаирхәит. Аҵыхәтәангьы ҳәынҭқарс дҟалоит. Иажәра аамҭазы ицәыргахьаз иԥҳәысгьы диргьежьуеит, изызҳахьаз ихәыҷқәагьы иԥшаауеит, иҳәынҭқарраҿгьы дынхоит."Уажәразы акәу, уҿаразы акәу?" асиужет абарҭ акатегориақәа ирыҿурԥшыр ауеит: "еимгеимцараки" – "нҵәара змами", "ииасхьои" – "иҟалашеи", "ақәыԥшреи" – "зҭәымҭа иҭагылои". Ари аҩыза азнеишьа аҳәынҭқарра – амилаҭ – ауаатәыҩса рынхашьа ирыдукылар ауеит. Асиужет нҭырҳәыцааны уанахәаԥшуа иубоит афырхаҵа – ажәлар ирылҵыз анхаҩы, ҭынч, ҭаацәашәала инхоз исоциалтә статус маҷ-маҷ, шьаҿа-шьаҿа аҳаракхара. Иара иалихыр ҟалон иҿаразынгьы аԥсҭазаара бзиа, аха усҟан иажәра, иҵыхәтәа хьанҭахон.Аԥсуаа рныҳәаҿа иалоуп: "Уажәымҭа шкәакәахааит!", "Уажәымҭа бзиахааит!", "Уажәымҭа хҭырԥашла иухугааит!" ҳәа. Иахьатәи амш акыр ауадаҩрақәа узаанагаргьы уаҵәтәи амш абзиахара аигәыӷра унанагоит. Агәыӷра мацарагьы акагь залнаршаӡом умч, улша ацумҵар. Зыӡбахә сымаз асиужет аҟны афырхаҵа иҭаацәа зегь аницәыӡ ахаҳә ихы аанҟьо аҽшьра даҿын аԥхьа. Уи аамҭаз ҽыуаҩык дибеит. "Иухьзеи?" ҳәа даниазҵаа, ихьыз иеиҳәеит, шьҭа дзынхоз ҳәа егьшыҟамыз. Убасҟан аҽыуаҩ дилабжьеит: "Абриазы ушԥаҽушьуеи, ахаҵа дызнымио егьыҟам!" ҳәа. Уинахыс ауп маҷ-маҷ "аҳаракырахь" амҩа данықәлазгьы.Адунеи ажәларқәа рфольклор реишьашәалара, географиала еицәыхароу ажәларқәагьы рсиужетқәа реизааигәара ажәлар ахьынхозаалакгьы рҭоурыхтә шьақәгылара амҩақәа, иааидкыланы рдунеихәаԥшра ахьеиԥшу ауп изыбзоуроу ҳәа азгәарҭахьеит аӡәырҩы аҵарауаа. Дунеи знымиац ҳанымиац аԥсуаагьы, уаҩы имыхьыц ҳмыхькәа ҳҟамлац. Аҭагылазаашьақәа зегьы рҟны ажәлар рдырра азхьаԥшра, аԥсҭазаара ииашаны ахә ашьара, ԥхьаҟа аԥшра зегьы ирыцкуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20240803/azhlar-rus-dara-irybaroup-akolnkharaa-asua-zhlar-raytst-zhabzha-rny-1051829526.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240206/ua-dynarkharts-uakhyzar-asnya-dyshy---aikhagylara-aas-asuaa-ry-1049989058.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/05/1031781766_0:88:2048:1624_1920x0_80_0_0_9acda77577d16ddacd502f73b406c8ab.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
жәлар рдоуҳа
Ҵарада ахшыҩ змаз ҳәа ззырҳәоз аԥсуаа рдунеихәаԥшра, рфилософиа иагәылԥшуеит иҳаҩсхьоу аамҭа иазхәыцны иахьатәи амш мацаразы анхара ҳәа акәым, ԥхьаҟа аԥшра, ахара аԥшра. Ас еиԥш иҟоу адырра, аҟәыӷара ахала иаауам. Ҭоурыхла акыр мыҟәмабарақәа зхызгахьаз ажәлар, иара рыԥсҭазаара ахаҭа иднарҵеит ус анхашьа. Уи аныԥшуеит ажәлар рыбзазара аазырԥшуа аҿаԥыцтә ҳәамҭақәа. Хықәкыла иаҳҳәозар, аԥсуа лакә асиужет "уажәразы акәу, уҿаразы акәу?" ашьаҭа ҳазхьаԥшып.
Анашанатә лакә афырхаҵа иаԥхьа иқәгылоит азҵаара: "Уажәразы акәу, уҿаразы акәу аԥсҭазаара бзиа уоурц ануҭаху?" ҳәа. "Уҿараан егьахкы урықәшәаргьы иулуршап, уажәра бзиахартә уаҳәа" ҳәа иабжьылгоит афырхаҵа иан, даҽа вариантқәак рҟны иԥшәмаԥҳәыс. Ус иагьыҟаиҵоит иара. Иҿара ашықәсқәа рзы алакә афырхаҵа акыр агәаҟрақәа дрыниоит: ақәылаҩцәа иԥҳәыс димырхит, ихәыҷқәа ицәыӡит, иара ҭуџьарк дидикылоит ԥссаҩыс. Аха иара аҵара иман, аҭуџьар идәқьан аҟны иҵагылаз ахәаахәҭҩы агхақәа анихьуаз дицхраауа далагеит, аҭуџьар уи гәеиҭан, хәаахәҭҩыс дҟаиҵеит. Уаҟагьы иусушьа игәаԥхан еиҳаз амаҵурахьы диаигеит, имал, иҩнра далаирхәит. Аҵыхәтәангьы ҳәынҭқарс дҟалоит. Иажәра аамҭазы ицәыргахьаз иԥҳәысгьы диргьежьуеит, изызҳахьаз ихәыҷқәагьы иԥшаауеит, иҳәынҭқарраҿгьы дынхоит.
"Уажәразы акәу, уҿаразы акәу?" асиужет абарҭ акатегориақәа ирыҿурԥшыр ауеит: "еимгеимцараки" – "нҵәара змами", "ииасхьои" – "иҟалашеи", "ақәыԥшреи" – "зҭәымҭа иҭагылои". Ари аҩыза азнеишьа аҳәынҭқарра – амилаҭ – ауаатәыҩса рынхашьа ирыдукылар ауеит. Асиужет нҭырҳәыцааны уанахәаԥшуа иубоит афырхаҵа – ажәлар ирылҵыз анхаҩы, ҭынч, ҭаацәашәала инхоз исоциалтә статус маҷ-маҷ, шьаҿа-шьаҿа аҳаракхара. Иара иалихыр ҟалон иҿаразынгьы аԥсҭазаара бзиа, аха усҟан иажәра, иҵыхәтәа хьанҭахон.
Аԥсуаа рныҳәаҿа иалоуп: "Уажәымҭа шкәакәахааит!", "Уажәымҭа бзиахааит!", "Уажәымҭа хҭырԥашла иухугааит!" ҳәа. Иахьатәи амш акыр ауадаҩрақәа узаанагаргьы уаҵәтәи амш абзиахара аигәыӷра унанагоит. Агәыӷра мацарагьы акагь залнаршаӡом умч, улша ацумҵар. Зыӡбахә сымаз асиужет аҟны афырхаҵа иҭаацәа зегь аницәыӡ ахаҳә ихы аанҟьо аҽшьра даҿын аԥхьа. Уи аамҭаз ҽыуаҩык дибеит. "Иухьзеи?" ҳәа даниазҵаа, ихьыз иеиҳәеит, шьҭа дзынхоз ҳәа егьшыҟамыз. Убасҟан аҽыуаҩ дилабжьеит: "Абриазы ушԥаҽушьуеи, ахаҵа дызнымио егьыҟам!" ҳәа. Уинахыс ауп маҷ-маҷ "аҳаракырахь" амҩа данықәлазгьы.
Аҳәынҭқарра иаҿырԥшны иуҳәозар, Анцәа ихазы иалихыз ари адгьыл шаҟаҩ ықәнагалахьада, шаҟаҩ ықәнацахьада, шаҟа мыҟәмабара рхыргахьоузеи уи иқәынхо ажәлар, аха еснагь ргәыӷра еиқәҳәалан иаазго уаҵәтәи амш азхәыцра, ԥхьаҟа рыԥшроуп! Ашәҟәыҩҩы Шамил Ԥлиа имшынҵақәа рҟынтәи даҟьақәак рҟны иҩуеит: "Аамҭа иаԥугарц, уаҵанамырӡырц – қәԥароуп, ҵароуп, дырроуп!" ҳәа.
Адунеи ажәларқәа рфольклор реишьашәалара, географиала еицәыхароу ажәларқәагьы рсиужетқәа реизааигәара ажәлар ахьынхозаалакгьы рҭоурыхтә шьақәгылара амҩақәа, иааидкыланы рдунеихәаԥшра ахьеиԥшу ауп изыбзоуроу ҳәа азгәарҭахьеит аӡәырҩы аҵарауаа.
Дунеи знымиац ҳанымиац аԥсуаагьы, уаҩы имыхьыц ҳмыхькәа ҳҟамлац. Аҭагылазаашьақәа зегьы рҟны ажәлар рдырра азхьаԥшра, аԥсҭазаара ииашаны ахә ашьара, ԥхьаҟа аԥшра зегьы ирыцкуп.